Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аидгылара» – 35 шықәса ахыҵит

Аԥсны иҿыцӡоу аполитикатә ҭоурых аҟны 1988 шықәса декабр 13-и уи иадҳәалоу ахҭысқәеи аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы қәҵәиааратә аамҭаны иҟалеит.

Убри аҽны Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаԥысит Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» ҳәа ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра аҭоурых шықәсынҵара ианылаз ауаажәларра-политикатә хеидкыла ҿыц Актәи аԥҵаратә еизара ду.

Аԥсны апатриоттә мчқәа реидгыла ҿыц ашьақәгылара ашҟа акырӡа зҵазкуа анырра ҟанаҵеит атәыла аинтеллигенциеи ауаажәларреи еицырдыруа рхаҭарнакцәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы. Уи дәықәҵан 1988  ш. азы, 19-тәи Зегьеидгылотәи апартиатә конференциа ашҟа.

Абри инаркны амилаҭтә ҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы Аԥсны жәлар рықәԥара даҽа мҩа ҿыцк ианылеит. «Аидгылара» аиҿкаара зызкыз ауаажәлар реидкылара акәын, иара убас ажәлар ихадоу рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара аҿагылара. Уи еиднакылеит Аԥсны инхо ауаа рзинқәа ирзықәԥоз агәыԥқәа зегьы.

Аполитикатә еиҿкаара ҿыц Аԥҟаԥҵеи егьырҭ апрограмматә қьаадшәҟәқәеи иҳәаақәырҵеит уи аусура ахырхарҭа хадақәа, ахьыԥшымра аидеиа анагӡаразы ҳаԥхьаҟагьы инеишьҭаргыланы ақәԥара.

Аиҿкаара ахантәаҩыс далхын аԥсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» аусура ду мҩаԥнагон ақырҭуа неоколониализм аҿагылара аганахьала ауаажәлар рымчқәа зегьы реидкыларазы. Уи аҭыԥ ду ааннакылеит Аԥсны атәылауаа аҳәынҭқарратә хдырра ҿыц рзышьақәыргылараҿы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me