Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳбаҳча ссир – сасааирҭоуп

Дыҟамзар ҟалап, ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа иаҭааз сасык абри Анцәа иҭыҧ ҳбаҳча ссир – аботаникатә баҳча зымбакәа ицахьоу.

Уи ашҭа ушьапы шынҭаургылалакь аҧсабара аҧшӡара, иуҿаччо аҵиаақәа урыманы рҿынархоит.

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҧҵан 1840 шықәсазы аинрал Николаи Раевски инапхгарала. Ареволиуциа аамҭаз, Нестор Лакоба ихаан, аботаникатә баҳча напхгаҩыс дахадыргылеит Гвалиа, аха 1937 шықәсазы харада, ахара наидҵаны ддырӡит. Уинахыс ҳботаникатә баҳча ақырҭқәа рнапахьы иааргеит, анаука аусзуҩцәагьы дара ракәын.

– 1964 шықәсазы ауп ари анапхгараҿы аҧсуа данахагыла – Гиви Григори-иҧа Аиба дҟарҵеит еиҳабыс. Аусгьы иуан 2002 шықәсанӡа. Зыҽны аусура далагаз инаркны хәыҷы-хәыҷла аҧсуаа идикыло далагеит, еиҵаиааӡеит аспирантцәа. Адунеиаҿ еицырдыруа ботаникатә баҳчаны иҟалеит. СССР ахаан иҟан 300 баҳча, ҳара ҳбаҳча адунеиаҿ иреиҕьу ирхыҧхьаӡалан. Абра иаагоуп континентцыҧхьаӡа рҿынтә Аҧсны дгьыл ианаало аҵиаақәа. Аҧсны мацара иазҳауеит ҩ-нызқь хкы аҵиаақәа. Иахьа ҳботаникатә баҳчаҿы иазҳауеит – хәнызықь инреиҳаны аҵиаа хкқәа.

Аҧсны анҭыҵ иҟоу егьырҭ аботаникатә баҳчақәа, урҭ рҵарауааи дареи аинырра бзиа рымоуп. Рҽаладырхәуеит аҭҵаарадырратә конференциақәа. Даргьы арахь иаарыҧхьоит Жәларбжьаратәи анаукатә конференциақәа анымҩаҧырго. Иаҳзаахьеит еицырдыруа аҵарауаа, абиологиа аганахьала шәҩыла, Белоруссиа, Венгриа, Ермантәыла, Урыстәыла уҳәа рхаҭарнакцәа. Урҭ ҳботаникатә баҳча, Аҧсны аҧсабара ргәы атҟәеит, дареи ҳареи аиқәышаҳаҭра ҳабжьоуп.

Хаҭала, иахьа аботаникатә баҳча напхгара азызуа Едуард Шамиль-иҧа Гәбази апрофессор Сергеи Бебиеи, Китаи аконгресс аҿы иҟан. Аекологиеи аҧсабарахьчареи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи Аботаникатә институт аиҳабы Британиа Ду аконференциаҿы ажәахәқәа ҟарҵеит.

«Арҭ аҩышықәса ирҭагӡаны адунеи зегьы аҿы имҩаҧысуаз апандемиа инамаданы, ҳныҟәарақәа маҷк иҧкхеит, аха онлаин конференциақәа ҳхы рылаҳархәит, ҳрылахәын Москва, Ҟазахсҭан Алм-Ата имҩаҧысуаз аботаниказ жәларбжьаратәи аконференциақәа», – ҳәа азгәеиҭеит ҳаиҿцәажәараҿы зус бзианы издыруа, адунеи ахи-аҵыхәеи иакәшахьоу Аботаникатә институт аи-ҳабы Едуард Шамиль-иҧа Гәбаз.

«Гәадуроуп ҳа ҳзы ҳҩыза Сергеи Миха-иҧа Бебиа Санкт-Петербург ишәҟәы иҭыҵыз «Аҧсны абна», аӡыргареи ахәшьара ҳаракӡеи ахьаиуз», – иҳәеит иара.

Иахьа даара ишәарҭоу аҵиаақәа рчымазарақәа цәырҵит, Шәача иҟаз аолимпиада аамышьҭахь. Уи ачымазара ааха ҕәҕәа анаҭеит ашыц, апальма. Урҭ роуп асубтропикатә аҧшӡара Аҧсны иазҭо, убри даара ипроблеманы иҳамоуп, – иҳәеит аинститут аиҳабы. «Зны Лондонтәи сныҟәарак аан избеит уаҟа аботаникатә баҳчаҿ ирааӡаз аҧсаатә ҧшӡақәа. Ҳәара аҭахым, абзиа утәылазгьы уеилаҳауеит, еиҿыскаар сҭаххеит аҧсаатәқәа ркәакь, иааҳгеит абнакәтқәа, апавлинқәа, аха изыхҟьазаалак урҭ ҳарҿиартә, аҭааҩцәеи аҧшәмацәеи аднаҧхьалартә изыҟамлеит (алақәа иаҳцәыргеит). Угәы унархьуеит ҳара ҳтәылауаа, џьоукы-џьоукы ҳзашьҭоузеи ҳәа ҳаҧшӡарақәа ахьхыршьаауа», – иҳәеит акыршықәса абаҳча ҧшӡа еиҿкааны, сасгьы, аҧшәымагьы рыбла аргәырҕьаратәы иаазго аинститут аиҳабы Едуард Гәбаз.

Аинститут аихьӡарақәа дырзааҭгыло, иара дзавымсит аҿар рықәҿиарақәа. Анкьа Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы акәын аспециалистцәа ахьеиҵаҳааӡоз, иахьа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иабзоураны араҟа иазыҟаҳҵоит аҿар, Урыстәылантәи аспециалистцәа, аҵарауаа ааны абра алекциақәа ирзаҧхьоит. Академиа 12-ҩык алгахьеит, сынтәа хҩык адиссертациа рыхьчеит. Еиҳарак аҭыҧҳацәа роуп иаҿу, арҧарцәа маҷхеит, ҳара ҳнапы злаку аус аҿы арҧарцәа еиҳа иаҭахуп, аекспедициақәа, абнахь аныҟәара – иҟоуп аҭыҧҳацәа ирзышьҭымхуа аусқәа.

«Ҳарҭ аҧсабара ауп ҳзааӡо, уи ада аҧсҭазаара ыҟаӡам, уи дырны хаҭа-хаҭала ҳара-ҳара ҳанеилибакаа, ҳтәылагьы ҳарҧшӡоит, ҳахгьы еиқәҳархоит»,– абас ихиркәшеит аҵарауаҩ ҳаиҿцәажәара.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me