Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Инал Арӡынба Шьамтәыла иҟазаара аан

Аҳәынҭқарра Ахада Башар Асад  Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит.  Аиԥылара Дамаск иҟоу ахан «Аль-Мухаџьирин» аҟны имҩаԥысит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр. 

Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала Шьамтәыла Ахада асалам ииҭеит.

Шьамтәыла Ахада Башар Асад иааиуа ашықәс азы Аԥсны даҭаарц ирҭаз ааԥхьара идикылеит.

Аганқәа Урыстәылатәи Афедерациа Украина  имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда ишадгыло атәы рҳәеит. Иара убас Асади Арӡынбеи Еиду Америкатәи Аштатқәа Ааигәатәи Мрагылара, Аахыҵ-Кавказ, иара убас адунеи егьырҭ арегионқәа рҿы аконфликтқәа раԥшьгаразы аҽазышәарақәа  раԥхьырҟәҟәаара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәарҭеит. Аганқәа Урыстәыла еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рпринцип иадгылоит. Иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара   азы имҩаԥнаго аусура азгәарҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Башар Асад арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо  азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Иара убасҵәҟьа уи аҵарадырреи, астудентцәа рԥышәеимдареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аспорти рхырхарҭақәа рыла Аԥсни Шьамтәылеи русеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

Ирылацәажәеит Аԥсни Шьамтәылеи рекономикақәа рыҿиаразы аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа радыԥхьалара азҵаарақәагьы.

Ахәҭакахьала, Инал Арӡынба Шьамтәыла Ахада  Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аинвесторцәа радыԥхьалареи ҳреспубликаҟны аинвесторцәа  иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵареи иҽазҵәылхны дшаатәизеиҭеиҳәеит.

Аԥсуа-Шьамтәылатәи агани, Урыстәылатәи Белоруссиатәи аинвесторцәеи дареи русеицура азҵаара иаҵоу актуалрагьы азгәаҭан.

Аганқәа Израиль имҩаԥнаго аполитика, Шьамтәылатәи аҭынч уааԥсыра иахьрылахысуа ӷәӷәала иақәыӡбеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа (Голантәи аҳаракырақәа  рдеокупациа аганахьала) хымԥада ишықәныҟәатәу азгәеиҭеит.

Инал Арӡынбеи Башар Асади иара убас  Газа аҟны агуманитартә хлымӡаахра аҟынӡа иназгаз аколлективтә Мраҭашәара аусқәа ирықәыӡбеит.

* * *

Шьамтәылаҟа иныҟәара инҭагӡаны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аԥсуа-­абаза, ачерсқьес диаспорақәа рхаҭарнакцәа, иара убас Ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа рхеилак, – иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра асаит.

Аиԥылара аан Инал Арӡынба еизаз иреиҳәеит арегионтәи жәларбжьаратәи амшаусхәаԥштә хра хлоу азҵаарақәа, иара убас Аԥсни Шьамтәылеи ҩганктәи реизыҟазаашьақәа распект хадақәа. Аминистр иара убас ҷыдала иаҵишьит Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа иааныркыло аҭыԥ.

Арӡынба ҷыдала иаҵишьит аколлективтә Мраҭашәара аҿагылареи иаҳа иашоу, ахырхарҭа рацәа змоу адунеиеиҿкаашьа ашьақәыргылареи рганахьала Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсни Шьамтәылеи стратегиала реиҩызара. Хшыҩзышьҭра азыҟаиҵеит Аахыҵ-Кавказ аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ралыршара иазку амч ахамырхәара жәларбжьаратәи агарантиақәа ҟазҵаша азинмч змоу адокумент анапаҵаҩра еиԥызҟьауа Кавказтәи арегион аҟны мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥыргауа аҵшәааратә ҵакы, убригьы азмырхакәа Урыстәыла аҳәаақәа рзааигәара Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аҩбатәи афронт аартра аидеиазы активла аусурақәа мҩаԥыргоит.

Аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа рхаҭарнакцәа дара рганахьала ишьҭырхит Шьамтәылеи иааидкыланы Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рҟны  аԥсуа, ачерқьес уаажәларра ргәы иҵхо азҵаарақәа.

Иҟаз иазгәарҭеит аконсултә зҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара аганахьала Дамаск Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусура акырӡа шаҵанакуа.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иаҵишьит абарҭ азҵаарақәа рҭыԥ ишықәҵахауа Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҿы иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи аҽрымаданы.

Иара убас аиԥылара иалахәын Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба.

 

* * *

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аԥыза-министр Хәусеин Арнус, – иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедиа центр.

Аганқәа рылацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи хра злоу распектқәа.

Хшыҩзышьҭра азыруит аҳазатә усқәа, ақыҭанхамҩа, ахәаахәҭратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиара аганахьала аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩра шырцыхцыхтәу.

Хшыҩзышьҭра ҷыда азыҟаҵан аҿартә политикеи аспорти русхк аҟны аицәажәарақәа рыцҵара.

Шьамтәылатәи аиҳабыра рхада иаҵишьит еиуеиԥшым аусхктә хырхарҭақәа рыла аицәажәарақәа ишрыцҵалатәу.

Шьамтәыла Аԥыза-министр аҳәара ҟаиҵеит иара ихьӡала адныҳәалара ԥхақәа риҭарц Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ахадеи алахәылацәеи.

* * *

Декабр 12 азы Дамаск имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови реиԥылара.

Аганқәа инҭкааны иахәаԥшит Мрагылара ааигәаҿы иҟоу аҭагылазаашьа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҟны арра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиара, Палестинеи Израили реимак ҳасаб азуны, арегион аҿы аҭагылазаашьа аҿиашьа амҩақәа, – иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра асаит.

 

* * *

Декабр 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  14 рзы  Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Миқдади реиԥылара мҩаԥысит. Ари хымш рыла аҩбатәи еиԥылароуп.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа еиуеиԥшым аусхкқәа рыла Аԥсни-Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы ауснагӡатәқәа рплан иалацәажәеит.

Инал Арӡынбеи Феисал Миқдади рыбжьара алҵшәа змаз аицәажәарақәа мҩаԥысит.

Аминистрцәа Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара адәныҟаполитикатә, аинформациатә еимадара активтәразы еиқәшаҳаҭхеит.

Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Миқдад Инал Арӡынба диҳәеит Ареспублика Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала асалам ииҭарц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me