Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ласточка» – Аҟәанӡа

Аԥхынра, 2024 шықәсазы Шәачантәи Аԥсныҟа аныҟәара иалагоит ҩ-фымцадәыӷбак «Ласточка».  Арҭ адәыӷбақәа рныҟәара аграфик иаларгалеит, уи аусура иалагоит  ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 10 рзы, ҳәа Нхыҵ-Кавказтәи Аихамҩа апресс-маҵзура аҟнытә адырра ҟанаҵоит «Вести Сочи».

2023/2024 шш. рзы аихшанҵа шьақәыргылоуп  ари атранспорт хкы зхы иазырхәо ауаа рхыԥхьаӡара аизҳара иадҳәаланы. Убас, акурорттә сезон аан иццаку афымцадәыӷбақәа ныҟәалоит, урҭ рмаршрутқәа Шәача-Гагра, Аҳаирбаӷәаза-Шәача-Гагра ахырхарҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Арҭ адәыӷбақәа рреисқәа раԥхьаӡа акәны ишьақәырӷәӷәан аԥхынра, 2023 шықәсазы. Урҭ атуристцәа рыбжьара ахархәара бзиа аман.  

Иазгәаҭоуп, зынӡа Нхыҵ-Кавказтәи Аихамҩа иҿыцу аихшанҵаҿы иарбоуп 190 наҟ-ааҟтәи ахырхарҭала иныҟәо адәыӷбақәа, урҭ рахьынтә быжьба ҩ-еихагылакны иҟоу авагонқәа рыла ишьақәгылоуп.  

Убри аан Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» аҿы иҟарҵо адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы «Ласточка» адәыӷбақәа рмаршрут Аҟәанӡа иацҵахоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me