Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Автобус ҳамҭас

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа асабша ашьжьымҭан Очамчыра араион Тамшьтәи абжьаратә школ иеиҭеит автобус, – иаанацҳауеит аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Иара ихаҭа абри ашкол далгеит. Уаҟа рҵаҩцәас аус руан иара иани иаби.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит автобус шааихәаз Аҧсны ииз-иааӡаз амеценат Роберт Татулиан, ҳамҭасгьы ашкол иаиҭеит. «Ҳаҧхьаҟа иаҳагьы еиҕьхоит, аӡҭарчы ашҟа, акультуратә усмҩаҧгатәқәа рахь ахәыҷқәа жәгалоит. Иахьазы зегь раасҭа иҧшӡоу атранспорттә хархәага шәара ишәымоуп», – иҳәеит иара.

Д.Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ адиреқтор Емма Зақараиа аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит аҳамҭазы. Аслан Гьаргь-иҧа ибзианы аҵара иҵон, игәы ҭбаан, дманшәалан. Иаб ашкол адиректорс, иан рҵаҩыс аус шыруазгьы, уи иаҳа привилегиак иман дыҟамызт. Ҳара даара ҳаигәырҕьоит уи иахьа аҭыҧ ду ахьааникылауа. Иҭабуп ауаа рзы иҟашәҵо абзиарақәа зегьы рзы», – лҳәеит ашкол адиреқтор.

Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанбеи Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Беслан Бигәааи ицны Аслан Бжьаниа дырҭааит Росатом акласс ҷыдақәа. Урҭ аусура иалагеит абри ашкол аҟны ҳазну ашықәс апрель инаркны. Ҳаамҭазтәи аклассқәа ҩба еиҿкаан атомтә енергиазы Урыстәылатәи Аҳәынҭкорпорациа амалқәа рыла. Аклассқәа еибыҭоуп афизикеи, аматематикеи, аинформатикеи рзы, алабораториатә, атеориатә ҧхьарақәа рзы иаҭаху зегь рыла.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me