Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Арра-спорттә хәмарра «Аиааира»

Жьҭаарамза 31 инаркны абҵарамза 4 рҟынӡа имҩаԥысуан XVII ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира». Ишьақәгылаз атрадициала уи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә база аҿы имҩаԥысуан.

Сынтәа арра-спорттә хәмарра 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи  15-шықәса аҵреи ирыкын

Уи аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны Атәылахьчара Аминистрра ахьӡала арра-спорттә хәмарра алахәылацәа рахь адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аполковник Давид Бжьаниа. «Ахәмаррақәа рҿы шәара азҿлымҳара зҵоу аԥышәа шәоуеит. Уи жәаҳәарада аԥсҭазаараҿы ишәыхәоит, даарагьы акыр аҵанакуеит», – ҳәа азгәеиҭеит Давид  Бжьаниа.

Ахәмарра алахәылацәа дрыдныҳәало аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит:

«Ишәыдысныҳәалоит XVII Ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира» аартра. Агәра ганы сыҟоуп шәара зеиӷьаҟам ала шәдыррақәеи шәылшарақәеи раарԥшра шшәылшо. Аманшәалареи ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьоит!»

Инал Габлиа атәылахьчара, агәабзиарахьчара, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа ахәмаррақәа реиҿкаараҿы иҟарҵаз ацхыраара иҭабуп ҳәа ахиҳәааит.

 Арра-спорттә хәмарра «Аиааира» апатриоттә зыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уи иалагалоуп ацәаҳәақәгыларатә зыҟаҵарақәа, ақәырҟьа аҟынӡа аҽышьҭыхра,  автомат аимыхреи аибыҭареи, 100, 800, 1000 метра рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рыла аҩра, агранатақәа рыршәра, автомат ала еиԥш, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аӷбашаха ахара, еилаԥсоу арра-спорттә естафета уҳәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me