Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны амилициа 102 шықәса ахыҵит

Аԥсныпресс.  Абҵарамза 10  азы аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭеит.

 Шьыжьы инаркны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашҭаҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз амилициа аусзуҩцәа рбаҟа амҵан аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит. 

Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара, аусзуҩцәа, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа уаҟа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аминистрра ахада Роберт Киут аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, акриминал аҿагылара, азинеилагарақәа ргәырҽанҵареи ауаажәларратә шәарҭадара ашьақәыргылареи ирымоу аҵак ду атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иахьа ҳара аԥсуа милициа аԥҵара 102 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Аԥснытәи амилициа есымша азакәани азинеиҿкаареи рыхьчараҿы игылан.  Иахьагьы шәара азинеиҿкаареи атәыла ауааԥсыра ршәарҭадареи ралыршаразы аус жәуеит. Шәара зегьы шәнапы иануп ҳажәлари ҳаԥсадгьыли ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Ари имариам аамҭазы шәара гәык-ԥсыкала, ламысцқьала, хамеигӡарак ҟамҵакәа шәзанааҭтә уалԥшьа анагӡара шәаҿуп», -  иҳәеит атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут. Аминистр амилициа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аманшәалара, анаҩстәи русураҿы ақәҿиарақәа. Анаҩс имҩаԥысит  амилициа аусбарҭақәа абжьаратәи аиҳабыратәи анапхгараҭаратә еилазаара изаамҭанытәу иҷыдоу ахьӡқәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониа.

«Амилициа аполковник» ҳәа ахьӡ ранашьахеит Реналд Ҷолариа, Денис Аиба, Арсен Биџьев. «Амилициа аподполковник» ҳәа ахьӡ – Ренат Аџьиеви Денис Гәырҵкаиеи. «Амилициа амаиор» ҳәа ахьӡ – Даур Какаҷиа, Едуард Овчинников, Адамыр  Аргәын.

Иара убри аҽны атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа, аминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут дрыцны Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы  Аџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Амилициа Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә зхы алазырхәыз Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада амилициа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа инамаданы иааишьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

«Шәара шәусура ҭакԥхықәрала азнеиреи шәыгәаӷьреи рзы ҳаҭыр ду шәықәуп», -  иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭаҿы.

«Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа амилициа аҿиареи ашьақәгылареи рҟны хәы змаӡам рлагалазы. Шәара шәԥышәеи шәдырреи акырӡа аҵанакуеит аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра абиԥара ҿа рзы», – иарбоуп адныҳәалараҿы.

 «Ари амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит 1992-1993шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз амилициа аусзуцәа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра 300-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа аибашьра иалахәын, урҭ рахьтә иҭахеит 41-ҩык, Аԥсадгьыл ахьчаразы иаадырԥшыз афырхаҵареи,  агәаӷьреи, рмаҵзура ламысцқьала анагӡареи рзы 132- ҩык амилициа аусзуҩцәа  иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаԥсахеит, урҭ рахьтә 25-ҩык  - Аԥсны Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.

Агәра згоит аԥхьаҟагьы шәдырреи шәымч-шәылшеи ауаажәларратә еиҿкаара ишадышәҵо, ҳтәылауаа ринтересқәеи рҭынчреи рыхьчара ишырзышәкуа.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәусуразы, шәгәымшәаразы, Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵ ахьазыжәуа.

Ишәзааигәоуи шәареи агәабзиареи, аҭынчреи, аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит!»

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me