Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәыҷқәа рзы аҳамҭа ссир

Гәында Кәыҵниа-ҧҳа еиҳабыс дызмоу аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа еснагь аҧсуа бызшәа аҿиареи, аӡыргареи, уи рыларҵәареи хықәкыс ирыман, хаҭала, русура аҕьыракгьы ахәыҷқәа абызшәа радҧхьалара иазкын.

Аусбарҭа ҩаҧхьа хазы ианышьақәгыла аҿиаратә гәыҧ  русура хацдыркит. Урҭ ишырҟазшьоу еиҧш, ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа ргәы азыҳәартә, агәыбылра роуртә иҟазҵо, бызшәа мариала, еихышәшәо, сахьа ҧшӡала иҩычоу ашәҟәы хазынақәа ҧшьба рӡыргара мҩаҧыргеит.

Зыӡбахә ҳамоу ацхыраагӡатә шәҟәқәа ртематика еиуеиҧшым: «Сара раҧхьатәи сышәҟәы» – Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҿы ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы аус зуаз апроект «Аенциклопедиа» ала еиқәыршәоу, ажәа сахьала ишьақәырҕәҕәаны, ахәыҷы лабҿаба иибо еиҳа ишыгәникыло хырҩа азуны иахьаарҧшу аҧсуа бызшәа асахьатә жәар ауп. Уи авторс, еиқәыршәаҩыс  дамоуп акыр аметодикатә цхыраагӡатә шәҟәқәа ҭзыжьхьоу Маиа Амҷ-ҧҳа.

  Апоетесса Гәында Сақаниа-ҧҳа авторс дызмоу ацхыраагӡа «Ашәҭқәа рашәа» аҟны, ашәҭқәа рыхьӡқәа ахәыҷқәа дырҵаразы, игәныркыларц азы ажәеинраалалеи сахьалеи иаарҧшуп. Ари ашәҟәаҿы зыхьыӡ арбоу ашәҭқәа сахьала илырцәажәеит, аҧсы рхалҵеит асахьаҭыхҩы Анна Сангәлиа. Хазы, ари ашәҟәы иацуп, ишәшәы асахьақәа ҳәа, карандашь цәышла ашәҭқәа ҭыхны изну альбом.

Анзор Мықәба ахәыҷқәа ирызку ипиеса-алакә «Жьабаҕь фырхаҵа» акәзар, ахәыҷқәа рзы даара аинтерес аҵаны еиқәыршәоуп. Уи иақәнагоу сахьала ихаирҭәааит, аҧсы рхеиҵеит асахьаҭыхҩы Асҭамыр Кәыҵниа.

Ахәыҷқәа раамҭа аихшара, уи ииашаны ахархәара аҭара иазкуп Гәында Кәыҵниа-ҧҳа авторс дызмоу «Асааҭи аамҭеи" захьӡу ацхыраагӡатә  шәҟәы. Ари  ашәҟәгьы сахьа ҧшӡала ихырҷоуп асахьаҭыхҩы Анна Сангәлиа лыбзоурала.

Ҩаҧхьа ахәыҷқәа рзы аҳамҭа аҟаҵарала русура хацзыркыз арҿиаратә гәыҧ ирыдныҳәало, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа-ҧҳа аиқәшәараҿы  инаҵшьны иазгәалҭеит, иахьа акьыҧхь збаз ашәҟәқәа аҭыжьра иазырхианы ишьҭеижьҭеи акыр шҵуаз.

«Ашықәс анҵәамҭазы ишәыдаагалоит, имазеины, аҭыжьра иазырхианы ишьҭоу, ахәыҷқәа ирызку еиуеиҧшым ашәҟәқәа, иара убас ихианы иҳамоу амультфильмқәагьы ахәаҧшцәа хәыҷқәа рыдгалара ҳгәы иҭоуп, урҭ 11 ыҟоуп.

Ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа агәыбылра дыркразы, еснагь ҳазхәыцуеит ирмарианы, иманшәаланы, ҽмыршьагала, ирхәмарны изларызнаагаша амҩақәа. Ҳхықәкы  анагӡараҿы ҳәоуеиқәшәала, ҳаивагыланы аус еицаауеит абызшәадырҩцәеи, аметодистцәеи, асахьаҭыхҩцәеи, ҳареи» – лҳәеит уи.

Лцәажәара хыркәшо Гәында Кәыҵниа-ҧҳа иазгәалҭеит ацхыраагӡатә шәҟәқәа инарҷыданы  3500 цыра алабҿабатә хархәагақәагьы шҭрыжьыз. Урҭ зегьы Аҧсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи хәыда-ҧсада ироуртә аҭагылазаашьа шыҟоу.

Аиқәшәараҿы ашәҟәқәа равторцәа Гә. Сақаниа-ҧҳа, Маиа Амҷ-ҧҳа уҳәа ргәаанагарақәа рҳәеит, иалацәажәеит ашәҟәқәа рҭыжьра шеиҿкааз, аус шадырулоз, уи акәша-мыкәша ицәырҵуаз азҵаарақәа уҳәа.

Хаҭала, асахьаҭыхҩы Анна Сангәлиа лықәгылараҿы инаҵшьны иазгәалҭеит насыҧс ишылшьо Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа аус рыцура.

Аиашазы, ҳбызшәа аҿиаразы, уи аҩаӡара ашьҭыхразы, изызҳауа аҿар рбызшәа гәцаракрыла  иазнеиразы досу иҳалшо  зегь ҟаҳҵозароуп, уи иреҳау ҳамҭоуп.


А. Хәырбыц-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me