Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Кавказ Афырхацәа»

Жьҭаарамза алагамҭазы Туган Мальсагов ихьӡ зху Ингәыштәи Атәылаҿацәҭҵааратә музеи аҟны иаартын Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы ELENA KIRMIZI NAR жәафтәи хаҭалатәи лцәыргақәҵа «Кавказ Афырхацәа».

Уаҟа ицәыргоуп Украина еибашьуа, Урыстәылатәи иҷыдоу аоперациақәа рымҩаԥгара иалахәу аԥсуа фырхаҵа Алиас Аҩӡба ипортреҭ.

Ари ацәыргақәҵа символтә хьӡыс иамоуп «Иаҳзеиԥшу ҳаԥсадгьыл Урыстәыла ахьчаҩцәа – Кавказ Афырхацәа». Уи еиднакылоит Кавказ ажәларқәа рахьтә аԥсадгьыл ахьчараз зхы иамеигӡо рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

Урыстәыла анаҩсангьы Индиа, Германиа, Ҭырқәтәыла уҳәа еицырдыруа асахьаҭыхҩы Елена Сухорукова, псевдонимс ELENA KIRMIZI NAR ҳәа измоу,  («Кырмызы Нар» иаанагоит «Амыҵмыџь ҟаԥшь»). Имҩаԥылгахьеит лхатәы цәыргақәҵақәа жәпакы. Убарҭ иреиуоуп «Гиппократ еибашьцәа» ҳәа хьӡыс измаз апандемиа аамҭазы иҭылхыз лусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уаҟа иаарԥшуп амедицина аусзуҩцәа 170-ҩык инареиҳаны рпортреҭқәа.

2021-2022 шш. рзы еиуеиԥшым Урыстәылатәи амузеиқәа рҟны имҩаԥысит Елена Сухорукова лхатәы цәыргақәҵақәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рфырхаҵареи ргәымшәареи иазкыз.  Лыԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, еиҭах лара илуалԥшьаны илыԥхьаӡеит афырхацәа ирызку агәалашәара амырӡра иазку аус аҽазкра.

Иҭылхыз апортреҭқәа рҟны ихадоу аҭыԥ аанызкыло дреиуоуп аԥсуа фырхаҵа Алиас Аҩӡба. Ацәыргақәҵаҟны зынӡа идырбоуп 53 портреҭ: 34 графикатәқәоуп, 19 ахәша ала инагӡоу Алиас Аҩӡба ипортреҭ ҭыхуп ахәшатә шәыгақәа рыла.

Апортреҭ  шьахәла иҭыхуп, инахәаԥшлак еиликаауеит закәытә гәаӷьу имоу ари афырхаҵа. Иара аибашьраҿгьы аԥсҭазаара аҟны еиԥшҵәҟьа даарԥшуп дуаҩ иашаны, дҟәышны, ҳаҭыр ду иманы. Урыстәыла зегьы изыгәдууп ари аибашьҩы, дагьырыԥхьаӡоит Кавказ Афырхаҵа ҳәа.

Асахьаҭыхҩы Елена Сухорукова лаԥхьаҟагьы лгәы иҭоуп дызҿу лус иацҵаны аԥсуа еибашьцәа рхаҿсахьақәа Урыстәыла зегьы идлырбарц, идлырдырырц.

Елена Сухорукова лцәыргақәҵақәа зегьы мҩаԥылгоит лхатә харџь ала. Илырҳауа зегьы аҳәынҭқарра иахылыԥхьаӡалоит. Ацәыргақәҵа «Кавказ Афырхацәа» мҩаԥысуеит жьҭаарамза 10 инаркны 26-нӡа.


Аманда Анталава

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me