Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Асцена дазшан

Аԥсабара ԥшӡа  иагәылаҳәоу аԥсуа қыҭа Жәандәрыԥшь. Аԥсуа бызшәамзар даҽа бызшәак ахьумаҳауа, аҭоурыхтә хҭысқәа зыдҳәалоу, афырхацәа нагақәа злыҵыз ақыҭа гәырӷьахә.

Ақыҭа Жәандәрыԥшь еснагь иаман аҿахәҳәаҩцәа, аԥхьагылаҩцәа, зыӡбахә еснагь ирҳәо, хашҭра зқәым Афырхацәа. Урҭ зегьы наӡаӡа аҭоурых иазынхоит.

Жәандәрыԥшь ахәы ԥшӡа аҳаракыраҿы инхоз Дасаниа Владимир Шьрыф-иԥа иԥшәма Кьыркьынаӡеи Ардицеи иареи фҩык ахшара рааӡеит: хҩык аԥацәеи, хҩык аԥҳацәеи. Џьабаала ахәыҷқәа рааӡон. Ирыхшазгьы аус руртә ианыҟала ирывагылан ирыцхраауан. Аб Владимир Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын. Уаҟа иоуз ахәра игәабзиара есааира иҵнашәаауан, аха, ихьаа ҵәахуа иҭаацәа дрывагылан.

Аҭаацәара реиҳабы Руфеҭ даныхәыҷыз инаркны акәашара бзиа ибон. Аҟазара злаз, ахәыҷы зегьы деицгәарҭеит. Ашкол аҟны имҩаԥысуаз аныҳәақәа, араионтә олимпиадақәа рҿы, еснагь иалкаахоз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан. Уи аҟыбаҩ ҷыда шилоу иаахтны иалацәажәон. Ахәаԥшҩы илаԥш иҵашәоз кәашаҩын. Иара уахгьы-ҽынгьы ихы аус адиулон.

Дасаниа Руфеҭ Владимир-иԥа 1953 ш. цәыббрамза 29 рзы Жәандәрыԥшь ақыҭан диит. Ақыҭаҿы абжьаратә школ далгеит. Ашкол ашьҭахь Аҟәатәи аҵаралашаратә училишьче дҭалоит. Уи иҟазара ҳаракын, ахьшьыцба иаҩызаз акәашаҩы, ирҵаҩцәа  иеигәырӷьон. Иарбан кәашаразаалак гәникылон, инаигӡон. Аучилишьча хьыӡла-ԥшала ихиркәшеит. Арратә уалԥшьа ихганы даныхынҳә 1971 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи ансамбль ахь днарыԥхьеит. Асцена ду ахь инаԥхьаз арԥыс қәыԥш азыҟаҵаҩцәеи ахәаԥшҩцәеи иршанхеит.

– Руфеҭ, – иҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Царгәыш Уасил, – асценазы дшан. Иԥшра, исахьа, ичаԥашьа, асценахь ицәырҵшьа, ахәаԥшҩы дыхнахуан. Инапқәа ааиҵыхны, ишьапԥынҵа дықәгыланы икәашара аан, ахәаԥшцәа зегьы гыланы, рнапқәа  изеинырҟьон. Акалашәа ишаз, нцәахшак  еиԥш ҳазхәаԥшуаз, аԥсуа кәашарақәа зегьы рыҟны, злагала ҟазҵаз, зыԥсы ҭаны иаанхаз, аҟазацәа дыруаӡәкуп.

Дасаниа Руфеҭ дызлаз ансамбль адунеи иакәшахьан. Уи азы иҟарҵоз аӡыргарақәа иара исахьа ала акәын ишеиқәыршәаз. Иарбан ҳәынҭқарразаалак аконцертқәа ахьымҩаԥысуаз ахәаԥшцәа здеизалоз знапынҵаратә ҩыра  змырхуаз, артистцәа раԥхьа дгылан.

1990 шықәсанӡа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи ансамбль аҟны дкәашон. Асценаҿы иибаз аџьабаа игәабзиараҿы аҽинардыруан. Африка асценаҿы даныкәашоз, ишьамхы  ӷәӷәаны ихәахәеит. Убри иахҟьаны ансамбль аанижьуеит. Хара имгакәан  Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны еиҿкааз акәашацәа рансамбль «Риҵа» ахь диасуеит. Асахьаркыратә напхгаҩыс Малиа Акаки даман, уи ихаҭыԥуаҩыс аусура далагеит.

Дасаниа Руфеҭ иԥшәма Бигәаа Наҭелеи иареи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны 20 шықәса еицыкәашон. Урҭ ҩыџьа аԥацәа рхылҵит: Алхаси Аслани. Уи Аԥсны аибашьра анеилга акәашара ааныжьны, ансамбль «Риҵа» ашәаҳәацәа рхор ахь диасит. «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ ҳаракы лыхҵоуп.

1992 шықәсазы Италиатәи ақалақь Генуа, ацәыргақәҵа «Калумб-92» аҟны Аԥсны амшқәа азгәарҭон. Уи  аиҿкааратә комитет ахантәаҩы Смыр Игор акәашацәа уахь инеиԥхьеит. 1992 ш.  Италиантә ианыхынҳә, мышқәак рышьҭахь Аԥсны жәлар  Рџьынџьтәылатә еибашьра иналагылеит.

Дасаниа Руфеҭ дахьынхоз аҭыԥаҿы еиҿыркааз агәыԥ «Замастианка» далалеит. Уи командирс даман Дармаа Витали. Дасаниа Руфеҭ дызлаз акоманда дахәҭакхеит. Иахьагьы аибашьцәа гәадурала ихцәажәоит, дыргәаладыршәоит: – Руфеҭ аламала дцәажәаӡомызт. Ииҳәоз ииуаз, иҟаиҵоз гәыкала иҟаиҵон. Иқәкы хада, аԥсадгьыл ахақәиҭра акәын. Еснагь ԥхьаҟа деихон. Иажәа иалан «схы аиҳа, Аҟәа аҳҭны-қалақь бзиа избоит» ҳәа. Шаҟа уиҿцәжәоз убри аҟара уизааигәахон, дуаҩы қьиан. Иидыруаз рацәан…– иҳәеит «Леон» иорден занашьаз Дармаа Витали.

Дасаниа Руфеҭ апозициа аҟнытә лассы-лассы дааӡомызт. Данааилакгьы иҽааиҭакны, иҭаацәа днарылаԥшны имҩа дықәлон. – Аҵыхәтәан данааи маҷк илахь еиқәын. Аха, нас даацәажәеит, – лҳәеит иԥшәма Наҭелла, – Ахәы ҳаракқәа ҳнапахьы иаагеит. Аҟәа ахақәиҭтәразы ҳжәылоит, маҷк ауп иаанхаз. Хыхьынтә ақалақь ҳалаԥшуеит! – иҳәан аҩны дындәылҵит.

Дасаниа Руфеҭ дызлаз акоманда «Замостианка» аҟынтә ахԥатәи абаталион Багаҭелиа Валикәа командирс дахьыҟаз, дшиасуаз реиҳәеит. Уи зыхҟьаз иашьцәа аиҵбацәа рҩыџьагь Бориси Раули уаҟа еибашьуан. – Шәгәы иаанамгааит, – иҳәеит Руфеҭ, – шәара шәаансыжьуеит ҳәа. Исҭахуп сашьцәа рааигәара  сыҟазарц, аибашьра еибашьроуп, иҟамло акгьы ыҟам… Иҩызцәа зегьы аԥсшәақәа нараҳәаны иашьцәа ахьыҟаз акомандахь диасуеит. Аԥсуа еибашьцәа рырхәҭақәа акрызҵазкуаз ахәыҳаракырақәа : Гәыма, Каман, Цугуровка ганы Аҟәа ақалақь ахь албааразы  рхы дырхеит. Мгәыӡырхәаа, Жәандәрыԥшьаа, Оҭҳараа зегьы еицын.

Аибашьра зегьы иалсыз Руфеҭ ибзиаӡаны згәалашәараҿы даанхаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу  Џьыкрба Виктор,– Рауф ҳара ҳахьтәаз аҵыхәтәантәи ажәылара аан днеиит.  Маҷк аԥсеиҭакра ҳауны, ҳаанаатәа, ус  иҳәеит: – Сыԥсҭазаара аиҳарак Аҟәа исхызгеит. Уаҟа иҟоуп: суадақәа снапала исыргылаз аԥацха, акыршықәса сахьыкәашоз асцена… Акраанхоушь?!  Знызаҵәык Аҟәа ҭаҳарцәындаз… Урҭ акгьы иацәыԥхашьаӡом. Рымшала шаҟаҩы ҭахахьада? Ҩныда, гәарада аԥсуаа ахьынхоз рыццышәуеит…

– Рауф, – иҳәеит Виктор, – ҳала ишабоз ауп ахы шиқәшәаз. Уахь неишьа ыҟамызт. Уи иԥсы шҭаз аӷацәа даҳцәыргеит…

Дасаниа Руфеҭ ажәылара иалагаанӡа, Гәдоуҭа дааит. Иҭахцәа дзыхьӡаз, дрылсны ибеит. Иаҳәшьцәа ҩыџьа рҿы днеит. – Нанукеи Маиеи збеит. Лилика лахь сымнеиӡеит, избанзар, санылбалак аҵәуара далагоит. Аиааира анаҳгалак, снеины дсыргәырӷьоит, – иҳәеит аҩны данааи.

Иԥшәма Наҭелла илгәалалыршәоит: – Уи аҽны даара игәалаҟазаара бзиан. Зегьы акака реиҳәеит. Амҩа  данықәлоз, уи игәырӷьара алахьеиқәра шаҵаз збеит. Аха акгьы иасымҳәаӡеит. 

Ҳаибашьцәа Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит. Руфеҭ дызлаз архәҭа ԥхьаҟа еихон. Цәыббра 18,1993 ш. аӷацәа ҳаибашьцәа рхы рзышьҭымхыртә еиуеиԥшым абџьар хкқәа рыла ирылахысуан. Руфеҭраа ахьтәаз иацәыхарамкән, иара ибзианы иидыруаз Саркис Саакиан дырхәит. Уи ацхыраара, даҳәон. Умцан уахь анеира шәарҭоуп!, – ҳәа Руфеҭ ишиарҳәозгьы дҳәазаны ддәықәлеит. Аӡәгьы дизымӡырҩит. Аԥсҭазаара иаҳәоз Саркис дахьышьҭаз днеит. Ахқәа шивҟьҟьоз, ииулак дҳәазаны, аибашьҩы амцашыра далигеит. Руфеҭ ахәы дааныжьны, дҳәазаны дышнеиуаз ақырҭуа ихы иқәшәеит. Акыраамҭа дышьҭан. Иааигәа уаҩытәҩса днеиратәы иҟамызт. Иԥсы шҭаз, ақырҭцәа рнапаҵаҟа дҟалеит. Иԥшәма лҿынӡа лымҳаҭасқәак наӡеит, аха инагӡаны аилкаа лымамызт. Иашьцәа Бориси Раулигьы ақырҭцәа дшыргаз еилыркааит игәаҟит, иуазырит, аха ицхраартә мчы рымамызт.

Дасаниа Руфеҭ иан Ардица лмыткәмабжьы ақыҭа иалыҩуан, дгәаҟуан, дуазыруан. Аԥа ихабар ыҟамызт. Ишьақәырӷәӷәам аинформациала, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Дасаниа Руфеҭ иԥсы ахәага аҭыхразы агыгшәыграқәа зегьы рхы иадырхәеит… Ԥшьымыш аӷа инапаҵаҟа иҟаз, «аԥсуа сцена аҳ» ҳәа ззырҳәоз, цәгьаԥсышьа ирҭеит. Нас ауп иԥсыбаҩ аԥсуа шәартист дыжәга» ҳәа изныз абӷьыц ацҵаны,ҳаруаа данрырҭа. Дузхмыртуа, узиҿамԥшуа, иҭаацәа дырзааргеит: Иан рыцҳа луаз ақыҭа иалыҩуан.

Аԥсҭазаара ауаҩытәыҩса дарӷәӷәоит, уи аамҭазы ицәа-ижьы иалоу ахьаа хашҭра ақәымкәан ишаанхогьы Иԥшәма Наҭелла зегьы дыриааины аҟазара агәҭа дгылоуп, ансамбль «Риҵа» аҟны ашәақәа раӷьырак назыгӡо лоуп. Урҭ ашәақәа лара илзааигәоуп, илхьаауп…

Дасаниа Руфеҭ еиҵбацәа Бориси Раули рқыҭауаа ирылагылан, еибашьуан. Борис аибашьраҿы ажәыларақәа зегьы ирылахәыз, акоманда «Аԥшьдәны» командирс иамаз, аибашьра ашьҭахь Гал аҳәааҿы иуалԥшьа анагӡараан 1994 ш. жәабран мза ааба рзы дҭахеит.

Дасаниа Руфеҭ Владимир-иԥа иԥсы ҭазҭгьы сынтәа, цәыббра 29 рзы 70 ш.ихыҵуан 50 ш. анихыҵуаз Гәдоуҭа араионтә еизареи Администрациеи рыӡбамҭала Гәдоуҭатәи акультуратә Хан ихьӡ ахҵан.

Ааигәа, Дасаниа Рауф Владимир-иԥа 70 ш. ихыҵра инарҭбааны иазгәаҭан  Гәдоуҭа ,С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Аибашьцәа, изааигәаз иҩызцәа акәашацәа, Администрациа аусзуаҩцәа, адепутатцәа, дызлыҵыз иқыҭа Жәандәрыԥшьаа дыргәаладыршәон. Изкыз ажәеинраалақәа аҵаҩцәа аԥхьон, афырхаҵаратә ашәақәа нарыгӡон жәлар рансамбль «Риҵа».

Дасаниа Руфеҭ Владимир-иԥа Леон иорден ианашьоуп. Ԥсра ӡра зқәым ахьӡ ду ичаԥеит: «Руфеҭ Дасаниа, – иҳәеит Гәдоуҭа араион администрациа Ахада ихаҭыԥуаҩ Аҩӡба Валери, – иашьцәагьы иаргьы рхы рымшаҭеит. Ахаҵара, иахылҵуан Афырхацәа! Ҳаԥсадгьыл еиқәзырхаз, аԥсуаа зегьы рымцахә иахьа еиқәуп. Уи зыбзоуроу зегьы аҭоурых иахаҿны иаанхоит. Агәалашәара ахааназ аԥсуаа ирыман, ирыцын, ирыцзаауеит.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me