Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аныҳәа ду Лыхнашҭа

«Лыхнашҭа» аныҳәа амҩаԥгара Гәдоуҭа араион зегьы азы акырӡа зҵазкуа уаажәларратә хҭысуп. Убри аҟнытә ари аус аиҿкаара рхы аладырхәроуп ақыҭақәеи, ашколқәеи, ааглыхратә наплакқәеи, аспорти, аҟазаратәи усҳәарҭақәа зегьы рнапхгаҩцәеи рактиви, лымкаалагьы аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа…

Иура Гәдиса-иԥа Аргәын

«Лыхнашҭа», 1983 ш.

Лыхнашҭа ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаԥсадгьыл агәеисырҭа, агәацаԥха! Аԥсуа дзырҿыхо, дзырхәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызхуа, дхьазырԥшуа, ашҭа-ԥшӡа! Иџьынџьыз, иԥсадгьылыз, ишьа зқәыршу!

Аныҳәа «Лыхнашҭа» 12.11.2023 ш. имҩаԥысуан. Шьыжьнаҵы ашҭа ахаҵаратәи агәырӷьаратәи ашәақәа ҭыҩуан. Араион аҟны иҟоу ақыҭақәа ҩажәа зегьы алахәын. Ашҭа зегьы иҭыҩуан «Лыхшашҭа» зыхьӡыз араион дырраҭара.

Лыхнашҭа – ажәа иԥшьоу ажәоуп аԥсуаа зегьы рзы. Уаҟа ажәлар рҭоурых ргәаладыршәон, ажәытә-аҿатә иалацәажәон. Аҵыхәтәантәи, ашәышықәса аԥсуаа рҭоурых адаҟьақәа ирнырҵеит Лыхнашҭаҿы имҩаԥысуаз аҭоурых хҭыс дуқәа. Убарҭ иреиуоуп 1866 шықәсазы аԥсуа жәлар бџьар  шьҭыхлатәи рықәгылара. Аҭоурыхтә  ӡыблара зҽазымҭаз, иқәԥоз аԥсуа жәлар еснагь, иарбан аамҭазаалак иреизарҭан Лыхнашҭа. Ари ақыҭа ду аҿоуп ааӡара ахьиоуз, зыԥсҭазаареи зырҿиамҭақәеи аԥсуа жәлар рҭоурых иадызҳәалаз Гьаргь Чачба.

Ҳаԥсадгьыл иахнагаз агәаҟрақәа зегьы иреиҳауп амҳаџьырра, зықьҩыла рыԥсадгьыл ааныжьны, ихырҵәаны атәым дгьыл ахь иӡхырҵеит.        Уи зегьы ҭҵааны иҩит Лыхны ииз, адунеи иадыруа апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа. Абраҟоуп Ҷнагә хәыҷы раԥхьаӡа ишьаҿа  ахьеихигаз. Лыхноуп уи иқыҭа. Лхаа роуп уи ижәлар, Лыхнашҭоуп уи иҭоурых. Нестор Лакоба диижьҭеи  сынтәа 130 ш. ҵит. Уи Аԥсны инарҭбааны иазгәаҭан.

1936-1940-тәи ашықәсқәа раан ақыҭақәа зегьы реиҳа 200-ҩык инарзынаԥшуа Лхаа аҵх лашьца иналаӡ ицеит. Урҭ харада-ахара рыдҵан. Иреиӷьӡаз, зыԥсадгьыл азы згәы былуаз, аҵара змаз, Аԥсны аиӷьтәразы зџьабаа дууз… Иара убас рфырхаҵарақәа 1941-1945 ш. раан иаадырԥшит.

Аԥсны иарбан аамҭазаалакгьы имҩаԥысуаз аполитикатә еибарххарақәа раан ари ашҭа-ԥшьа ҭәын, аԥсуаа ашәҟәқәа рыҩуан. Рнапқәа аҵаҩны еиуеиԥшым Асовет Еидгыла аструктурақәа рахь ирышьҭуан. Аха акгьы алымҵуашәа анырбалак, Лыхнашҭа еизон. 70 ш. еиҳаны изхыҵуаз Асовет Еидгыла аамҭазы, аԥсуаа ргәалақәа адунеи иаҳаразы ианеизаз ашықәсқәа иреиуоуп: 1947, 1957, 1978, 1988, 1989 шықәсқәа…

Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы аҭыԥ дуӡӡа ааныркылоит Лыхны ииз, Лыхны инхоз Шьаҟрылаа-арккаҩцәа, ҭаацәала иҵарауааз. Еицырдыруа аҵарауаҩ, аԥсуа жәлар рус, иарбан аамҭазаалак жәҩахырла, гәыла, ҵарадыррала иаҵагылаз, аҵарауаҩ Ҭамара Платон-иԥҳа лаби Шьаҟрыл Константин, Шьаҟрылаа ирхылҵызгьы даргьы рлагала дуӡӡоуп, рџьабаа рацәоуп, Аԥсны аҭоурых аҿы.

Аԥсуа жәлар рԥыза Ду, адунеи зегьы ҳазырдырыз, Владислав Григори-иԥа Арӡынба раԥхьа днаргыланы, Ҳаԥсадгьыл Аԥсны еиқәдырхеит. Ҳтәыла ашәарҭа ианҭагыла аҽныҵәҟьа инаркны аибашьратә хсаала, Лхаа рҵеицәа рышьҭа анырҵеит. Урҭ рахьтә ҳаԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 102-ҩык. Ари ашҭа ду аҟны, ԥсра зқәым, аԥсадгьыл еиқәзырхаз ирызку абаҟа гылоуп.

Лыхнашҭоуп анышә дахьамадоу, аибашьраҿы злагала дуу, Аиааира аагара абара иахьымӡаз, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа. Ароуп, Аԥсны аибашьра  ианаҿыз, 1992 ш. жьҭаарамза бжьба рзы Аԥсуа-абаза аконгресс ахьымҩаԥгаз. Ҳаԥсуа ҭоурых адаҟьақәа ҭәуп Лыхни Лхааи рфырхацәа рыла…

Уахь ҳагәыламлакәан ҳазааҭгылоит аныҳәа «Лыхнашҭа». Уи раԥхьаӡа еиҿызкааз аҵарауаҩ, апатриот Ду Иура Гәдиса-иԥа Аргәын ҳабла даахгылоит. Ииҩыз асценариа «Лыхнашҭа» ахьӡын. Усҟантәи аамҭазы (Аԥсны аибашьра ҟалаанӡа) Аԥсны араионқәа рхаҭарнакцәа зегьы алахәын. Урҭ рҟазара ддырбон, араион иадныҳәалон.

Аныҳәа «Лыхнашҭа» ныҳәа духеит, Аԥсны зегьы ианыҳәан усҟантәи аамҭазы. Уаҟа  иалкаахаз асценахь ихәныргон. Ирыдырныҳәалон, агәалашәаратә ҳамҭақәа рырҭон. Ари аныҳәаҿы ашҭақәа еиҿыркаауаз аҟны ажәлар рынхашьа, рынҵышьа, рысасдкылашьа, рнапҟазара, рфольклор, Лыхнашҭазы итрадициан аҽыбӷаҟазацәа рыхәмаррақәа, аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа рыԥхьара, араионқәа рҟынтә ажәаҳәацәа рырцәажәара, асатиратә лафтә хәмаррақәа, сахьаркыла ажәеинраалақәа рыԥхьара, амузыкатә инструментқәа рарҳәара… Аспорт еицлабрақәа рҟны ихымԥадатәын: алабашьаршәра, алабақәырс, ахаҳәрԥара, аҵәыргыла ахыԥара, лабала ахара аԥара, бӷарҵахьы аиқәԥара, ашьаҟа ахалара, ацәҟьара аихсра, аимҵакьачара, аҽыбӷаҟазара, аҽырхәмарра, абазшьҭыхра, аимҭахара (ацәҟьара аихсра), аԥҳәыс ҽыжәлара, аҳәаҟьара, аҵәеигәыдҵеи аҭарчеии, аҽырҩра… Хыхь еиқәԥхьаӡоу асценариа автор Иура Гәдиса-иԥа иаҳцәыӡуа иалаигалаз, абиԥарала инеимда-ааимдо иаагаз еиуеиԥшым аиқәырхареи аҿар дырбареи акырӡа аҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡон. Иҟаз ахәмаррақәа зегьы алеигалеит. Урҭ зныкала зегьы мҩаԥгашьа замамыз азгәеиҭон. Есышықәса хԥа-ԥшьба алагалазҭгьы хымԥада аҿар ибзианы ирыдыркылон, рҽагьаладырхәуан…

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, асценариа автор Иура Гәдиса-иԥа иԥсы ахьынӡаҭаз илаԥш ахын. Иахьатәи аныҳәа «Лыхнашҭа» аформақәа аԥсахит.

Аныҳәа «Лыхнашҭа» амҩаԥгара араион акультура аҟәшеи аспорт аҟәшеи ирыдын. Урҭ еиқәдыршәоз  апрограмма араионаҿы иаԥхьон, ишьақәдырӷәӷәон. Ихықәкы хадан ари аныҳәаҿы, иӡуа иалагаз аҵасқәа, ахәмаррақәа ажәлар дырбара, ргәалашәара. Убарҭ ируакын аҭацаагара. Аҭыԥҳа аҽы дақәыртәаны аҭацаагара ашәа ҳәо, ажәлар дрыгәҭылакны  ашҭа дҭаргалон. Уи аҽы лақәтәашьа уҳәа ажәлар ссиршәа ибаны изхәаԥшуаз ируакын.

Араионқәа рҿы еиҿкааз ахаԥшьгаратә коллективқәеи ансамбльқәеи анықәгылалак ашьҭахь зегьы ачеиџьыкахь инарыԥхьон. Аибабара, аилибакаара, аигәныҩра, аԥхарра рыбжьалон. Уи иаҵанакуаз рацәан. Иура Гәдиса-иԥа исценариаҿы аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылон ахшара рацәа змаз аҭаацәарақәа. Уахь иаҵанакуан жәаҩык инареиҳаны измаз. Урҭ досу рқыҭа аԥацхақәа рҟны иҟан. Уаҟа еиҿкааз ацәыргақәҵа аӡыргареи асасцәа иаҭаауаз рымаҵ ауреи рҿы ицхыраауан. Ақыҭа аиҳабы иҭааз исасцәа иҿырԥшыгоу аҭаацәара ду зааӡо ани аби дирдыруан… Ацәыргақәҵақәа еиҿызкаауаз аклубқәа реиҳабацәа ракәын.

Аныҳәа «Лыхнашҭа» иахьатәи итрадициаз аԥсуа ԥацхақәа аамҭа иақәшәо абаннерқәа рыла, иманшәалаз аҩн хәыҷқәа ҟаҵан.  Ашәеи акәашареи аҳра руан асценаҿы. Иргылаз «аҩнқәа» рҟынтә аччабжьи акәашареи ирыцыз амузыка  абжьы гон. Аныҳәа «Лыхнашҭа» амҩаԥгаразы Гәдоуҭа араион администрациа Ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Таҷ-иԥа Кәарацхьелиа иазгәеиҭеит: «Ажәлар ҽаанбзиала шәнеиааит! Иахьа 20 қыҭа алахәуп. Урҭ рахьтә аерманцәа рқыҭақәа: Агараки, Мҵара, Ԥсырӡха, Приморск, урҭгьы изларылшоз ала ацәыргақәҵагьы ҟарҵеит. Аԥсуаа зегьы рашҭақәа рҟны аҭоурых иадҳәалоу еиуеиԥшым амаругақәа рыла ацәыргақәҵа еиҿыркааит. Шҭацыԥхьаӡа досу рҟазара аадырԥшуеит. Ақыҭақәа инарымаданы ақалақь Афон-Ҿыц даараӡа рҽазыҟаҵаны иааит».

Сынтәа раԥхьаӡа акәны ҳныҳәа иалахәуп Ҟарачы-Черқьестәылантә иааз ҳашьцәа абазақәа. Урҭ еиҿыркааз рашҭа аӡәы давымсит. Ажәлар урҭ рбара гәахәарыла ирыдыркылеит. Уаҟа еиҿкаан Аԥсны асахьаҭыхратә училишьче иалгаз Амир Биџьев инаплыхқәа, еиҳарак амҿы иалхыз, ажәлар аинтерес рыманы иахәаԥшуан. Аныҳәа рыдныҳәало Амир иазгәеиҭеит: «Сара даараӡа исҭахуп схатәы цәыргақәҵа Аԥсны еиҿыскаарц. Адыррақәа ара исоуз роуп урҭ сусумҭақәа ҟасҵартә алшара сызҭаз… Ҽаанбзиала зегьы! Абазашҭантә асалам дууӡа зегьы ишәзаарҭиуеит».

Аныҳәа «Лыхнашҭа» аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Гәынба Бадра ажәлар дрыдныҳәалеит: «Аныҳәа «Лыхнашҭа» аҵак ду змоу ныҳәоуп. Ажәлар шәышықәсала, абиԥарала инеимда-ааимдо ирымаз атрадициа бзиақәа, аҵасқәа, ақьабзқәа, абиԥарақәа реимдара, реиқәырхара иазкуп… Ҽаанбзиала Аԥсны иқәынхо зегьы! Ҽааныбзиала аныҳәақәа шәырԥылалааит.

Аныҳәа «Лыхнашҭа» аԥсуа маҭәала зҽеилазҳәо рхыԥхьаӡара есааира иацлоит. Уи гәадуроуп, хҭыс бзиоуп. Ахацәа рыдагьы аҭыԥҳацәа аӡәы-ҩыџьа изшәыз ыҟан, уаанӡа урҭ ари аныҳәаҿы иаҳԥылаӡомызт. Иахьа ҳара заҟа Иури Гәдиса-иԥа исценариа ҳазааигәаны иҟаҳҵо, уи аҿар  ирыдыркылоит, иацырҵалоит ҽаанбзиала аныҳәақәа рымҩаԥгара. Адунеи зегьы аҟны аҭынчра ыҟазааит. Убри аамҭазы Ҟарачы-Черқьестәылантә иааз ахәыҷқәа рыкәашаратә коллектив  ықәԥраа икәашон. «Абазашҭа» ҳәа ахәаԥшцәа рызҿырҭуан, рнапқәа рзеинырҟьон.

Аныҳәа «Лыхнашҭа» Аԥсны зегьы ианыҳәан, уи ишаныҳәаз иаанхоит. Агәра аагоит, уи наҟ-наҟ аҳәаақәа шарҭбаауа, аҽшеиҵнахуа. Ҳашьцәа зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рааԥхьареи ралархәреи шынагӡахо.

«Лыхнашҭа» ҳхәыцрақәа ирылоу, шеи-шықәсылеи аԥсуа ибжьы ықәыҩлааит! Иахьгылоу ашьхақәа рымч амчзааит иқәыҩуа аԥсуа ибжьы. Уара уныҳәаԥхьыӡ ицзааит угәҭыхақәа ашәышықәсақәа рнаҩс иираны иҟоу аҵеигьы.

Иура Гәдиса-иԥа Аргәын иажәақәа абас иҟан! «...Ақьабзқәа иҳамоу, ажәҵыс аҭра аныҟанаҵо цыра-цырала ишеизнаго еиԥш, хәҭа-хәҭала зегьы еидгыланы, ирԥшӡаны, ирхааны аныҳәа амҩаԥгара анилшалак ауп аҵакгьы ауаҩы дархәыцыртә, иџьеишьартә, игәы ҭнагартә ианыҟало. Ари аус иазнеитәуп рҿиарала, мццакрада, цқьа иазхәыцны».

– Ҽаанбзиала аныҳәа «Лыхнашҭа» иалахәыз зегьы – иҳәеит араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Валерии Расим-иԥа Аҩӡба, – гәалаҟазаарала, иарбан усзаалак шәнапы злашәкуа аҟны аихьӡарақәа шәымазааит. Ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа абиԥарала иааго аԥеиԥш аиуааит. Иахьа ацәыргақәҵақәа еиҿкаау аҟны ауардын инаркны аусуга маругақәа, анаплыхқәа, ажьи инапала иҟаиҵоз амаҭәарқәа уҳәа ирацәоуп ҽааныбзиала Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы.

Аныҳәа «Лыхнашҭа» аҟны аконцерт мҩаԥган. Иалахәын ашәаҳәаратә ансамбльқәа: «Риҵа» (асахьаркыратә напхгаҩы Чамагәуа Нора), «Ахьышьҭра» (анапхгаҩы Гәынба Есма, Џьениа Саида), акәашаратә ансамбльқәа «Адац» (анапхгаҩы Дбар Руслан), «Аурашьа» (анапхгаҩы Ҭаниа Валера) Лыхнытәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рыла еиҿкааз ансамбль, (асахьаркыратә напхгаҩы Амина Цәеиба). Аестрадатә шәаҳәаҩы Мадина Кәарацхьелиа лыбжьы ԥшӡа ала аныҳәа анҵәамҭахь инаскьалгон. Ажәлар напеинҟьарала ирыдыркылон.

Лыхнашҭа имҩаԥгаз аныҳәа иалахәын: Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, иара убас аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларра.

Лыхнашҭа ахы-аҵыхәа ашәаҳәацәеи акәашацәеи рмузыкеи рнапеинҟьабжьи гон. Ҽаанбзиала ажәлар зегьы! Аҭынчра абжьы еснагь иҳацзааит. Аԥсуа жәлар Аԥсны ирацәахааит, атәым ԥсадгьыл ахь  ихырҵәаз рыла Аԥсны ҭҭәааны иҟалааит.

Шьардаамҭа Аԥсны!


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me