Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аррамаҵзурахь анаԥхьара

Арра ирго Аԥсны Арбџьармчқәа рштаб Хада ашҭаҿы аҭоуба шьҭарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра ап­ресс-маҵзура.

Традициала ишьышьақәгылахьоу еиԥш, аҭоуба ашьҭаҵара рхы аладырхәит заԥхьаҟа зыԥсадгьыл ахьчаразы игыло арԥарцәа рыуацәеи, рҭынхацәеи, рҭаацәеи.  

Аруаа ирыдныҳәалеит, ирықәныҳәеит атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәа.   

Атәылахьчара Аминистрра аҽазыҟаҵаратә центр аҿы заԥхьаҟа зыԥсадгьыл ахьчаразы игыло аибашьҩы қәыԥш икурс иахысит. Уи иалагалоуп ацәаҳәақәгыларатә, абаҩрҵәыратә, ахысратә ҽазыҟаҵарақәа, иара убас арратә ԥҟаԥҵәа ахысра.

 Аҭоуба ашьҭаҵара ашьҭахь, аруаа анаҩстәи рырратә уалԥшьа анагӡаразы доусы иахьаҵанакуа атәылахьчара Аминистрра архәҭақәеи арратә ҟәшақәеи рахь идәықәҵан.  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me