Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ааԥсара ззымдыруаз аҵарауаҩ нага

Ааҧсарак ззымдыруаз  еицырдыруа аҵарауаҩ, Аҧснытәи ашьхақәеи Нхыҵтәи ашьхақәеи рхи-рҵыхәеи дырхысны иҭызҵааз Таҷ Гыцба диит абҵарамза 20, 1933 шықәсазы Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан анхаҩнага иҭаацәараҿы.

Иқыҭа гәакьаҿы ихарҭәаам ашкол даналга, 1952 шықәсазы аррамаҵурахьы иҧхьеит, иагьихигеит СССР Арбџьар мчқәа рыхәҭақәак Германиеи Польшеи иҟаз рҟны. Дхынҳәны данаа, 1957 шықәсазы далгоит Дәрыҧшьтәи абжьаратә школ. Иара убри ашықәс азы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, қәҿиарала далгоит 1962 шықәсазы.

Таҷ Гыцба иҵара иадбаланы аус иуан жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҧснытәи рҳәынҭқарратә ансамбль аҟны. Иара убри аамҭазы аҵарагьы иҵон Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿы (ҩышықәса аҵара аниҵа ашьҭахь иаанижьит, еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны). 1962-1963 шықәсқәа рзы Аҟәатәи акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны аус иуан рҵаҩыс. Уи ашьҭахь аусура диасуеит раҧхьа методистс, нас аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи Аҟәатәи рбиуро адиректор ихаҭыҧуаҩс. Ари аҭыҧ аҿы аус иуанаҵы Т. Гыцба иазыҟаҵаны аусурахьы ирыдыркылеит 30-ҩык инареиҳаны аекскурсиа амҩаҧгаҩцәа. Иара убас жәаба инареиҳаны Аҧсны еиуеиҧшым аекскурсиатә цагамҩақәа шьақәиргылеит. 1968 шықәсазы иҭижьит аныҟәаҩцәа рзы ицхыраара духаз амҩақәҵага шәҟәы «Аҟәа-Риҵа» зыхьӡу. Ари ашәҟәаҿы хшыҩзышьҭра рзиуеит Аҧсны аҭоурых зҳәауа еиуеиҧшым ажәабжьқәеи аҭыҧхьыӡқәеи.

   1971 шықәсазы инаркны 1974 шықәсанӡа Т. Гыцба аус иуан Д.И. Гәлиа Иҩны-музеи аҟны адиректор ихаҭыҧуаҩс. Ари аамҭа иалагӡаны еизигеит 2. 000 инареиҳаны аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ирыдҳәалоу, рҭоурыхи, рыҧсҭазаареи зҳәо алитературатә документқәеи агәалашәарақәеи.

1974 шықәса инаркны иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҿынӡа аус иуан Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны адиректор ихаҭыҧуаҩс,   аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала. Есымшатәи иусура анаҩсан, Таҷ Шьаабан-иҧа аус ӷәӷәа мҩаҧигеит Нхыҵ-Кавказ, ашәуаа рынхарҭақәа рҿы амузеи аекспонатқәа реизгаразы, убасгьы акыр аџьабаа ибеит Аҷаратәылан иҟоу аҧсуаа рыҩнуҵҟа аизгаратә усурақәа рымҩаҧгараҿы. Е. Аџьынџьали иареи акыршықәсатәи русура иалҵшәаны амузеи иоуит 3. 000 инареиҳаны  аҭоурыхтә ҵакы змоу амаҭәарқәа.

1975 шықәсазы аҵарауаҩ иҭижьит ашәҟәы «Абаҟақәеи ахҭыс дуқәа зыдҳәалоу аҭыҧқәеи» зыхьӡу аекскурсиамҩаҧгаҩцәа рзы ицхыраагӡоу аметодикатә усумҭа. Уа инарҵауланы рыӡбахә арбоуп Аҧсны ахи-аҵыхәеи рҿы иуҧыло аҭоурыхтә ҭыҧқәеи аҭоурыхтә баҟақәеи. Ари аусумҭа аҭыжьра рхахьы иргеит аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи Аҧснытәи робласттә совет, аха атираж ҭыҵны рнапахьы ианроу, аҧхьаҩ иахь инамгакәан ирыблит «аҧсуа ҭоурыхи акультуреи Қырҭтәыла иадҳәаламкәа» иахьыҟаиҵаз иақәыӡбаны.

Иаҳхысыз ашәышықәса ахынҩажәатәи ашықәсқәа инадыркны Т. Гыцба далан аҧсуа милаҭ-хақәиҭратә қәҧара, «Аидгылара» апрезидиум далахәын, иара имҩаҧигоз анапаҵаҩрақәеи, рнапы зҵарыҩуаз атекстқәа рыҩреи, аҭоурыхтә фактқәа реизгареи дрылахәын. Иара убас амитингқәа реиҿкаарақәеи дара рҿы ақәгыларақәеи мҩаҧигон.

1978 шықәсазы Т. Гыцба ақырҭцәа имҩаҧыргоз ашовинисттә милаҭеилыхратә политика иаҿагыланы ирҩыз ашәҟәы «Аҧсуа шәҟәы» иманы Москваҟа дцеит. Уи дидикылеит КПСС Ацентр Комитет аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Бровиков. Иара ашәҟәы иацын Аҧснытәи аҭоурыхтә баҟақәеи акультуратә усумҭақәеи Аҧсны иалган Қарҭҟа, Москваҟа, Ленинградҟа, убас иҵегьы ақалақьқәа рахь иргаз, зырхынҳәра аҭахуп ҳәа ирыҧхьаӡоз рсиа.

Акыршықәса Аҧснытәи ашьхақәеи Нхыҵтәи ашьхақәеи рхи-рҵыхәеи шьапыла дырхысны иҭиҵаауан, насгьы еиуеиҧшым абиблиотекақәа: Москва, Ленинград, Ереван, Черкесск, Краснодар рахь дцаны архивтә материалқәа аус рыдиулон, Аҧсны ашьхатә ҭыҧхьӡқәа рыҭҵааразы. Иара иҧшааны, иагьҭиҵаит 60 инареиҳаны аҭоурых-географиатә хсаалақәа, 70 инареиҳаны аҵарауаа рыҭҵааратә усумҭақәа, иара убас 150-ҩык рҟынӡа Аҧсны аҭыҧхьыӡқәа здыруа ашьханыҟәаҩцәа, ашәарыцаҩцәа, ахьшьцәа дрыҿцәажәеит.

1990 шықәса алагамҭазы Т. Гыцба дзышьҭаз иматериалқәа еизганы, асистематизациа рзуны далгеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ақырҭуа фашистцәа ҳҭоурых аҭыӡшәа зҳәоз зегьы рықәгара изҿыз, ари аҵарауаҩгьы ихьысит. Инапылаҩырақәа зегьы еидкыланы ибжьарӡын ақалақь Аҟәа аоккупациа азуны ианыҟаз аамҭазы. 1995 шықәса инаркны Т. Гыцба деиҭазыхынҳәит инапылаҩыра аиҭашьақәыргылара. Акыр аџьабаа адбаланы, 2002 шықәсазы иҭижьит ашәҟәы «Аҧсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьхацамҩақәеи» зыхьӡу, 28 кьыҧхьбӷьыц (450 даҟьа) аҿыгҳара аманы аҧсышәала. Ари аусумҭа даара ахҳәаа бзиақәа аиуит акьыҧхь аҟны, аҭҵаарадырра знапы алаку зегьы рганахьала. Насгьы иқәыргылан Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы.

Т. Гыцба амузеи аҟны афондқәеи амаҭәарқәа раахәареи акомиссиа еиҳабыс даман, амузеи аҵарауаа реилазаара далахәын. Амузеи аҿы имҩаҧысуаз аусхкқәа зегьы ихы рылаирхәуан, ианаҭаху аамҭазы хадара риҭон, имҩақәиҵон. Аџьабаа ду ибахьан амузеи аҟны аекскурсиамҩаҧгаҩцәа разыҟаҵараҿы. Ихы рылаирхәуан ажәахәқәа рылагьы, дықәгылон еиуеиҧшым аҭҵаарадырратә конференциақәеи асессиақәеи рҿы. Иара убас еиуеиҧшым аекспедициақәа рҿы аџьабаа ибахьан.

1970 шықәсазы В.И. Ленин ишәышықәсхыҵра иазкыз аиубилеи аан Т. Гыцба ианашьан амедал «Хьыӡла-ҧшала аусуразы».

2005 шықәсазы Таҷ Шьаабан-иҧа Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба Иусҧҟала Аҧсны аҳәынҭқарратә хсаала ашьақәыргылареи, аредакциа азуреи, насгьы Аҧсны аҭыҧхьыӡқәа ирызкны иҭижьыз ашәҟәи рзы ианашьан «Ахьӡа-Аҧша» аорден III  аҩаӡара. 2011 шықәсазы аҵарауаҩ ихҵан Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ҳаракы. 

Ҳәарада, аҵарауаҩ Т. Гыцба аҧсуа ҭҵаарадырра, аҧсуа культура уҳәа рус аҟны илагала, иџьабаа иазкны иуҳәаша, иуҩыша даараӡа ирацәоуп. Т. Гыцба иусумҭақәа хәы змаӡам доуҳатә ҭынхоуп. Аҵарауаҩнага, акыр шықәса инеиҧынкыланы Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аус иазааҧсаз Таҷ Шьаабан-иҧа игәалашәара ҳацзаауеит наунагӡа. 


А. Џьопуа,

Аҧсуа ҳәынҭарратә музеи аиҳабы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me