Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәыҷи арҵаҩи еимадазароуп

Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа даҽа ҭахрақәак амоуп. Иҳараку атехнологиақәа ираамҭоуп. Ахәыҷқәа ракәзар, рдунеихәаҧшышьагьы аҽаҧсахит, асоциалтә цәаҳәақәа рҟны ироуа аинформациа аасҭа еиҳа аинтерес рызцәырзгаша даҽа методикак рыдгалатәуп.

Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны нап аркын иахьатәи аамҭа иақәшәо, сахьа хкыла иҩычоу, иара убасгьы аудионҵамҭақәа зцу арҵага шәҟәқәа рҭыжьра. Азыҟаҵаратә классқәа рзы ашәҟәқәа, иара убасгьы ашколқәраҟынӡатәи ахәыҷқәа ирызку анбан шәҟәы, Аҧсны иҟоу иаҧсыуам ашколқәа аҩбатәи акласс ахәыҷқәа рзы аҧсуа бызшәа уҳәа иҭыҵыз арҵага шәҟәқәа даараӡа ицхыраагӡа духоит ахәыҷқәа рзы еиҧш, арҵаҩцәа рзгьы.

Ҿыц иҭыжьыз ашәҟәқәа ашколқәа рышҟа ианнагахо, насгьы урҭ аус рыдулара шыҟало еилаҳкаарц азы  ҳлыҿцәажәеит ашәҟәқәа равтор, Аҧсны аҵара Аминистр ихаҭыҧуаҩ Рада Кәарҷелиа-ҧҳа.

Уи излалҳәаз ала, ахәыҷы ихаҭара шьақәзыргыло арҵаҩы иоуп, насгьы арҵагатә материал. «Ҳара иахьатәи ҳалшарақәеи Урыстәылаа рылшарақәеи еиҟараӡам. Иаҳҳәап, Урыстәыла иҭыҵуа арҵагатә шәҟәқәа сахьала иҩычоуп, методикалагьы еихышәшәо иҟоуп, адидактикатә материалгьы даараӡа ирацәоуп. Ҳара уаанӡа ҳазлаҽхәо ҳамамзаргьы, аматериалқәа ҭҵааны, аус рыдуланы нап аҳаркит убас еиҧш ашәҟәқәа рҭыжьра», – лҳәоит Ада Кәарҷелиаҧҳа. Лара лажәақәа рыла, иахьа даара угәы унархьыртә иҟоуп Аҧсны иҟоу аҧсуа школқәа рхыҧхьаӡара еиҳа иахьеиҵоу егьырҭ ашколқәа раасҭа. «Ҳара милаҭ еилыхра ҳамаӡам. Иахьа иаҧсыуам ашколқәа ирҭоу раҕьырак ҳаҧсуа хәыҷқәа роуп. Убарҭ рхатәы бызшәа аҵараҿы ацхыраара рыҭаразы иазыҳаӡбеит абарҭ ашәҟәқәа рҭыжьра. Аҩбатәи акласс аҟынтәи иалаҳгалеит, избанзар методикала шьаҭас иамоуп цырала ашьҭыб­жьқәа рҵара, ашь­ҭыбжь аҟынтәи ацыра, уи анаҩс ажәахь, уантәи ажәеидҳәалахь, нас аҳәоу ахь. Абас, имариоу аҟынтә ихьанҭоу ахь уанцәырҵлак ахәыҷқәа еиҳа ирыдыркылоит», – лҳәоит ашәҟәқәа равтор.

Иара убасгьы уи иазгәалҭеит ҿыц иҭыҵыз ашәҟәқәа иахьа адунеи аҟны рхы иадырхәо иуниверсалтәу аметодикақәа рыла ишышьақәгылоу. Атәым бызшәақәа рҵаразы иҟоу аметодикақәа рхы иадырхәеит. Избанзар, Ада Кәарҷелиа излазгәалҭаз ала, урҭ аметодикақәа адунеи зегьы аҟны рыҽҧыршәахьеит, шықәсы рацәала инеиҧынкыланы аус рухьеит. Убри аан ашәҟәқәа равтор иазгәалҭеит аҧсуа бызшәа афонетика ахәыҷқәа рызнагара ҳара ҳада аӡәгьы ишилымшо.

Аҧсуа бызшәа аҩбатәи акласс иаҧсыуам ашколқәа рзы раҧхьаӡа акәны аҭыжьра напы анаркыз, иазгәаҭан ахәыҷқәа актәи акласс аҟны алфавит шырҵахьоу, анаҩс ҧымкрада аҧсуа алфавит аҵара иалагоит. «Раҧхьаӡа ари аметодика аналаҳгалоз хымз рыла алфавит шәҵоит ҳәа анрасҳәа, арҵаҩцәа азныказ иацәшәеит, аха уажәы иаҳбеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны аҧсуа алфавит аҵара шалшоз», – лҳәеит уи.

Арҭ ашәҟәқәа ирыцуп алабҿабатә хархәагақәа, ҩралеи, цәажәарылеи, артикулиациалеи еиҧшу ашьҭыбжьқәа еидкылоуп. Ахәыҷқәа рыҧсабара иақәшәо, ирхәмарны, исахьаркны ирыдгалоуп аматериал. Насгьы ашәҟәы иану аматериал зегьы шәаҳәарыла ишьақәгылоуп. Ахәыҷқәа абас ирмарианы ирызнауго ҧынгыла рнаҭаӡом. «Аҧсшәа даараӡа иуадаҩуп аҵара, аџьабаа рацәаны ижәбар ауп ҳәа аханатә уалагар, аҧсихологиа аганахь ала иаразнак ауаҩы иҽааникылоит. Мчыла ауаҩы аамҭа кьаҿк иалагӡаны акы иурҟаҵоит, аха анаҩс аҿагылара изцәырнагоит», – лҳәоит Ада Кәарҷелиа.

 Аҭаацәа ракәзар, ахәыҷқәа ирҵо ашәҟәқәа рышҟа аинтерес аадырҧшуа иалагеит. Азҿлымҳара шьҭырхит ашәҟәқәа ирну ашҟа, насгьы ахархәара аганахьала.

Азыҟаҵаратә классқәа рзы иҭыжьу «Анбан» аҭоурых дазааҭгыло, Ада Кәарҷелиа иазгәалҭеит аҧсуа зыҟаҵаратә гәыҧқәа инарываргыланы ицәырҵуа ишалагаз аурыс гәыҧқәагьы. Убри азы сынтәа иазыӡбан азыҟаҵаратә классқәа, аҧсуа сектор азы арҵагатә материал еиқәыршәаны, арҵаратә план шьақәырҕәҕәаны  убри ала аҵара азин рыҭара. «Арҵагатә материал еидкыланы ҽааны азыҟаҵаратә классқәа рызнагара ҳгәы иҭоуп. Убри инаваргылан, ҳгәы иҭоуп аҵара Аминистрра аҟны арҵаҩцәа разыҟаҵара, абри аматериал ахәыҷқәа рыдгалара шыманшәалахашазы. Ашәҟәы иага ибзианы еиҿкаазаргьы арҵаҩы аматериал ахәыҷы изнагашьа дақәымшәар, алҵшәа аиуӡом», – лҳәоит Ада Кәарҷелиа.

Аҵара аминистр ихаҭыҧуаҩ лажәақәа рыла, ахәыҷы ашкол аҟны аҵара агәаҧхара иоуртә дҟазҵо арҵаҩы лоуп. «Ахәыҷы ашкол ахь ишьаҿа анеихиго зус иазҟазоу арҵаҩы даниқәшәо, уи насыҧ иман ҳәа сыҧхьаӡоит», – лҳәоит ашәҟәқәа равтор.

Азыҟаҵаратә классқәа рзы иҭыжьу «Анбан» аиқәыршәашьа атәы ҳазааҭгылозар, ҧшшәы хкыла иҩычоуп, аҧсуа цәа аҟәнуп, иацуп ақәырҷабгақәа, ахәыҷы иара ихала ихы ахәшьара аиҭо ишьақәыргылоуп. «Ахәыҷы ихала ибоит, гәынхәҵысҭала еиликаауеит иҽеим. Ахәыҷы иқәҿиарақәа арҵаҩы инаҵшьны иазгәеиҭозар ауп, аилибакаара рыбжьазар ауп», – лҳәоит Ада Кәарҷелиа. 


Шарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me