Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашколтә спорт алҵшәақәа

Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара X Жәларбжьаратәи ашколтә спорт афестиваль амҵышәмпыл еицлабрақәа рыҟны аҭыԥҳацәа рыбжьара аџьазтә медал иаԥсахеит Аԥснытәи агәыԥ.

Афестиваль мҩаԥысуан абҵарамза 7 инаркны 12-нӡа Москва, афедералтә проект «Ахәыҷтәы спорт» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан аспорт хкқәа фба рыла: абадминтон, аԥкьаҭмпыл, анапылампыл, амҵәышәмпыл, ашьапылампыл маҷ, ашахматқәа.

Афестиваль аҟны Аԥсны ахаҭарнакцәас иқәгылеит амҵәышәмпыл азы аицлабрақәа рҟны арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, анапылампыл азы аицлабрақәа рҟны аҭыԥҳацәа рыла ишьақәгылоу агәыԥқәа.

Ари ашколтә спорт афестиваль мҩаԥысуеит уажәшьҭа традициак аҳасабала жәашықәса, 2013 шықәса инаркны, еиуеиԥшым Урыстәыла асубиектқәа рыбжьара.

Афестиваль рхы аладырхәит 500-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа 12 тәыла рыҟнытә: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахстан, Кыргызсҭан, Таџьикисҭан, Узбекисҭан, Беларус, Молдава, Приднестровиа, Туркменисҭан,  Аԥсны иара убас Урыстәыла иқәынхо Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара адиаспора аҟынтәи агәыԥ.

Амҵәышәмпыл асразы аҭыԥҳацәа ргәыԥ азыҟаиҵоит Николаи Гушьин, арԥарцәа ргәыԥ - Дмитри Џьынџьал, анапылампыл – Рузанна Никулина.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me