Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҿыцәаара зқәым ахьаа…

Уцәа-ужьы ианыруеит ахьаа, агәырҩа, алаӷырӡ. Улымҳа иҭаҩуеит ажәҩан иалаблыз ахәыҷқәа рыҳәҳәабжь…

31 шықәса рышьҭахь адунеи зегьы зырхыџ-хыџыз, ҳашьхақәа шьхынԥсыланы иангылаз, иаанымгылаӡоз асы аԥсабара анҭанаҳәҳәа, ҳаԥсадгьыл агәынқьыбжьы ҳаибашьцәа анеиднакыла, ианарӷәӷәа… Ҳашколхәыҷқәа рылаӷырӡ анырзаанымкылоз, анацәа ргәы иасны ауаз анырҳәоз, рҽырзеиқәымкуа  ахацәа анҵәуоз… Ақалақь Гәдоуҭа, апарк хадаҿы рнышәнап ҟалеит, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Лаҭа иҭахаз авертолиот МИ-8 иҭаблыз 87-ҩык ауааԥсыра.

31 шықәса шҵуагьы ари иԥшьоу аҭыԥаҿы еснагь ауаа рацәаҩуп. Дара анҭахаз амш аҽны аламала амра ԥхаӡом, еиҳараӡак ақәа леиуеит. Ахьаа иаблыз аҭаацәарақәа рыбжьы ҭымгакәан, ихәыҭхәыҭуа, рылаӷырӡ рҿашы ицәажәоит. Урҭ ажәақәа ушьапы уқәдырҟьоит, удырхәыцуеит, удырхьҭшьуеит… Аӡәи-аӡәи еиҿамԥшӡакәан, анышә рнапқәа ықәшьуа рхәыҷқәа «ирацәажәоит». Урҭ рхьаагара, рымбара рықәыӷәӷәоит…

Абаҟаҿы ҭынчроуп. Ауацәеи аҭынхацәеи ргәынқьыбжьы адгьыл арҵысуашәа убоит. Иҵәаа-ҵәаауа урҭ ргәы «знапы» ықәызшьуа аԥша еснагь ирхаԥыруеит… Лаҭа аԥсуаа ражәаҳәаҿы шамахамзар иуԥымлоз, иахьа дарбан аԥсуазаалак иқьышә иқәкыуп, илымҳа иҭаҩуеит, ицәа ианыруеит ихьуу-хьууа…

Есышықәса ҵыхәаԥҵәарада Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтә аделегациақәа рацәаны иаҭаауеит. Усҟан аибашьра анцоз Тҟәарчалынтә агәаҟра иалганы 87-ҩык Адгьыл Ду ҳәа изышьҭаз Гәдоуҭаҟа идәықәырҵаз руацәеи рҭынхацәеи иҟалаз арыцҳара рхаҿы ирзаагомызт… 87-ҩык секундқәак рыла рразҟы зӡбаз ҳаӷацәа аԥсуа жәлар рҳақ ахааназ ирызгом… Хәыцра шәкы узцәырҵуеит. Уцәа-ужьы ианыруеит ахьаа, агәырҩа, алаӷырӡ… Улымҳа иҭыҩуеит ажәҩан иалаблыз ахәыҷқәа рыҳәҳәабжь…

Аибашьра аԥхьатәи амш инаркны еибашьуаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Иура Бекалдиев (зыԥсҭазаара иалҵхьоу) «Сашьа Феликс Бекалдиеви Руслан Шаови ари авертолиот иҭаблит. Сара абри Гәдоуҭатәи апарк аҟны усҟан ицоз амитинг аҟны сыҟан. Уаҟа иҟаз уажәы сахьалацәажәогьы схәы-сжьы еиланаргылоит. Сашьа Феликси сареи Аԥсны аибашьра ианалага раԥхьа иаауаз ҳрыцны ҳааит. Аха хазы-хазы агәыԥқәа ҳрылан… Иара аԥҳа диҭынхеит. Уи Мадина лыхьӡуп. Иахьа дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥҳацәа дрануп. Исхашҭӡом амитинг анынҵәа, Владислав Арӡынба ҳиԥшааит. Илахь даара еиқәын, аха агәыҭшьаага ажәақәа ҳаиҳәеит. Уи еиԥш иҟоу ахаҵа иԥшаара цәгьоуп. Владислав Кавказ иқәынхо ажәларқәа зегьы ҳцәажәартә ҳҟазҵаз, ахлымӡаах ҳалызгаз Фырхаҵоуп. Наунагӡа ихатәроу хаҭараны даанхоит аҭоурых аҿы», – иҳәеит игәалашәара ҳзаартуа.

Абаҟа аҿаԥхьа игылоу еснагь рлымҳа иҭаҩуеит ажәҩан иалаблыз рыҳәҳәабжьы… Дарбаныз ахәыҷқәеи, аҳәсеи абыргцәеи, ахәцәеи рразҟы минуҭқәак рыла изыӡбаз?! Дарбан уи гәы зызҭамыз, ахәыҷқәа имицыз шьны агәнаҳа абиԥарала иаҵалаз ауаҩы? Издыруеит, агәрагьы згоит уи дызусҭазаалакь дшәиуп, наӡаӡа шьҭрала.

Гәнаҳала иҭәу адунеи! Лаҭа иҭахаз хәыҷи-дуи ажәлар урҭ зхырбааз рыдгьыл иагәыҵаҳәҳәоуп. Зышәҭқәа згәыдкыланы арахь имҩахыҵуа абиԥарақәа иаҳдырбоит аԥсҭазаараҿы урҭ ахааназ хашҭра шрықәым. Ари амш ҳҭоурых аҿы игәыҭшьаагоу рыцхәны иаанхоит.

Лаҭатәи ахҭыс адунеи зегьы иахыҵәеит. Аибашьра ашьҭахь абаҟа аргылареи наҟ-наҟтәи аусқәа реиҿкаареи далагеит Борис Ҷолариа.

– Авертолиот иҭаблыз зегьы рзы абаҟа аргылара  сазхәыцит. Еиҿыскааит «Лаҭатәи афонд». Аԥсны асахьаҭыхцәа рыбжьара ирылаҳҳәеит аицлабра. Сара сабхәында Гьергьиа Руслан иҭаблыз дрылан. Иара ишьҭахь аԥа диит. Иаб ихьӡ ихьӡуп. Абаҟа аргылареи аҟаҵареи иацыз ахарџь еилыскаауан. Уи азы ирылаҳәаз аицлабра ҩымз аҿҳәара аман. Уажәы ақалақь Гәдоуҭа игылоу абаҟа алхын. Уи  авторцәас иамоуп: Лакрба Виталии Ҷкадуа Иуреи, архитектор – Ҳагба Едик.

– Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, – иҳәеит Борис Ҷолариа, – зегьы раԥхьаӡа Тҟәарчалаа алагала шыҟарҵаз Аҟәа афилармониа аҟны амарафон мҩаԥысуан. Усҟантәи аамҭазы 62-нызқь мааҭ, еизган. Аԥсны араионқәеи Нхыҵ-Кавказааи рыцхыраарала ҳара ҳус ахыркәшара алшара ҳауит…

Лаҭатәи ахҭыс ашьҭахь аԥсҭазаара ашәымҭак иаангылеит. Зыԥсадгьыл аҟны зыԥсы хәыҷқәа Лаҭа иқәхаз, ршьа ҳаԥсадгьыл ахьчацәа ируит, еиқәдырхеит. Аԥсҭазаара аҭагәаҭасра зны-зынла амҩа иаша ҳнанԥааны  хараӡа џьара ҳагоит. Иҭахазгьы, зышә акызгьы, амаалықьцәа акгьы зхараӡамызгьы рызхәыцха аамҭагьы ҳамамкәан амали аԥареи рахь ҳахшыҩ аниасуа рацәаӡахеит… Аҵх лашьца иалыхәхәа Тҟәарчалынтә амҩа иқәлаз ҳхамышҭлароуп. Урҭ аҭаацәарақәа рхьаа рхала иадымхалароуп.

Лаҭа уаназхәыцуа узҵымҵуа, ихьанҭаӡа иузышьҭымхуа ахьаа уқәыӷәӷәоит, мцабызны иуцрасуеит, уаблуеит. Уажәы-уашьҭан рыӡбахәык аауаҳарашәа хәыцрак унҭанагалоит. Ишьақәырӷәӷәоу, иҟалаз ахлымӡаах агәрагара уҭахымкәан, еиҭах иразҟыдахаз ахәыҷқәа рымҩа унанԥшылоит. Нас рцәашьқәа ххаӡа убла иаахгылоит. Ахаан хашҭра рықәымкәан ҳаԥсуа ҭоурых иагәылагылазаауеит…

Зыԥшәмеи зыԥҳаи авертолиот иҭаблыз Ирод Аҳашба ицәажәараҿы иҳәеит: «Аҭаацәара иреиҵбыз, шықәсык зхыҵуаз ахәыҷы лан длыманы дыԥрит. Уаҟа Гәымсҭатәи афронт аҿы сыҷкәын аиҳабы Алхас Аҳашба деибашьуан. Иан лыҷкәын дылбарц лхаҭын. Разҟыс илмоуит, уаанӡа дзымнаӡеит. Алхасгьы ажьырныҳәамза хәба, 1993 шықәсазы иҟаз ажәылараҿы дҭахеит. Иани иаҳәшьа хәыҷы Ҳашба Царпицеи иареи 22-мшы роуп ирыбжьысыз… Ахаҵа дхаҵоуп, иԥсадгьыл ихьчароуп… Аха ажәҩан иалаӡыз ҳасабицәеи амгәарҭа иҭаблыз ҳхәыҷқәеи рҳақ ахааназ иӡӡом… Ҳара ҳагагақәа роуп иаанхаз. Ҳхы, ҳахшыҩ, ҳхәыцрақәа зегьы рҿы иаанхаз агәалашәара ауп. Убри акәхап иахьанӡагьы ҳаазго… иагьа шықәса царгьы, иагьа аамҭа бзиа ҟаларгьы Лаҭатәи ахҭыс ӷьара зқәым рыцхәны иаанхоит».

Лаҭа, 1992 шықәса, ԥхынҷкәын жәиԥшь… Лаӷырӡыла икәабоу, ахьаа адацқәа адгьыл иахьаланаҵаз, агәырҩа уԥсы узеивымго ушьханԥсыланы, удысны уахьааннажьуа ҭыԥуп. Шәыхраҭ бзиахааит. Шәыԥсы хәыҷқәа шәыԥсадгьыл Аԥсны иҟоуп. Ҳныха ду Лаҭа ахылаԥшуеит. Иагьа аамҭа царгьы ари ахьаа ҳацзаауеит. Асабицәа рыҵәаабжь аҳауа иахьалахаз аҟынтә иҳақәыӷәӷәалоит. Урҭ рыхьӡқәа, ргәыӷрақәа, зҿахҵәахаӡом, избанзар ихьчоуп, еиқәырхоуп дара зхыршьааз рыԥсадгьыл. Зҭоурых акырӡа иҵаулоу, акырынтә аԥсра иаиааихьоу ҳаԥсадгьыл Аԥсны аԥеиԥш лаша азыԥшызааит. Ари еиԥш арыцҳара уаҳа ахааназ иҟамлааит. Аԥсуа жәлар рымца ҿыцәаара ақәымзааит. Уи иацзааит аизҳара, аилибакаара, аиҵыҵра, аԥеиԥш лаша… Ҳарҭ зегьы ҳаӡәыкны зыԥсадгьыл иахыбааз асабицәа ҳрызхәыцны, Аиааира ҳзаазгаз ҳаибашьцәа ҳхамышҭыкәан, урҭ иры­хәҭоу азҿлымҳара  аҟаҵара ҳақәшәааит. Ҳаԥсадгьыл ахаан уаҳа агәыхь амоуааит.

31 шықәса шҵуагьы, ахьаа ҳцәа-ҳжьы ианырыз, уи зшьа-зда иҭысыз, аԥсабара аҿаԥхьа зыбжьы зызҭымгоз, иҭахаз зегьы рҭаацәарақәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Иага аамҭа ҵыргьы уи дарбанзаалакгьы иныруеит, иқәыӷәӷәалоит, ицзаауеит…

Ҳҭыԥҳацәа – хцәышьқьырқәа, ҳхәыҷы-ԥшӡа гәлымҵәахқәа, ижәжәша аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт…  Ишәыхӡыӡаауаз шәанацәа шәрыцуп.


Шәыԥсадгьыл шьала еиқәырхоу аҟны шәыҟоуп. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны аԥеиԥш шәахаҿуп. Ахааназ ԥсра-ӡра шәықәымкәан шәҳацзаауеит:

1.Анцупов Владимир Владимир-иԥа

  1. Акаба-Ҷиҭанаа Џьулетта Гиви-иԥҳа

3.Ҷиҭанаа Алхас Коба-иԥа

4.Асланӡиа Баҭал (Витали) Алексеи-иԥа

5.Барганџьиа-Адлеиба Алла Чут­иа-иԥҳа

6.Адлеиба Альберт Сергеи-иԥа

7.Бекалдиев Феликс Шамил-иԥа

8.Нарманиа-Гамисониа Светлана Габо-иԥҳа

9.Гамисониа Аделина Геннадии-иԥҳа

10.Шьчербакова-Гамисониа Татиана Владимир-иԥҳа

11.Ведеркина Ирина Иван-иԥҳа

12.Гәарамиа-Папасқьыр Снежанна Виачеслав-иԥҳа

13.Ӷәынџьиа Жанна Нури-иԥҳа

14.Гергиа Руслан Хәыхәыт-иԥа

15.Гәынба Дмитриа Маҭбеи-иԥа

16.Гогәуа-Кортава Нона Шьоҭа-иԥҳа

17.Кортава Даур Нодар-иԥа

18.Дзимистаршивили-Џьынџьолиа Лиа Ҭемураз-иԥҳа

19.Џьобава-Кәыҵниа Тина Даур-иԥҳа

20.Кәыҵниа Асҭамыр Дмитри-иԥа

21.Кәыҵниа Ҭамара Дмитри-иԥҳа

22.Џьопуа Емир Радион-иԥа

23.Џьопуа-Ҵурҵумиа Емма Фирон-иԥҳа

24.Ҵурҵумиа Адгәыр Реваз-иԥа

25.Ҵурҵумиа Адамыр Реваз-иԥа

26.Евдакимов Сергеи Петр-иԥа

27.Занҭариа Аслан Иван-иԥа

28.Сазанова-Занҭариа Наталиа Николаи-иԥҳа

29.Зарандиа-Аԥшьлаа Марина Иури-иԥҳа

30.Аԥшьлаа Адгәыр Џьамал-иԥа

31.Аԥшьлаа Денис Џьамал-иԥа

32.Илиухин Сергеи Николаи-иԥа

33.Қаџьаиа-Џьынџьолиа Лиубица Лагә-иԥҳа

34.Какалиа Адгәыр Жьоржь-иԥа

35.Кобахьиа-Ҳашба Наҭелла Самсон-иԥҳа

36.Ҳашба Царԥица Ирод-иԥҳа

37.Қәачахьиа Ныгәзар Алексеи-иԥа

38.Киут-Қәачахьиа Лиана Хәыта-иԥҳа

39.Кәачахьиа Ҳанифа Ныгәзар-иԥҳа

40.Коӷониа Валериан (Нана) Асҭамур-иԥа

41.Аԥшьлаа-Коӷониа Аида Заур-иԥҳа

42.Коӷониа Елана Валериан-иԥҳа

43.Коӷониа Мурман Валериан-иԥа

44.Кәыҵниа Алексеи Ҭеваз-иԥа

45.Қәҭелиа-Асабуа Мрамза Ражден-иԥҳа

46.Асабуа Станислав Адгәыр-иԥа

47.Асабуа Кристина Адгәыр-иԥҳа

48.Маскин Валери Геннади-иԥа

49.Нанба Хьыбла Едуард-иԥҳа

50.Нанба Инесса Едуард-иԥҳа

51.Нанба-Амҷба Марина Кымса-иԥҳа

52.Амҷба Беслан Ваниа-иԥа

53.Амҷба Гәында Ваниа-иԥҳа

54.Ԥанцулаиа-Ԥачулиа Валентина Џьоџьа-иԥҳа

55.Лагазашвили-Ԥачулиа Фатима Гиорги-иԥҳа

56.Ԥачулиа Георгиа Вахтанг-иԥа

57.Ԥачулиа Даҭо Вахтанг-иԥа

58.Ԥачулиа Лаша Вахтанг-иԥа

59.Сангәылиа Мадонна Қыбеи-иԥҳа

60.Сангәылиа-Занҭариа Шьазина Изеҭ-иԥҳа

61.Занҭариа (Герхьелиа) Рушьни Даур-иԥа

62.Занҭариа (Герхьелиа) Дауҭ Даур-иԥа

63.Прокушев Сергеи Владимир-иԥа

64.Ҭхаиҵыкә Автандил Ҷыҷыкәа-иԥа

65.Ҵурҵумиа Рамаз Гьеоргьи-иԥа

66.Бериушьева-Ҵурҵумиа Ельвира Виктор-иԥҳа

67.Ҵурҵумиа Асҭамыр Ромаз-иԥа

68.Чачхалиа-Какалиа Леила Варлам-иԥҳа

69.Камкиа Ека Нодар-иԥҳа

70.Камкиа Кристина Нодар-иԥҳа

71.Чачхалиа Леила Гиви-иԥҳа

72.Чачхалиа Георгьи Гиви-иԥа

73.Ҷитанаа-Шьакаиа Маиа Фридон-иԥҳа

74.Шьакаиа Санта Реваз-иԥҳа

75.Шьакаиа Лаша Реваз-иԥа

76.Ҷкадуа

77.Ҷкадуа-Цеиба Наҭелла (Ҷыҷка) Хәыршьыҭ-иԥҳа

78.Ҷкадуа Алла Гьеоргьи-иԥҳа

79.Ҷкадуа Роза Гьеоргьи-иԥҳа

80.Ҷкадуа Гарри Илико-иԥа

81.Ҷкадуа Регина (Нани) Иван-иԥҳа

82.Шьынқәба Лида

83.Шьынқәба-Гындиа Аида Анатоли-иԥҳа

84.Гындиа Елана Ҭемур-иԥҳа

85.Гындиа Кристина Ҭемур-иԥҳа

86.Шаов Руслан Билил-иԥа

87.Емырхәба Сусанна Шамил-иԥҳа 


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me