Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа дызлахәыз аиҧылара

Нанҳәамза 17 рзы Аҧсны Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа далархәны аилатәара. Уи ҩ-сааҭк инарзынаҧшуа ицон. Аилатәара аартуа Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны Анацәа Рхеидкыла аиҳабы Гәыли Кьычба илҳәеит, иахьатәи ҳаамҭазы Пицундатәи аҳәынҭдача иазкны Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩразы ауаажәларраҿы иҟоу агәынамӡарақәа инарымаданы, гәыҧҩык ауаажәларра рхаҭарнакцәа ашәҟәы шырҩыз Ауаажәларратә палатахь, алацәажәара ахаҵгыларазы.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа азҵаарақәа рҭак аҟаҵара далагаанӡа, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәылацәа ааҧхьара ахьирҭаз азы. Анаҩс иҳәеит еснагь дшазхиоу гәаартыла аоппозициа ахаҭарнакцәа рацәажәара.

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба дазааҭгылеит Аиқәышаҳаҭра азҵаара шцәырҵхьаз егьырҭ Аҧсны Ахадацәа раангьы 2010-тәи 2014-тәи ашықәсқәа рзы, аха уи дара авсуан, избанзар ираҳауан, ирбон Аҧсны жәлар агәҭынчымра шрызцәырнагоз. Адгьыл азҵаара анцәырҵуа ажәлар агәҽанызаара роуеит, аҧсуа милаҭ ахьмаҷу иахҟьаны. Убри инамаданы иахьа ицәырҵыз агәынамӡарақәа Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаатәы еиҳа инарҭбааны далацәажәарц ажәа илҭеит Аҧсны Ахада.

Аҧсны Ахада дазааҭгылеит изныкымкәа Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩразы ицәырҵыз азҵаарақәа рҭак шыҟаиҵахьоу, аха даҽазныкгьы иаҭаххар ишыҟаиҵо. Иҳәеит Аиқәышаҳаҭра икьыҧхьны ишыҟоу, зегьы алшара шрымоу уи аҧхьара хәҭаҷцҧхьаӡа, аха аратификациа ишахымсыц. Иахьатәи ҳаамҭазы иҟоуп ацәажәарақәа ари Аиқәышаҳаҭра маӡала иҟаҵазшәа, аха уи иашам. Избанзар 2021 шықәса апрель мзазы ари Аиқәышаҳаҭра ахәаҧшразы инашьҭын Аҧсны Жәлар Реизарахь. Уаҟа иагу-иабзоу иалацәажәарц, аха еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны ус изыҟамлеит. Аиқәышаҳаҭра Аҧсны азы шәарҭара ҳәа акгьы аҵам. Иара убас 12 шықәса раахыс абри Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩразы Урыстәылатәи Афедерациа иқәнаргыло азҵаара аратификациа амаиоур, Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аруадаҩыр алшоит. Аҧсны Ахада иҳәеит, акыр шықәса рыҩныҵҟа Аҧсны еиуеиҧшым апроблемақәа шцәырҵуаз аекономика, ашәарҭадара, атәылахьчара ирызкны, убарҭ зегьы рганахь ала аиқәышаҳаҭрақәа рнапы шаҵаҩыз. Аҧсны аекономика арҿиара атәы уҳәозар, уа еиҳа ицәгьоуп апроблема иҟоу, избанзар иҟаҵатәу даара ирацәоуп. Иуҳәозар, амҩақәа рҭагылазаашьа, аканализациатә трубақәа рыҧсахра Аҧсны ақалақьқәа зегьы рыҩныҵҟа. Иҟоуп иара убас афымцалашара апроблема, Аҧсны иазхаӡом иргылоу ахәыҷ баҳчақәа, ахәышәтәырҭатә хыбрақәа уҳәа убас имаҷымкәа. Аакьыскьа аиҧылара шимаз иҳәеит акультура аусзуҩцәеи иареи, урҭ зегьы русура аганахь ала апроблемақәа шрымоу, урҭ рыӡбаразы, ацхыраара рыҭаразы афинанстә цхыраара шаҭаху. Убарҭ еиқәыҧхьаӡоу зегьы Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарада дара рхала ишзыҟамло. Аҧсны атәанчаҩцәа 45 - нызқьҩык ахьыҟоу,35 - нызқьҩык аурыс пенсиа роуеит, иазгәеиҭеит уи аҧсуа пенсиа аасҭа хәынтәны ишаҳараку. Иҳәеит абарҭ азҵарақәа рыӡбараҟны адгылара рырҭарц азы еснагь Урыстәылаҟа дцаны аҳәара шыҟаиҵо,иара идагьы убас Аҧсны аминистрцәагьы. Иара игәаанагарала, даҽа шықәсқәак убас иҟаҵатәхоит, Аҧсны аекономика шьҭыҵаанӡа. Аха уигьы дара рыцхыраарада ишзышьҭымҵуа. Иазгәеиҭеит Аҧсны ажәа аинвестициа ишацәшәо, аха уи ада изыҟалом аекономика ашьҭыҵра, иргылатәуп еиуеиҧшым анаплакқәа, урҭ усуратә ҭыҧла еиқәыршәатәуп. Дазааҭгылеит Урыстәыла аҩныҵҟа апроблема шырацәоугьы, Украина аибашьра шцогьы, мышкгьы Аҧсны ацхыраара аҭаразы мап шырцәырымкыц. Убарҭқәа зегьы азгәаҭаны Аиқәышаҳаҭра аратификациа азырымур иара мчыла акгьы шыҟаимҵо, амала убри инамаданы аҧхьаҟа иҟало ишизымдыруа, уи зегьы аамҭа ишунарбо. Адгьыл азҵаара далацәажәо, иҳәеит Аиқәышаҳаҭраҿгьы ишану адгьыл аӡәгьы ишиҭамхо, уи шыҟац ишаанхо.

Иазгәеиҭеит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аруаа 6 - нызқьҩык Аҧсны ашәарҭадара арҕәҕәаразы ишыҟоу, Аҧсны ар бџьарла еиқәыршәаны 6 - нызқьҩык реиҿкаара даара ахарџь ду шаҭаху. Абарҭқәа зегьы иазхәыцны, иазгәаҭаны, Аиқәышаҳаҭра аратификациа азутәуп игәаанагарала.

Аҧсны Ахада ирҭоз азҵаарақәа руак аҟны иҟан Ҧсоу аҳәаа ахыҵра атәгьы. Уаҟа иахьатәи ҳаамҭазы даара иуадаҩуп ахыжьырҭатә ҭыҧ. Иманшәалам иара убас амашьынагәаҭаратә ҭыҧ, урҭ ицәырҵуа ауадаҩрақәа Аҧсныҟа аҧсшьара иаауа ирҧырхагоуп, дара рыдагьы абизнес маҷ знапы алаку рзгьы. Аҧсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа иазгәарҭеит, иахьатәи ҳаамҭазы анхаҩы иаалыҵ аҳәаа ахыгаразы даара ауадаҩрақәа шацу ахыжьырҭатә ҭыҧ аҟны. Убри инамаданы зегь раҧхьаӡа иргыланы ишазхәыцтәу Аҧсны ақыҭа нхамҩа аалыҵ еиҳа ирмарианы аҳәа ахыгара азҵаара.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 2014 шықәсазы рнапы шаҵарҩхьаз Аиқәышаҳаҭра Ҧсоу аҳәаа ахысра ауаа рзгьы амашьынарныҟәцаҩцәа рзгьы, ирмариахарц. Уи азҵаара аӡбара иахәаҧшыр ахәҭан ҩы-шықәса рыҩныҵҟа, аха еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны ус изыҟамлеит. 2014 шықәсазы знапы зҵарҩыз Аиқәышаҳаҭра аус адулара иалагеит, аха уи ус унадыххыланы мышқәак рыла иуӡбо усны ишыҟам. Уи аус аӡбара шықәсыки бжаки иназынаҧшуа иаҭаххоит. Избанзар аус ҭҵааны, аӡбара адагьы, аҩ-ганкгьы азакәанеилагарақәа ҟамҵакәа, иаҭаххозаргьы азакәанқәа рҿы аҧсахрақәак алагаланы иазнеитәуп, иҳәеит Аҧсны Ахада иажәа хыркәшауа.


С.Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me