Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Арра - спорттә хәмарра

Аԥсны аҵара Аминистрра аҵаҩцәа арра-патриотизм рылааӡаразы ишьақәыргылоу аусуратә план инақәршәаны, насгьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы  Аиааира 30 шықәса ахыҵреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ирызкны аспартакиада мҩаԥган.

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра адгыларала жьҭаарамза 31 инаркны абҵарамза 4-нӡа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу Артиллериатә  полки, Алада Ешыратәи ахысырҭеи рҟны имҩаԥысит Аԥсны ашколхәыҷқәа рыбжьара  XVII Ареспубликатә  арра-спорттә хәмарра «Аиааира».

Аицлабрақәа рхы рыладырхәит Аԥсны араионқәеи  Аҟәа ақалақьи рышколқәа  рҵаҩцәа(Гал араион ада).

Аицлабрақәа раартра амш рыдыр­ныҳәалеит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа, Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ  Давид Бжьаниа . Урҭ аицлабрақәа  рылахәцәа  ирзеиӷьыршьеит  агәабзиара, ақәҿиара дуқәа, аманшәалара.

Аицлабрақәа рпраграмма аҟны  иҟан 11 спорт хкы: автомат бџьарла ахысра, автомат бџьар  аимыхра, аибыҭара, 100м; 800м; 1000м. аиԥхныҩлара, агранат аршәра, махәҿала  аҽышьҭыхра, ашаха  аимырххара, ахыци ахәымпали рыла ахысра, арратә хәмарра еилаԥса, ацәаҳәа ақәгылареи шьаҿеиқәыршәала аныҟәареи.

Автомат бџьарла ахысразы командала  аицлабрақәа рзы  I-тәи аҭыԥ ааннакылеит Гагра еизгоу акоманда. Арԥарцәа рыҩнуҵҟа хаҭалатәи азшьаразы иреиӷьу  алҵшәақәа аадырԥшит Габечиа Александри (Гагра ),  Аргәын Радмири (Гәылрыпшь ). Аҭыԥҳацәа рыбжьара зегь реиҳа икылкааны  дхысит Гагратәи акоманда ахаҭарнак Коблева Динара.Автомат бџьар аимыхреи аибыҭареи аҿы   I- тәи аҭыԥ  ааннакылеит ақ. Аҟәа акоманда.

Ирласны автомат еимихит,  иагьеи­биҭеит  Аҟәа ақалақь акоманда ахьӡ ала  иқәгылаз Делба Данил, аҭыԥҳацәа  рыҩнуҵҟа аиааира  лгеит Ҳагба Вероника (ақ. Аҟәа).

100м.  аиԥхныҩлараҟны командала азшьараҿы аиааира агеит Аҟәа еизгоу акоманда, хаҭалатәи азшьараҿы  I –тәи аҭыԥ ааникылеит Киут Леон (ақ.Аҟәа). Аҭыԥҳацәа рыбжьара Димитренко Валериа (ақ. Аҟәа).

1000м., 800м. аиԥхныҩлара аганахьала  I-тәи аҭыԥ агеит Аҟәа еизгоу акоманда. Хаҭала аиааира ргеит Варваштиан Едгар (Гагра араион), Димитренко Валериа(ақ.Аҟәа).

Ахыци ахәымпали рыла ахысраҟны  I-тәи аҭыԥ ааннакылеит  Аҟәа акоманда.Хаҭалатәи аицлабраҟны зегьы ираԥыргеит  Потиомкин Владимир (ақ. Аҟәа), Ҳараниа Расида (Тҟәарчал).

Махәҿала аҿышьҭыхраҟны аҽалнакааит  Гагра араион еизгоу акоманда. Хаҭала аицлабраҟны  еиҟараны очкоқәа  роуит Гагратәи акоманда ахаҭарнакцәа  Габечиа Александри, Бжьаниа Левани, иагьааныркылеит   I-тәи аҭыԥқәа.

Командала азшьараҿы агранат аршәразы иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡахеит Гагра араион акоманда.Хаҭалатәи  аицлабрақәа рҿы агранат еиҳа  ихараны идыршәит Аҟәа акоманда ахаҭарнакцәа Делба Данил(арԥарцәа рыбжьара) , Ҳагба Вероника(аҭыԥҳацәа рыбжьара) .

Хкы-хкыла аицлабрақәа  рҿы зегьы ираԥыргеит Аҟәа акоманда ахаҭарнакцәа Шелудко Александр , Ҭарба Амра.

Ацәаҳәа ақәгылареи шьаҿеи­қәыршәала аныҟәареи рҿы  I-тәи аҭыԥ ааннакылеит  Гагра араион акоманда. Арратә хәмарра  еилаԥсаҿы зегьы ираԥыргеит Очамчыра араион еизгоу акоманда. Ашаха аимырххараҿы   I-тәи аҭыԥ ааннакылеит  Тҟәарчал акоманда.

Хәымш ицоз аицлабрақәа реихшьалақәа зеиԥш командала ианазгәарҭа, 116 очко рыманы  I-тәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа еизгоу акоманда , II-тәи –Гагра араион , III-тәи – Гәылрыԥшь араион, IV-тәи –Тҟәарчал  араион, V-тәи –Очамчыра араион, VI-тәи – Гәдоуҭа араион, VII-тәи – Аҟәа араион .

 XVII-тәи Ареспубликатә арра-спорттә хәма­рраҟны иалкаахаз акомандақәеи, ашколхәыҷқәеи рнапаҟны ирыҭан Аԥсны аҵара Аминистрра  ахьӡала аҳамҭақәа.


Аслан Ҭаркьыл,

Аԥсны аҵара Аминистрра абаҩрҵәыратә ааӡареи , аспорти, аррақәранӡатә зыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me