Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ахәыҷы изинқәа рыхьчара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын ԥхынҷкәынмза 13 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥысыз Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳаи реиԥылара.
Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Иаппарат азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаиа.
Жәлар Реизара - Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара атемақәа руак ахәыҷра ахьчара аганахьала азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭақәа рынагӡара иадҳәалан.
Мактина Џьынџьалԥҳа, Лаша Ашәба Аԥсны иқәынхо ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзы имҩаԥгаз аусуреи ирҳаз аԥышәеи ртәы изеиҭалҳәеит. Аиԥылара иалахәыз Жәлар Реизара-Апарламенти ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Иаппарати анаҩстәи русеицура ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.