Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахьыбҿар – аҵарахь!

Ихацыркуп аҵарашықәс, сентиабр акы ныҳәа лашоуп аҵарадыррахь зшьаҿа еихызго ахьыбҿар рзы. Иззымдыруада, ари амш шаҟа гәыхыҭхыҭра ацу раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго актәи аклассаа рзы.

Шьыжьнаҵы ҳақалақь Аҟәа ашколқәа ҽаамҭанык еиҧшымкәа, алахҿыхреи аҧшӡареи рнубаауан.

Еилкаауп, арҵаҩцәа бзиақәа зқәашьу ашкол ахәыҷы рацәа аднаҧхьалоит. Усеиҧш иҟоуп, есышықәса аҵаҩцәа рхыҧхьаӡара иахьазҳауа Иури Воронов ихьӡ зху 3-тәи абжьаратә школ. Убас, сынтәа ари ашколаҿ аҵара зҵо аҵаҩцәа рхыҧхьаӡара наӡеит 900-ҩык рҟынӡа.

Аныҳәа ду, Адырра амш – иалахәын зхыҷқәа раҧхьаӡа акәны актәи аклассахь имҩахыҵыз аҭаацәа.

Ашкол ашҭа ҭырҭәаа игылаз аҵаҩцәеи аҭаацәеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, адырра Амш рыдылныҳәалеит И.Воронов ихьӡ зху ашкол ааӡаратә ҟәша аиҳабы Ада Ануа. Лара аҵаҩцәа зегьы ирзеиҕьалшьеит аихьӡара бзиақәа аҵараҿы, агәабзиара. Дрыдныҳәалеит иара убас Аҟәа ақалақь аҵараусбарҭа аспециалист хада Викториа Хәырхәмал.

Аныҳәа хацыркын актәи акласс аҵаҩцәа рықәгылара ала, урҭ инеимда-ааимдо ирыҧхьон ажәеинраалақәа аҧсышәала, урысшәала.

Сынтәа 3-тәи ашколаҿы ирыдыркылеит 130-ҩык аҵаҩцәа. Актәи аклассқәа хәы-класскны еихыршеит. Иазгәаҭатәуп, араҟа ишыҟоу асекторқәа ҩба: аҧсуа сектори аурыс сектори.

Ашкол ахьӡ ахуп адунеи зыхьӡ адыруа, Аҧсны аҭоурых аӡыргаҩ, Аҧсны апатриот ду, аҭоурыхҭҵааҩ Иури Николаи-иҧа Воронов. Убри инамаданы ашкол арҵаҩцәа рхықәкы – абри ахьӡ-ҧшьа амырӡра, аҧсахара зылшо, иаҧсоу абиҧара реиҵааӡара ауп.

3-тәи ашкол аҵаҩцәа Аҧсны анҭыҵгьы ҳахьыӡ ҭызго, еиуеиҧшым аҵараиурҭақәа рҿы лҵшәа бзиала аҵара хзыркәшо ируаӡәкуп.

Адырра амш иазкыз аныҳәаҿ раҧхьаӡа аҵәҵәабжьы лыргеит актәи акласс аҵаҩы Анна Амҷба. Анцәа иҳәааит, ақәҿиара дуқәеи аҵарадырра ҳараки ирышықәсхо ари ашықәс. Мҩамш, ахьыбҿар!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me