Атурнир рхы аладырхәуит Аԥсны зегьы еиԥш Урыстәыла – Адыгеиа, Даӷьсҭан, Шәача ақалақь рҟынтәи 100 - ҩык инареиҳаны аспортсменцәа. Аицлабрақәа 2007-2008, 2009-2010шш.рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара имҩаԥысуан.
2007-2008 шш. рзы ииз, 44 кьыла рҟынӡа иҟоу арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Шахбан Абдурахманов (Ареспублика Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Владислав Барцыц (ақ.Гагра).
48 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Мурад Пкьын (Цандрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ - Армик Мурадиан (Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥ - Шахбан Абдурахманов (Даӷьсҭан).
52 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Никита Лежьиа (ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Инал Ҭания ақ.Ҭҟәарчал), ахԥатәи аҭыԥ - Алмас Шанаа (ақ.Ҭҟәарчал).
57 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Рамазан Амиралиев (Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Магомед Магомедалиев Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Амин Емир-оӷлы ақ.Гәдоуҭа), Алан Герзмаа (ақ.Гәдоуҭа).
62 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Данил Ԥлиа (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ - Раџь Џьугелиа (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит- Данил Басариа (ақ. Аҟәа), Асҭан Адлеиба (ақ. Аҟәа).
71 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Магомед Микаилов Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Иусуп Чакаев (Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Леон Малиа (ақ. Гәдоуҭа), Оганес Болиан (Адыгеиа).
75 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Давид Бдаициев (ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Сандро Џьакониа (ақ.Пицунда).
110 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сулхан Хәытаба (ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Роман Маркориан ақ.Пицунда), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Леван Ажьиба (ақ.Гагра), Дамир Каленџьиан. (ақ. Шәача).
2009-2010 шш. рзы ииз, 30 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара аиааира игеит Ҭемыр Марков (ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ игеит Илиас Меџьидов (ақ. Шәача).
32 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Анӡор Зотов (Адыгеиа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Нораир Мартиросиан (ақ.Шәача), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Нестор Аиба ақ.Гәдоуҭа), Рамин Арсҭаа (ақ.Пицунда).
35 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Тимур Тозлиан (Адыгеиа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Инал Гегенаа (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Арсен Кутелиа (ақ.Аҟәа).
38 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Кади Амирбеков (ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Данаҭ Партанаӡе (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Едгар Зыхәба (ақ.Гәдоуҭа), Ерик Папазиан (Цандрыԥшь аҳабла).
41 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Осман Зыхәба (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Игорь Ԥаразиа (Цандрыԥшь аҳабла), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Владислав Ладариа (Пицунда).
44 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сандро Жьиба (ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Леван Гыцба (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ - Даниел Хьиба (ақ. Аҟәа).
48 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара аиааира игеит Богдан Ӡиӡариа (ақ.Пицунда), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ахмат Қиртбаиа (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа - Михаил Козлов ақ.Шәача), Кирил Ҵулукиа (ақ.Аҟәа).
Аӡбаҩ хада – жәларбжьаратәи акатегориа змоу аӡбаҩ Виачеслав Багаев.
Рашь Хәытаба иаԥхьахә агара азы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы раԥхьатәи жәларбжьаратәи атурнир Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь мызқәак ааҵуаны имҩаԥысит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы атурнир аиашазы жәларбжьаратәны иҟалеит, уи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵакыра аҟынтәи иреиӷьу аиқәԥаҩцәа ҿарацәа еиднакылоит.