Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ушьақар уахылаҧшла»

«Ушьақар уахылаҧшла» абас ахьӡуп, адиабет чымазара  иаҿагылан  ақәҧара  Жәларбжьаратәи  амш ахьӡала, 14  жәиҧшь рзы ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз акциа.

Иара еиҿыркаауеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, хықәкысгьы иамоуп, адиабет мамзаргьы ашьақар чымазара ҳәа изҿу закәу уи иацу ашәарҭареи ауаа деилыркаара.

Адиабеттә чымазара иаҿагыланы ақәҧара амш азгәарҭоит 1991 шықәса раахыс. Акраамҭа аҵыхәтәанынӡа еилкааӡамызт ари ачымазара хкы иацу ашәарҭара, иара убасгьы иҭҵааӡамызт уи ахәышәтәышьа амҩақәа. 1992 шықәса рзы иҟалеит  аартра ду, аҳақьым Фредирик Бантинг аинсулин ала ихьанҭоу адиабет аформақәа раанкылара, ачымазыҩцәа реиқәырхара шауа шьақәиргылеит. Раҧхьатәи аҧышәарагьы алҵшәабзиақәа аиуит. Ари аартра сенсациахоит, дук хара имгакәан ахәшә аҭира иалагоит. Бантинг иаартра адиабет шьаҭынкыла ахәышәтәра алнамыршаӡеит, аха иара иабзоураны миллионҩыла ауаа еиқәырхан.

Аҵыхәтәантәи  аамҭазы  адунеи  аҿы  ашьақар  чымазара  змоу  ауааҧсыра  рхыҧхьаӡара  еиҳа - еиҳа  иацло  иалагеит,  иара  еилнахуам  аӡәгьы,    ахәыҷӡақәа инадыркны зықәрахь инеихьоу рҟнынӡа.   Иҟоу астатистикатә рбагақәа рыла ҳтәылаҿгьы  ари  ачымазара  змоу  ауааҧсыра   рхыҧхьаӡара    есышықәса иацлоит. Урҭ  асиа иануп,  аҳәынҭқарра   аганахь  ала  ахылаҧшра  рымоуп, ирҭаху  ахәшәқәа рыла хәыда -ҧсада  аҳәынҭқарра  еиқәнаршәоит.  Адиабет иахәҭоу ахылаҧшра ауҭар, ауаҩы иҧсҭазаара зҿаҟәо зыӡбаны иҟаӡам рҳәоит аҳақьымцәа.

Иара аҵанакуеит аендокринтә система ачымазарахкқәа рахь. Изыхьуа ицәа иалоу ахкы ахьанҭара ҩба-хҧа фактор ирхьыҧшуп. Раҧхьа иргыланы ахәышәтәра  напы анадыркыз, насгьы ачымазара алкааны адиагноз иаша анықәыргылаз, зегьы ирыцкуп. Избан акәзар, ашьақар чымазара шамахамзар,  ауаҩы ишимоу анидыруа аамҭазы, адиабет зыхәышәтәра еиҳа имариоу аформақәа ирхысны ихьанҭоу ахь ианиасхьоу ауп. Уи змааноу акәны иҟоуп ачымазара алагамҭеи абжьаратәи аҿиашьеи раан зынӡа аҽцәыргара амаӡамкәан, ахы унамардыруа иахьыҟоу.

Ҳаамҭазтәи аформакологиаҿы хархәара змоу иҿыцу ахәшәхкқәа ирыбзоураны ашьақар чымазара иахьнеихьоу аҩаӡараҿы аанкылара ауеит, аха апациентгьы ихы аҭақҧхықәра адҵаны ифатә- ижәтә дацклаҧшуазар ауп. Згәы  бзиоу  ауаҩы аамҭа-аамҭала   амедицинатә гәаҭарақәа  дырхыслароуп, иара   идыруазароуп  ишьа иалоу  ашьақар аҩаӡара  ахьынӡаҟоу. Адиабет   чымазара  шьҭикаар алшоит  ҳәа  ашәарҭара цәырызго арбагақәа идбалазар ианаамҭоу  ихәышәтәра  напы  адыркуеит, араҟа иҳәатәуп асеиҧш заатәи агәцаракра еснагь алҵшәа бзиақәа шамоу.  

Ашьақар чымазара иаҿагыланы ақәҧара амш азы адунеи аҿы имҩаҧыргоит еиуеиҧшым арҵаратә, аилыркааратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа. Аҧсны акәзар, акыршықәса раахыс инеиҧынкыланы имҩаҧыргоит акциа.  Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны агәаҳәара змоу зегьы хәыда-ҧсада ршьа иалоу  ашьақар аҩаӡара  гәарҭарц рылшоит, сынтәагьы  ареспубликатә хәышәтәырҭа аполиклиникаҿы аҿы ирыдыркылон ари анализ. Уажәтәи акциа арҿыцра алагалан, аендокринолог лнаҩсгьы апациентцәа рыхәыҧшуан акардиологи аневрологи. Акциа еиҿыркааит  иагьеицымҩаҧыргеит «Аҧсны адиабеттә еилазаареи», агәабзеирахьчара аминистрреи, асоциалтә-культуратә аҧшьгарақәа рзы аиҿкаареи. Аусмҩаҧгатә хацыркын ноиабр 6 рзы, аволонтиорцәа рҭааит ҩажәи жәаба қыҭа инарзынаҧшуа, ршьақар аҩаӡара гәаҭан зқьи хәышәи ҩынҩажәи жәохәҩык инарзынаҧшуа.

Аҳақьым аендокринолог Иулиана Кубрааҧҳа лажәақәа рыла асеиҧш акциақәа рымҩаҧгара даара аҵакы ҕәҕәа амоуп, избан акәзар дара ауааҧсыра идеилдыркаауеит шықәсыбжак ахь знык иадымхаргьы ршьа иалоу аглиукоза аҩаӡара агәаҭара ихыҧадатәны ишыҟоу. Аҳақьым илҳәоит: ауаҩы ашьақарчымазара шимоу изымдыруазар ауеит, избан акәзар аглиукоза ашьҭыҵра уеизгьы-уеизгьи иҕәҕәаны иуныруа ацәырҵрақәа ацӡам. Ауаҩы изгәамҭар ауеит уаанӡа аасҭа акыр еиҳаны аӡыжәра  дшалагаз, аамҭа аамҭала иҿы бо дшыҟоу, игәы ишаланаҵо. Асеиҧш асимптомқәа иаартны ирҳәоит ашьақар чымазара уцәа ишалоу. Араҟа иазгәаҭатәуп аҳақьымцәа ишалыркаауа адиабет аформақәа ҧшьба. Урҭ рахьтә иреицәоу акәны иҟоуп актәи аҩбатәи атипқәа. Уи ахатәы инсулин зынӡа ианыҟам, агәырлаҵа ацхыраарала зыда ҧсыхәа ыҟам агармон ауаҩы ианиларҵо ауп, насгьы  ашьақар чымазара иахҟьаны ауаҩы егьырҭ иҳәарахқәа ачымазара рыхьуеит, аинфаркти аинсульти ахылҿиаар ауеит.

Адунеи аҿы адиабет зыхьуа рхыҧхьаӡара апланета иқәынхо рыбжьара ф-наӡынак инаӡоит ҳәа ахыҧхьаӡара шьақәыргылоуп. Агәабзеирахьчара адунеизегьтәи Аиҿкаара ишьақәнаргылаз анормақәа инарықәыршәаны литрак ашьаҿы 3,3 мили моль инаркны 6,1 мили моль рынӡа еиҳамкәа аглиукоза ауп иахәҭоу.  Ашьақар ангәарҭо еиҳаракгьы шьыжьла, акруфаанӡа ауп. Еиҳазар, мамзаргьы илакҩакуа, ихало илбаауа иҟазар адиабет ашьҭкааразы ашәарҭара ыҟоуп, аҳақьымцәа заанаҵы рыдҵаалара ахәҭоуп.

Иҿҟьасо имҩасуа аҧсҭазаара ишьақәнаргылоит зегьы ҳаҽзҭаҳцало ахатәы ҧҟарақәа. Урҭ алшара ҳарҭаӡом есҽнытәи ҳусқәа ирхаршәаланы аспорт аҽазкра, мамзаргьы ҳаашьара ҳаиааины, шьапыла аныҟәаразы адәылҵра. Ауаҩы ицәеижь аспорт иунаҭо ақәаҕәҕәара аныруазар ауп, уи ауаҩы имыхәозар иҧырхагаӡам. Иара убасгьы ахаа афара мыцхәы аҽадцалара аҭахым, уи еиҳа ирмаҷтәуп. Аха зегьы ирхадароу акәны иҟоуп аамҭа-аамҭала апрафилактикатә ҟазшьа змоу агәаҭарақәа.

 Шәгәабзеира шәацклаҧшла, игәашәҭала шәшьақар! 


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me