Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҧшшәыла иҩычоу ахаҿсахьақәа

Ноиабр 1 азы Аҧсны   асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын Аҧсни Урыстәылеи рсахьаҭыхҩцәа Реидгыла алахәыла, асахьаҭыхҩы Руслан Чхамалиа иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.

Уахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа, Аҧснытә аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет арҵаҩцәеи астудентцәеи, иара убас аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

Ацәыргақәҵа аартуа, ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, идлырдырит рҩыза, аҧсуа сахьаҭыхҩы, аграфик, аҿыханҵаҩ Руслан Чхамалиа  ицәыргақәҵа шакәыз. Иазгәалҭеит, 70 инарзынаҧшуа апортреҭ ажанр ала ишыҟаҵаз арҭ аусумҭақәа. Дызусҭазаалак аҟазара знапы алаку иара ихала иалихуеит иарбан жанру аус здиулаша. Руслан Чхамалиа апортреҭтә жанр алихит. Дазааҭгылеит иара иусумҭақәа рҿы иубар шалшо ауаажәларратә усзуҩцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, алитература аҟынтә иагоу ахаҿсахьақәа, артистцәа уҳәа ирацәаны.

Анаҩс ажәа иман Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа. Иара иҩыза дидныҳәало идирдырит  асахьаҭыхҩы Руслан Чхамалиа хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Иазгәеиҭеит,  апортреҭтә жанр ала ицәыргақәҵоу аусумҭақәа ауаҩы дышдыргәырҕьо. Избанзар аҧсуа сахьаҭыхратә ҟазараҿы, шамахамзар ас ирацәаны аусумҭақәа еидкыланы апортреҭтә жанрла аӡыргара иара ида аӡәгьы илымшацызт. Игәаанагарала қәҿиарала ицааины иааирҧшит ахаҿсахьақәа. Иара убас иҳәеит, имҩахыҵыз  рхыҧхьаӡараҿ ишыҟоу  аҿар, асахьаҭыхҩы Руслан Чхамалиа истудентцәеи аҟазара афакультет аушьҭымҭацәеи. Аҵыхәтәан,иҩыза изеиҕьеишьеит аҟазара амҩаҿы  ақәҿиара дуқәа.

Анаҩс ажәа иман аҳәынҭқарратә картинатә галлереиа аиҳабы Сурам Сақаниа. Иара дазааҭгылеит Руслан Чхамалиа данустудентыз инаркны иҽшазҧишәахьаз  аҧсуа ҵарауаа дуқәа рхаҭарнакцәа рхаҿсахьақәа раарҧшра. Убри амҩа данымҵӡакәа иахьа уажәраанӡагьы иҟазаратә дунеи ширҭбаауа. Иазгәеиҭеит, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа раан, иара инапала ишеизигаз арҵаҩцәа,  ишидикылаз аҿар, иахьа урҭ рҵаҩцәаны аҟазара акафедраҿы аус шыруа. Абри зегьы шилиршаз Руслан Чхамалиа.

 Аҧсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа иқәгылараан даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, даҩымсит  аҧсуа сахьаҭыхратә ҟазараҿы даара ишмаҷу апортреҭтә жанр аус адызуло. Иазгәеиҭеит аҟаза иқәманшәаланы, ари ажанр шицааиуа, изеиҕьеишьеит ақәҿиарақәа инапы злаку аус аҟны, иаҧхьаҟа аманшәалара.

Аҵыхәтәан ажәа иман асахьаҭыхҩы Руслан Чхамалиа. Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟазара ҳаҭыр ақәызҵо, ахәшьара азҭо, ацәыргақәҵахь имҩахыҵыз зегьы. Иҳәеит аҵыхәтәантәи жәашықәса аус здиулоз ахаҿсахьақәа шӡыригаз, иара изы еснагь акырӡа шаҵанакуа ахәаҧшцәа ргәаанагара.

Ацәыргақәҵа иаҭаан ирбарц рылшоит аҟазара абзиабаҩцәа зегьы ноиабр 10-нӡа.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me