Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниеи Рашид Нургалиеви реиԥылара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи  Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви реиԥылара Аслан Бжьаниа усуратә ныҟәарала Москваҟа ицара инҭагӡаны имҩаԥысит, адыра ҟанаҵоит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Аганқәа ашәарҭадара аусхкаҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аслан Бжьаниеи Рашид Нургалиеви иара убас иалацәажәеит аенергетика аусхк аганахьала аусеицура азҵаарагьы.

Аиԥылара иара убасгьы далахәын Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб. 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me