Афедерациа ахантәаҩыс далхуп

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Левант Аҭрышба идиныҳәалеит Ҭырқәтәылан Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩыс дахьалырхыз.

«Шәара Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩыс шәахьалырхыз даара ииашоу ӡбамҭоуп. Шәнапы ианырҵеит абри афедерациа анапхгаҩы акырӡа зҵазкуа, аҭакԥхықәра зцу иуалԥшьақәа рынагӡара», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дшыҟоу иҳәеит, Аԥсуа федерациа анапхгаҩ ҿыц идырреи иԥышәеи шацхраауа Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспореи аҭоурыхтә Ԥсадгьыли реимадарақәа иҵегьы рырӷәӷәара.

Аслан Бжьаниа Аҭрышба изеиӷьаишьеит агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, аусураҿы ақәҿиарақәа.

Абҵарамза 12 рзы Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь аҿы Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VIII аизара ду  мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп акультуреи, аҿари, аспорти рзҵаарақәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Венори Бебиа, асоциалтә политика,аџьа, агәабзиарахьчара, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи, аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Џьопуа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак алахәыла Инар Гыцба, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара апресс-маҵзура.

Аизара ду аделегатцәа Афедерациа аусуразы аҳасабрба иазыӡырҩит, анаҩс ахантәаҩы ҿыц далырхит.

 Афедерациа ахантәаҩы иҭыԥ ахь иара убас иқәгылан Ҳасан Чычбеи Ерџьаи Ԥаҷкориеи ркандидатурақәагьы.

Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Левант Аҭрышба.

Аизара аҟны ахада иалхра анаҩсгьы, Афедерациа ахеилак аилазаара ҿыц шьақәыргылан.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me