Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Ахадеи адепутатцәеи реиԥылара

Аԥсны аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аполитика хра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит ашәахьа, декабр 11 азы имҩаԥысыз Аслан Бжьаниеи адепутатцәеи реиԥылараҿы, – иаанацҳауеит аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит Ахада иԥылара азгәаҭаны ишыҟаз ноиабр азгьы.
«Сақәгәыӷуеит Аԥсны Ахада иацәажәара иаартны, алҵшәа бзиа аманы иҟалап ҳәа. Алшарақәа ыҟоуп интересс иҳамоу азҵаарақәа зегьы рцәыргаразы, иара убас аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи амшхәаԥштә хра злоу азҵаарақәа ирызкны агәаанагарақәа ҳаҳап ҳәа», – иҳәеит Лаша Ашәба.
Адепутатцәа рԥылара аан Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 30 шықәса рыҩнуҵҟала Аԥсны иахьынӡауаз акзаареи аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟа аполитикатә хҭысқәа ирыдкыланы аидымгылареи рымҩа ишанысыз.

«Абри инамаданы зықьҩыла ҳтәылауаа хыԥхьаӡара рацәала зҭыԥ иқәҵам апроблемақәа ирыниоит. Убри аҟнытә, урҭ хьыӡҳәала ацхыраара иаҳәарц азы амчра еиуеиԥшым аусбарҭақәа – Ахада, Аԥыза-министр, Жәлар Реизара адепутатцәа рахь имҩахымҵлар ада ԥсыхәа роуам рпроблемақәа маҷкала акәзаргьы рҭыԥ рықәҵаразы. Убас, аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟала Ахада иахь имҩахыҵит хьыӡҳәала аматериалтә цхыраара роурц азы 8700-ҩык, убрахь иналаҵаны аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы, рхәыҷқәа аҵара дырҵара ахә ахшәааразы, ачымазцәа ӷәӷәақәа рыхәышәтәразы. Абри аамҭала атәылауаа рыдгыларазы Ахада Ирезервтә фонди абиуџьети рҟынтә иоушьҭын 1 миллиардк мааҭ, ииашаны иуҳәозар, 1 040 736 185 мааҭ», – иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи шықәсқәак рыҩнуҵҟала Аԥсны акәша-мыкәша адунеи «иаҳа иманшәаланы, иҭынчны ишыҟалаз, уаанӡа аасҭа».
Атәыла Ахада иҳәеит ареспублика алшара шамаз ар реибыҭаразы, ҳастратегиатә ҩыза – Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала убарҭ аҵара дырҵаразы. Иҟан изыхәҭаз ажәалагала, иарбан аԥҟарақәа, аха уи зыҟамлеит. «Иахьа зегьы ҳхала иҟаҳҵароуп: ҳԥарақәа рыла аҳаирпланқәа ирыгу-ирыбзоу ҟаҳҵоит, иҳаргылоит ахырӷәӷәарҭақәа, аказармақәа, хаҭалатәи аилазаара еибаҳҭоит, иааҳхәоит, иҭҳажьуеит адронқәа уҳәа атехника. Рыцҳарас иҟалаз, иҟаҳҵо аусмҩаԥгатәқәа зхом», – иҳәеит Аслан Бжьаниа. ́

Ахада иажәақәа рыла, иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа аиҿагыларақәа рганахьала Аԥсны хьаак иаҩызоуп. Мраҭашәара, США-и Европатәи атәылақәеи рхаҿала Аԥсны адунеи иахәҭакны иабарц аҭахӡам.
Аԥсны, аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, иара знылаз амҩеи адгылаҩцәеи шьақәыргыланы аҽазнашәалароуп адунеи даҽа архитектурак иахәҭакны, наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵарала еибарку ашәарҭадара асистема ҿыц.
«Абри азоуп Урыстәылаҟа ҳхы зхоу! Аԥсни Урыстәылеи акризис ду иахәҭакны иҟалеит. Европа зегьы абри аимак-аи­ҿак иалагылоуп. Ауаҩтәыҩсатә мчқәа, амал-ашьал, Европатәи атәылақәа рбеиара аҵыкәкәара иаҿуп, арратә операциа ҷыда акәзар, аҵыхәтәахьы инеиуеит. Сгәы иаанагоит, имҩаԥысуа ашьаарҵәыратә трагедиа хара ицом ҳәа», – иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа иара убас гәаанагараны иҳәеит, еснагь Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара ишақәгәыӷтәым атәы, избанзар арегион аҟны даҽа хҭысқәакгьы цәырҵыр, амалқәа зегь уахь идәықәҵахар алшоит.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, аекономикеи асасдкылареи рышьаҭала атуризм – амилаҭ рхаҿроуп, уи шықәсынаҟьак аус аур алшоит, ҳтәыла иазымхо аԥарақәагьы аанашьҭыр ауеит.

«Ари аџьармыкьа ҳтәылаҿы иҟоуп, ҳара ҳахылаԥшуеит, ҳзакәанқәа идырманшәалоит, уи ҟалароуп ҳаекономика ԥхьаҟа изго акакәны. Даҽамҩак ҳамаӡам», – иҳәеит иара.

Атәыла Ахада игәаанагарала, атауарқәа рҭыжьра, рыҭира, амаҵзурақәа рзыҟаҵара иацу ашәарҭара иаҵагылароуп абизнес, аҳәынҭқарра акәымкәа.
«Абри аҟнытә, ишьақәгылаз аҭахра, ицәырҵыз аполитика, аџьармыкьатә кониунктура еиҿаҳбаароуп, иҳамоу алшарамчқәа еиҷаҳарала ҳхы иаҳархәалароуп. Убарҭқәа зегьы ахашәалахәқәа аарышьҭлароуп. Амалқәа абас еиԥш ала риура, аҳәынҭқарра иазеиӷьхо аҟаҵара аус аҿы акырӡа зҵазкуа акакәны иҟоуп апартаментқәеи апарт-сасааирҭақәеи рзинтә статус иазку азакәан апроект. Уи Жәлар Реизара ахәаԥшразы ишьҭоуп, шәаргьы уи шәаԥхьарц азы алшарақәа шәыман».

Атәыла Ахада дазааҭгылеит акрипровалиутақәа изакәанымкәа рырҳара аҿагылара, иазгәеиҭеит Жәлар Реизарахь ишнагоу азакәан апроект. Уи инақәыршәаны азинмч змоу аусбарҭақәа ирылшоит убарҭ амаругақәа рымхра.
«Агәра ганы сыҟоуп ҳапланқәа шынаҳагӡо Аԥсны ашәарҭадареи арҿиареи рзы амалқәа ҳзыԥшаар, убасҟан ҳҳәынҭқарра иалшоит иара асоциалтә напынҵа анагӡара, ҳхәыҷқәа аҵаразы амалқәа роуеит, ҳқыҭақәа раалыҵ ахьырҭиша аҭыԥқәа цәырҵуеит. Ҳажәларгьы ргәабзиара хьчахоит, аекономика ӷәӷәагьы ҳамазаауеит», – Жәлар Реизараҿы абас иқәгылара хиркәшеит Аслан Бжьаниа.

Анаҩсан, Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар ралхыҩцәеи рылацәажәеит атәыла асоциал-економикатә рҿиара хра злу азҵаарақәа. Ахада адепутатцәа интересс ирымаз азҵаарақәа инҭкааны рҭак ҟаиҵеит.
Иара убас аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Жәлар Реизараҿы Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me