Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Борис Ашәба хаҭалатәи ицәыргақәҵа

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаатит «Амра ашәахәақәа» ҳәа хыс измоу аԥсуа сахьаҭыхыҩ Борис Ашәба хаҭалатәи ицәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵахь инагоуп 100 инареиҳаны аусумҭақәа –  иҿыханҵоу аԥсабара сахьақәеи апатретқәеи, иара убас амҳаџьырра атема иазку аусмҭақәа рсериа.

Ицәыргақәҵоу аусумҭақәа рхыԥ­хьаӡараҿы иҟоуп – «Амреи амзеи реиԥылара», «Агәыӷра», «Ажәытә Аҟәа», «Абугенвиллиа ашәҭра», «Зыԥсадгьыл зцәыӡыз - зегьы ицәыӡит», «Шьыжьбзиа, исызгәакьоу Аҟәа», «Ашьхақәа рыԥсыԥлагаҩагара», «Ажәҵысқәа», «Иҭынчу афҩышьҭқаара», «С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр», «Адоуҳамч», «Ашымҳа ашәшьыраҿы» уҳәа убас ирацәаны. 

Ацәыргақәҵа аартуа, Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, иара убас Борис Ашәба  дидныҳәалеит.

«Араҟа иахьа ицәыргоу аусум­ҭақәа рхыԥхьаӡараҿы  Москва еиԥш, асахьаҭыхыҩ иԥсадгьыл аҿы иҭихқәазгьы ыҟоуп. Аиҳарак уи иусумҭақәа Аԥсны акультура иазкуп. Ҳара иколлегацәа-асахьаҭыхыҩцәа уи иусура ахәшьара ҳаракы аҳҭоит», -  иҳәеит Витали Џьениа.

Афилологиатә ҭҵаарадырра­қәа рдоктор, ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа адныҳәалара ҟаиҵеит, асахьаҭыхыҩ иҳараку изанааҭдырра аҩаӡара инаҵшьны иазгәеиҭеит:

«Даара абаҩхатәра злоу уа­ҩуп.  Зегьы реиҳа ихадоу – акы иаламҩашьо, зхатәы ҟазшьа змоу сахьаҭыхҩуп. Араҟа иубаӡом аҿыԥшышьа. Борис Ашәба иусумҭақәа ирныԥшуеит асахьаҭыхҩ ихаҭа иҩнуҵҟатәи идунеи, уи аиашазы имариам усуп. Араҟа иахьа ицәыргоу аусумҭақәа акыр ҭакԥхықәрала иаԥҵоуп, урҭ ҵабыргны ҳҟазара иҳаракӡоу адунеитә ҩаӡара ахь ицәырнагоит», - иҳәеит иара.  

Асахьаҭыхыҩ Борис Ашәба ихаҭа ирҿиарахь иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭразы еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иҭабуп идуӡӡаны аамҭа ԥшааны ари ацәыргақәҵа шәахьаҭааз. Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Виктор-иԥа, уи сара ацхыраара ду сиҭеит. Ельвира Арсалиа иахьа ари аусмҩаԥгатә лхы алалырхәыртә дзыҟамлаӡеит, аха сара уи идуӡӡаны иҭабуп ҳәа ласҳәарц сҭахуп ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы исылҭаз хәызмаӡам ацхырааразы», -  иҳәеит иара.

«Сара даара исгәаԥхеит Борис Ашәба ицәыргақәҵа. Иахьа араҟа ҩ-залк рҿы икнаҳауп еиуеиԥшым атехникақәеи атематикақәеи рыла инагӡоу аусумҭа шьахәқәа.  Иубаратәы иҟоуп асахьаҭыхыҩ зус зеиӷьаҟам ала издыруа, даара ибзианы аҿыханҵа зыцааиуа шиаку», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, ацәыр­гақәаҵа илызцәырнагаз ацәаныррақәа ртәы лҳәеит Аҟәа асас Ольга Коптева.

Белоруссиантәи асахьаҭыхыҩ Анастасиа Еверенчикова ацә­ыргақәҵа акырӡа илгәаԥхеит. «Араҟа иҟоуп даара аинтерес зҵоу аусумҭақәа, урҭ ирнубаалоит асахьаҭыхыҩ аԥштәы, аемоциақәа, аԥсадгьыл ахь ибзиабара шаҟа дацклаԥшны ицәыриго. Сара хықәкыла ари ацәыргақәҵа аҭаара сгәы иҭаӡамызт, уи машәыршақә иҟалеит. Аха избаз даара сгәы иаахәеит. Сара аинтерес сымоуп Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыхәаԥшра, схаҭагьы сахьсахьаҭыхҩу инамаданы. Ара­ҟа ицәыргақәҵоу апарҭретқәа ирҵабыргны раарԥшрала иалукаартә иҟоуп, уи дара рҷыдаҟазшьаны иҟоуп. Аколористика акыр ибеиоуп. Иубаратәы иҟоуп аҿыханҵаҩ аҟазаратә гьама шьахә шимоу. Ҳара даара анырра ду ҳанаҭеит ари ацәыргақәҵа», –  лҳәеит лара.

Москватәи ареставратор Алеқсеи Кабачовгьы убасҵәҟьа ацәыргақәҵазы игәаанагара иҳәеит: «Сара, туристк иаҳасабала, даара сазҿлымҳауп  иахьа ҳахьынеиааиуа аҭыԥқәа уаанӡа изеиԥшраз аилкаара. Ари ацәыргақәҵаҿы хра злоу аемоциақәа узцәырҵуеит. Арҭ асахьақәа уанрыхәаԥшуа,  лассы-лассы арахь ааиразы агәазыҳәара узцәырҵуеит. Сара сгәаанагарала, асахьаҭыхыҩ даара ибзианы аус иуит, уи иусумҭақәа зегьы ирбар ахәҭоуп». 

 Асахьаҭыхыҩ хаҭалатәи ицәыргақәҵа Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит.

 «Апартреҭ, апеизаж, анатиурморт уҳәа реиԥш иҟоу, автор дзызхьаԥшуа еиуеиԥшым ажанрқәа рҿы, сара сгәаанагарала, еидызкыло ҳәа иҟоу асиужеттә ҵакы змоу асахьақәа роуп.  Урҭ сара ирылызбаауеит асахьаҭыхыҩ гәык-ԥсыкала иԥсадгьыли иуаажәлари дшырзыҟоу, урҭ рхьааи рлахьынҵеи шрыцеиҩишо. Аԥсны аҭоурыхи ажәытә легендақәеи атрадициақәеи, ааигәа имҩаԥысуаз атрагедиатә хҭысқәеи дрызхьаԥшуа, асахьаҭыхыҩ арҿиаразы ҵҩа змаӡам ашьаҭеи ҳәаа змаӡам ахыҵхырҭеи иоуеит.  Ари даара акыр аҵанакуеит, уи арҭ асахьақәеи аграфикатә ҭыхымҭақәеи збо ахәаԥшыҩ хра злоу аемоциақәа изцәырнамгар залшом, аха зегьы ирыцку - еиуеиԥшым  асахьаркыратә хаҿқәа рыла иаарԥшу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш лаша ақәгәыӷреи иара аԥсҭазаара ахаҭа ахь абзиабареи роуп», –  абас Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа руак аҿы дықәгылауа Борис Ашәба иҟазара ахәшьара ааиҭеит асахьаҭыхыҩ, Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа рырҿиаратә Еидгыла алахәыла Дмитри Костылев.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуан аб­ҵарамза 24 аҟынӡа.


Борис Ашәба – Урыстәыла аса­хьаҭыхыҩцәа рырҿиаратә Еидгыла алахәылас дыҟоуп.  Аҟәатәи аса­хьаҭыхратә школ доушьҭымҭоуп. 1989 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет далгеит. Аекономикатә наукақәа ракандидат ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Борис Ашәба иусумҭақәа Аԥсны, Урыстәыла, Испаниа, Ҭырқәтәыла хазхаҭалатәи агалереиақәа рҿы ишьҭоуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me