Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәышәтәырҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә иҷыдоу аԥсихиатриатә хәышәтәырҭа аусура, ачымазцәа иахьыҟоу аҭыԥ аҭагылазаашьақәеи иарбоу амедусбарҭа зеиԥшроуи ргәаҭара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ирина Ануа аминистр ачымазцәа хәшәылеи фатәи-жәтәи рыла иахәҭоу аиқәыршәара рымоуп ҳәа иалҳәеит. Аха ахәышәтәырҭа  акыр аамҭа ҵуеит асанитартә ӡышьҭра аганахьала ауадаҩрақәа амоуижьҭеи. Урҭ шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы иазоужьуп  3 млн. 743 нызқь мааҭ.

Ирина Ануа лажәақәа рыла, атрубақәа иахьрыцәцо иахҟьаны, уадақәак акыр ааха роуит.

Аусурақәа мҩаԥнагоит аҳәынҭқарратә еилахәыра «Аԥсныргылара». Ԥшь-еихагылак рҿы аӡымҩангагақәа  рыԥсахраны иҟоуп, аҽыкәабарҭақәа рҿы акафель шьҭарҵоит, асантехника зегьы рыԥсахуеит, арлашагақәа дырҿыцуеит.

«Ҳара  шьаҭанкыла ари апроблема уаҳа ҳазыхнымҳәуа иҳаӡбароуп. Ачымазаҩцәеи аперсонали ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵароуп. Аремонт уажәоуп ианалага, сара хаҭала уи амҩаԥысшьа шцо гәасҭалоит», - иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me