Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

АВГУСТ 26 – АЗХАҴАРА ИАМШУП

Аҧсны аҳәынҭқарра азхаҵаразы

  1. Аҧсуа жәлар ргәаҳәара ҳасаб азуны, Аҧсны Аҳәынҭқарра азхаҵазааит исуверентәу, ихьыҧшым ҳәынҭқаррак аҳасабала.
  2. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аҧсуа Ган аҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагароуп адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы, иалыршоу аиқәышаҳаҭра шәҟәыла еиқәнаршәароуп.
  3. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапы ианҵазааит анагӡаратә мчра аинтерес змоу афедералтә усбарҭақәа алархәны аиҩызареи, аусеицуреи, наҟ-ааҟ аицхыраареи ирызку аиқәышаҳаҭра апроект азыҟаҵаразы Аҧсуа Ган аҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара, ишьақәыргылоу аҧҟарала уи анапаҵаҩразы ажәалагалақәа раагара.
  4. Абри Аусҧҟа апункт 3 аҟны зыӡбахә ҳәоу аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ашҟа иҟаиҵаз ааҧхьара инамаданы, Аҧсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аҭынчра ахьчаразы рнапынҵақәа нарыгӡалоит Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар Мчқәа.

Д.МЕДВЕДЕВ, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент

2008 ш. август 26

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me