Аҿиарамҩа ианылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра иӡбатәны аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа маҷым. Убарҭ апроблемақәа ируакуп жәлар рҵара, раҧхьа иргыланы, аҧсуа милаҭтә школ ашьақәыргылара.
Ишдыру еиҧш, амилаҭтә школ анмилаҭтәу уаҟа арҵара-ааӡаратә процесс зегьы милаҭ бызшәала ианымҩаҧысуа,насгьы арҵара-ааӡара аҵакы шьаҭас амилаҭтә культура аназышьҭоу ауп. Иахьазы ҳара аҧсуа школ ҳәа иҳамоу абжьаратә зеиҧшҵаратә школ акәзар, арҭ ашәагақәа рыла уаназнеи, уи аҧсуа милаҭтә школым, избанзар аҧсышәала аҵара ахьырҵо алагарҭатә классқәа рҿоуп. Уи нахыс аҵара-ааӡаратә процесс зегьы мҩаҧысуеит урысшәала, Урыстәылатәи Апрограммақәеи арҵагақәеи рыла; аҧсуа бызшәеи алитературеи рҵоит маҭәарқәак раҳасабала.
Арҵара аҵакы акәзар уи шьаҭас иазышьҭам аҧсуа милаҭтә культура (ажәа «акультура инарҭбаау аҵакалагь «иаазыркьаҿу» аҵакалагь).
Ишҧашьақәгылеи амилаҭтә школ ари аҩыза атип, ҧеиҧшс иамоузеи ҳаҧхьаҟа? Арҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵаразы иааркьаҿӡаны ҳахәаҧшып уи ашьапы анакыз инаркны иахьанӡа изнысыз амҩа.
- 19-тәи ашәышықәса аҩбатәи абжа. Аҧсуа ҩыра (алфавит) аҧҵара, раҧхьаӡатәи арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәара (И.Бартоломеи ианбан шәҟәы, Д.Гәлиеи Маҷавариани ранбан шәҟәы).
- 20-тәи ашәышықәса аҧхьатәи 20 шықәса. Адинхаҵаратә литература аҧсышәала аҧҵара. Анбан шәыҟә ҿыц (А.Ҷоҷуа), арифметиказы раҧхьаӡатәи арҵага шәҟәы (Ф.Ешба) аҧсышәала реиқәыршәара. Аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркра (Д.Гәлиа). Аҵара аларҵәара.
- 20-30-тәи ашықәсқәа. Алагарҭатә школ аҧсуа школны ашьақәыргылара. Ахатәы бызшәа, арифметика, аҧсабараҵара амаҭәарқәа рзы алагарҭатә классқәа рҿы аҧсышәала дырҵара. Аҧсуа бызшәа, алитература дырҵара аиҳабыратә классқәа рҿы.
Ари апериод ааноуп ианышьақәгылаз иахьатәи аҧсуа школ атип. Ас еиҧш иҟоу ашколқәа шьақәгылеит СССР аҩныҵҟа иҟаз егьырҭ автономтә республикақәа рҟынгьы.
4.40-тәи ашықәсқәа. Ашықәс еиқәаҵәақәа. Аҧсуа школқәа аркын.
- 50-тәи ашықәсқәа. Аҧсуа школқәа реиҭашьақәыргылара. Алагарҭатә школ аҧсышәала аҵара рҵо, аиҳабыратә классқәа рҿы ахатәы бызшәеи алитературеи маҭәарны ирҵо ашьақәыргылара.
Абарҭ ашықәсқәа инадыркны 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа иҟаз апрограммақәеи арҵагақәеи рырҽеиреи реиҭаҭыжьреи инарҷыданы аҧсуа школ иаҧсуатәхаразы ҿыцрак алагаламызт. Арҭ ашықәсқәа рынҵәамҭазы мчыла-хаала аҧсуа школ аҿы аҵара иалагеит Аҧсны аҭоурых (уи азы ҷыдала еиқәыршәаз рҵага шыҟамызгьы).
Амилаҭтә школ ари аҩыза атип азхоны ирыҧхьаӡон аурыс ҳәынҭқар ихаан. Уи аурыс империатә идеологиа иақәшәон. Урыстәыла аимпериа мчыла, бџьарла иампыҵанахалаз атерриториақәа ирықәынхоз атәым жәларқәа роурыстәра бџьарла изалшомызт. Урҭ роурыстәразы урысшәала аҵара-дырра рыларҵәатәын, аха аурыс бызшәа ззымдыруаз амилаҭқәа раҧхьатәи – алагарҭатә ҵара рыҭатәын хатәы бызшәала, нас уи шьаҭас иныҟаҵаны аурыс ҵарахьы риагара мариан. (Апедагогикаҿы ари И.А.Каменски ихаан аахыс еицырдыруа акакәын).
Урысшәала аҵара зауз, урыс бызшәала, урыс ҵасла ихәыцуа иҟалоит, ишнеиуа рхала иоурысцәахоит ҳәа иҧхьаӡаноуп аурыс ҳәынҭқар инапаҵаҟа иҟаз атәым милаҭқәа ашколқәа рзаартуа, рхатәы бызшәа дырҵо изалагаз.
Абри аидеологиа ауп иаҵоу иахьатәи ҳмилаҭтә школгьы. Уи аҭоурых аҿы еицырдыруеит, имҩаҧызгоз уи иаҵаз рӡаӡомызт. Аурыс ҳәынҭқар атәым милаҭқәа ргәырҩа даганы акәмызт аҵара рыларҵәара дзашьҭаз, уи азы мааҭкгьы нихуамызт, иара имилаҭ рыбжеиҳараҩык анҵарадаз аамҭазы.
Ицәыргаӡамкәа ари аидеологиа акәын имҩаҧыргоз СССР аныҟаз аамҭазгьы автономиа зырҭаз амилаҭқәа рҿы. Уимоу 30-тәи ашықәсқәа раан ишьақәгылаз амилаҭтә алагарҭатә школқәа автономиақәак рҿы ишнеиуаз зынӡа мап ацәыркын урысшәала аҵарахь ииасит, рхатәы бызшәа заҵәык маҭәарк аҳасабала иныжьны.
Иара СССР иалаз аидгыла республикақәа рҿгьы аурыс школқәа, аурыс ҵараиурҭақәа рхыҧхьаӡара есааира иазҳауан, убри аамҭазы амилаҭ ҵараиурҭақәа рхыҧхьаӡара еиҵахон.
Усҟантәи адокументқәа изларҳәо ала уи мҩаҧган дара амилаҭқәа «рхатәгәаҧхарала», «дара иҟарҵаз аҳәарала». Аҵабыргазы, ус еиҧш иҟаз аҳәарақәа ҟарҵеит урҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәақәак.
Уи анаҳҳәа, официалла иараи ҳаҧсуа школқәагь аркын (1945 ш) аҧсуаа иҟарҵаз «аҳәарала». Иҟоуп ус еиҧш «аҳәара» ҟазҵаз аинтеллигенциа рхаҭарнакцәагьы. Адокументқәа шьҭоуп (иззымдыруада ус еиҧш иҟоу «аҳәарақәа», нас «адокументқәа» шеиқәдырҽаҽоз). Арахь уахәаҧшуазар, аҧсуа милаҭ зегьы уи трагедиа дуны ирыҧхьаӡон, дара иразҵаауадаз акәымзар.
Изеицәааӡарызеи, иара иахьагьы иҟоуп уи аҩыза «аҳәара» ҟазҵаша, урҭ амҩа рыҭазар. Аимпериа анеилаҳа аимпериатә идеологиагь ықәӡаауеит. Уи шықәӡаауа зызгәамҭо ыҟазаргь ҟалоит, избанзар ахәыцрагь аинерциа амоуп, иаразнак изаангылом, изааҳәуам.
Аҵабыргазы, аҧсуа милаҭтә школ иахьанӡа ҳаанагеит ҳбызшәеи ҳкультуреи мырӡкәа, уимоу аихьӡарақәагьы алыршаны. Иара анышьақәгылаз аҭоурыхтә аамҭа инақәыршәаны иалшараны иҟаз алнаршеит. Аринахыс уи аҿиара анамоу ауаажәларра аҭахрақәа азынамыгӡо, аҳәынҭқарра амаҵ азымуа иҟалоит. Уи ҟалахьеит, иубартә иҟоуп, ҽмырба ҟаҳамҵозар.
Аҿырҧштәқәа рзы хара ацара аҭахӡам. Аҧсуа школ аушьҭымҭацәа аҧсшәа ишақәнаго ирдыруа, аҧсышәала ихәыцуа иазыҟаҵам. Аҿар дара-дарала урысшәала ауп ишеицәажәо. Ақалақьтә аҧсуа школқәа ракәзар, урҭ рышҭақәа аҧсшәа ҭыҩуам. Аҧсышәада даҽа бызшәак ззымдыруа инеиз ахәыҷы ҩба-хҧа шықәса рышьҭахь аурысшәа цәажәага бызшәаны иаашьҭихуеит.
Ахәҷы абызшәа аҭаацәа рҿы иҵароуп, урҭ роуп изхароу рҳәоит анаҧшцәа. Ҳәарада, абызшәа ахыҵхырҭа аҭаацәараҿоуп, аха аҿиара ахьоуа ашкол аҿоуп. Аҭаацәараҿы аҧсшәа дырҵара злымшаз рхәыҷқәа аҧсуа школқәа рахь инаргоит, уаҟа рхатәы бызшәа рҵап ҳәа, аха уаҟа издыруагь ирхашҭуеит, дара ирҵараны иҟоузеи? Ҟыжә-быжәк рҵоит ауп. Уи зхәарҭоузеи. Иахьанӡа ҳаазгоз ақыҭа школқәа ракәын, аха иахьа уаҟа ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара еиҵахеит, рҭагылазаашьагь уадаҩхеит.
Мыцхәы азааҭгылара аҭахым аҧсуа школ иалго аҧсуа милаҭтә культура ахьынӡардыруа. Гәыбҕанс ируҭозеи, уи ахьырҵо ҳәа маҭәарк арҵаратә план иарбамзар. Акласснҭыҵ, ма ашколнҭыҵ усмҩаҧгатәқәак раан ирмаҳацзар, инеиҧынкыланы дыррак роуам аҧсуа музыказы, асахьаҭыхратә ҟазаразы, атеатр азы.
СССР аныҟазтәи аҵара асистема убас еиҧш унификациа азун, автономтә республикак аҿы амилаҭтә школ аплан иагьузалагаломызт ус еиҧш иҟоу маҭәарк. Уимоу, Аҧсны аҭоурых, Аҧсны агеографиа реиҧш иҟоу амаҭәарқәа аҭыҧ рымамызт аҧсуа школ арҵаратә план аҿы.
70-тәи ашықәсқәа раахыс иааузымычҳауа ианыҧшхьан аҧсуа школ уи ауаажәларратә ҭахрақәа азхамырҭәаауа ишыҟалаз. Аҧсуа интеллигенциа уи аиҭакразы аҽазышәарақәа ҟарҵеит, амилаҭтә ҵысра иалахәыз иқәдыргылоз апроблемақәа ируакын аҧсуа милаҭтә школ апроблема. 80-тәи ашықәсқәа раан ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Аидгылара» аҧсуа школ аҧсышәала аҵарахьы аиасра иазықәҧон. Уи иҟанаҵаз аныррала Аҧсны усҟантәи аиҳабырагь ирыдыркылаз «Аҧсуа бызшәа аҿиара апрограммаҿы» (1989) иазгәарҭеит амаҭәарқәа рҕьырак аҧсышәала аҵарахьы аиагаразы аусмҩаҧгатәқәа.
Урҭқәа зегьы намгӡакәа инхеит, Аҧсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз иахҟьаны. Аҵыхәтәаны, аҧсуа жәлар аибашьра амца иааладыргылеит. Иааирыла уи аибашьра иалҵыз аҧсуа жәлар ишьақәдыргылар акәхеит аибашьра иаҟәыбаз аекономика, акультура, аҵара асистема убас аҧсҭазаара аганқәа зегьы.
Абас ауадаҩрақәа шыҟоугьы, раҧхьа иргыланы иӡбатәу апрооблемақәа ируакуп аҧсуа милаҭтә ҵара апроблема.
Иахьа ҳҿар рхатәы бызшәа, рмилаҭтә ҭоурых, рмилаҭтә культура ишақәнагоу ирзымдыруазар изхароу раҧхьаӡа иргылан амилаҭтә ҵара асистемоуп. Зегьы дара аҿар ирхароуп, рҭаацәа ирхароуп ҳәа аара урҭ инарықәҵаны, изыхҟьаҵәҟьо ааҳмырҧшыр уи ҳмырҽеир, ари аҩыза аҭагылазаашьа даҽакала алҵшьа зыҟалом.
Мҩас иҟоу акоуп: аҧсшәа аҧсуа школ аҿы (тәым бызшәак еиҧш ирҵо акәымкәа) аҵара зларҵо, адырреи ааӡареи злароуа бызшәаны иҟалароуп. Ажәакала, аҧсуа школ аҿы арҵара-ааӡара апроцесс зегьы аҧсышәала имҩаҧысуа ианыҟалалакь ауп ашкол аҿы аҧсшәа апроблема аныӡбахо.
Аҧсуа бызшәа апроблема инагӡаны аӡбаразы, ҳәарада, уи Аконституциа ишаҳәо инақәыршәаны ҳәынҭқарратә бызшәак ишақәнагоу еиҧш Аҧсны аусҳәарҭақәагьы ирбызшәаны иҟалароуп. Уи анагӡаразы аусурақәа мҩаҧысуеит. Ари аус иадҧхьалоуп аҭҵааратә, арҵаратә, арҿиаратә усҳәарҭақәа.
Арҵара асистема аганахь алагь ари аус раҧхьа иргыланы игәцаракуп. Аҵара аминистрра 1995 шықәсазы ишьақәнаргылеит амилаҭтә ҵара аконцепциа, ҷыдала иаҧҵаз акомиссиа уи шьақәнарҕәҕәеит.
Аконцепциа еиҳарак гәыцәс иамоу амилаҭтә школ ашьақәыргылароуп. Уи аус анагӡара ҩ-етапкны ишоуп. Аҧсуа школ аҿиара уажәтәи аетап аан иахәҭаны, насгьы иалшараны иҧхьаӡоуп аиҳабыратә (5-11-тәи) классқәа рҿы амаҭәарқәа рҕьырак (агуманитартә хырхарҭа змоу) – аҭоурых, агеографиа, амузыка, аҿыханҵатә ҟазара, абаҩрҵәра – аҧсышәала аҵарахьы риагара, иара убас – ааӡаратә усуреи аусеилыргареи.
Ари аус анагӡара иаҭаху анорма-методикатә, арҵагатә маҭәахәқәа рыла аиқәыршәаразы апрограмма ҷыда шьақәыргылоуп. Уи Аҧсны Ахада ишьақәирҕәҕәеит. Абри апрограмма инақәыршәаны аусурақәа мҩаҧысуеит. Уи анагӡара иазкуп Аҵара аминистрра анапаҵаҟа иҟоу Апедагогика аинститут аусура зегьы, иара убас уи аус азыруеит ҷыдала иаҧҵоу автортә коллективқәа.
Иҟоуп аҵара аҧсшәахь аиагара зырхьанҭо, изыруадаҩуа аҭагылазаашьақәа, уи инаваргыланы иӡбатәхаз апроблемақәа. Ирҿыцтәхеит иара аҵара аҵакы, избанзар аҽаҧсахит иахьанӡатәи ҳуаажәларра-политикатә система, рҽырыҧсахит ауаажәларратә ҭахрақәа. Аҵара аҵакы урҭ ирықәшәо иҟаҵатәхеит. Анаҩсан аҧсуа ҩыра иалагалоуп аиҭакрақәа. Уи анырра рзыҟанаҵеит аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа (еиҳарак аорфографиатәқәа).
Иааидкылан иуҳәозар еицыӡбатәхеит х-проблемак:
1) Арҵара аҵакы арҿыцра: аҳәынҭқарратә арҵаратә стандартқәа раҧҵара, урҭ ирықәшәо арҵаратә программақәа, арҵагақәа реиқәыршәара; иахьанӡа ирымҵоз амаҭәар ҿыцқәа ралагалара убарҭ инарыцҵаны;
2) Ирҽеиу аҧсуа ҩыра, аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟара ҿыцқәа ралагалара (урҭ ирыцу аметодикатә зҵаарақәа рыӡбарагь нацҵаны);
3) Арҵара-ааӡаратә процесс аҧсшәахь аиагара.
Арҭ ах-проблемак рыӡбара аамҭала еиқәшәеит; аҵара аҧсшәахь аиагара акәӡам урҭ цәырзгаз, аха дара убас еидҳәалоуп рынагӡара аамҭала еивыгашьа амам.
Ҳәарада, ари аус – ус хьанҭоуп, амчқәагь реизакра аҭахуп, иаҭахуп имаҷымкәа ахарџьқәагь. Уи анагӡараз еидгылароуп, аус еицыруроуп зегьы – аҵарауаа аметодистцәа, арҵаҩцәа, арҿиаратә усзуҩцәа. Санбадрыҧхьалои ҳәа дымҧшыкәа, дарбанзаалакь «исылшо абриоуп, сабашәҭаху» ҳәа дгылароуп.
Аганахь игылан акритика ҟазҵо еснагь иҟан, иҟалашт уажәгьы, уи ус мариоуп. Иҟоуп аскептикцәагьы, аха урҭ ирызхәыцны гәыҩбара ҟаҵатәым.
Абызшәа мыругоуп – ахархәара змам амыруга наҟ икарыжьуеит. Иҳазкажьуама ҳхатәы бызшәа? Аҧсҭазаара аганқәа зегьы рҿы инарҭбааны ахархәара змоу абызшәа ҿиоит, уи збызшәоу амилаҭгьы еиқәхоит. Збызшәа зцәыӡыз амилаҭ ыӡуеит – уи ҧсабаратә закәануп.
Абызшәа аиқәырхара – амилаҭ реиқәырхара ҵәашьаҟаны иаҵагылазароуп амилаҭтә школ. Иагьа ихьанҭазаргь уи ашьақәыргылара, иагьа ицаҟьазаргьы уахь инагоу амҩа – уи ианыстәуп.