Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа азеиԥш еизара

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Аботаникатә Институт аконференц зал аҿы Анаука Амш азгәаҭара иазкны Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Азеиԥш еизара мҩаԥысит. Амшхәаԥштә зҵаара хаданы иқәгылан Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент иалхра.

Аизара ааиртит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент ихаҭыԥуаҩ, академик Сергеи Бебиа. Сергеи Бебиа еизаз зегьы анаука Амш рыдиныҳәалеит, аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит, анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ажәа ииҭеит.

Бадра Гәынба аҵарауаа рныҳәамш рыдиныҳәалеит. Уи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иааишьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит. «Ари амш аҽны, жьҭаарамза 30, 1997шықәсазы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  Ари ашьаҿа аҿиарамҩа иану ҳтәыла аҿы анаука шаҟа аҵак ду амоу ҳнарбеит. Иахьа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит анаука аусзуаҩцәа, анаукатә процесс иадҳәалоу, адырра ҿыцқәа аԥызҵо зегьы. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, шәнапы злаку аусқәа зегьы рҿы аманшәалара», – ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.

Анаҩс, Бадра Гәынба 2020–2022 шш. рзы анаука аусхкы аҿы Г. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс аҿы иалкаахаз: Аӡынба Зураб Иосиф-иԥа, Адлеиба Џьулиета Ианкәа-иԥҳа, Чыркба Виачеслав Андреи-иԥа  адипломқәа ранеишьеит.

Анаҩс дықәгылеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа  апрограмматә ажәахә ала:

   «Ари аҭакԥхықәра ишақәнагоу ала анагӡара, ҳтәыла аҿы анаука аинтересқәа рыхьчара сылшоу исылымшоу атәы шәара зеиӷьаҟам ала ижәдыруеит ҳәа сгәы иаанагоит. Акызаҵәык, исҳәарц исҭаху, исылшоз зегьы гәык-ԥсыкала иҟасҵон», – иҳәеит иара. Анаҩс уи Академиа аусура азҵаарақәа дырзааҭгылеит.  

«Атәыла анаукатә потенциал Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зыдҳәалоу амилаҭтә мазара аҳасабала уахәаԥшуазар, анаука адгылара аҭара хадара злоу ҳәынҭқарратә хыдҵаны иҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Жәаҳәарада, аҳәынҭқарра аҿиара аперспектива анаиуо убасҟан ауп, анаукеи атехнологиақәеи рыҿиара астратегиеи  амилаҭтә шәарҭадара астратегиеи ҩаӡарак аҟны ианыҟоу… Академиа аҭҵаарадырра акадртә потенциал ала аиқәыршәара алнаршароуп. Араҟа Академиеи Аҳәынҭқарратә Университети русеицура адагьы, акадрқәа разыҟаҵаразы.  Раԥхьаӡа иргыланы абжьаратәи ашкол, ауниверситет, аспирантура еффективла русеицура ашьаҭала, академиатә аспирантура апозициақәа рырӷәӷәарала акадрқәа разыҟаҵаразы ахатәы система аҿиара ахәҭаны иҟоуп», –  иҳәеит Зураб Џьапуа.

Уи иажәақәа рыла, акыр зҵазкуа зҵаараны иҟоуп аҵарауаа ахылаԥшра рыҭара, атәыла аинтеллектуалтә елита ринтересқәа рыхьчара. «Даара акыр аҵанакуеит, актуалра алоуп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳреспублика анапхгареи анаукақәа Ракадемиеи рганахьала Аԥсны аҵарауаҩ истатуси исоциалтә гарантиақәеи разхәыцра алыршара. Уи азы ҳара «Аԥсны анаукақәа Ракадемиа азы» азакәан апроект аус адулара мҩаԥаагеит.  Анаукатә усзуҩцәеи, ҳинститутқәа русзуҩцәеи руалафахәы аизырҳара хымԥадатәиуп, Академиа аинститутқәа рбиуџьет  аизырҳара азы инацҵаны афинанстә хыҵхырҭақәа рыԥшаара, агрантқәагьы уахь иналаҵаны, аиҳарак анаукатә ҿар рзы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аминистррақәа, ахылаԥшырҭақәа, абизнес ахаҭарнакцәа еффективла аус рыцура аҩаӡара ашьҭыхра алыршатәуп.   Сгәаанагарала, анаука аҿиара аиҿкаареи уи афинанстәреи рзы ахатәы активқәа, ҳәарада, аминистрцәа Реилазаара ақәшаҳаҭрала, ихшыҩркны ахархәара аҭара хымԥадатәиуп», –  иҳәеит иара.

«Жәларбжьаратәи аусеицура аганахьала ҳара ҳ-Академиа анаукатә дипломатиа  егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рымадара аҿиара аҿы   аҳәынҭқарратә дипломатиа иацхрааларц азы аҟаҵара ҳҽазаҳшәозароуп», ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа адәныҟатәи аимадарақәа рырҭбаара азҵаара дазааҭгыло.

 Зураб Џьапуа иажәахә аҿы иара убас Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аҭыжьратә усура  аҭҵаарадырра арҿиараҿы акыр зҵазкуа ароль шынанагӡо иҳәеит.

Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар, «анаука Амш –ари анаукатә еилазаараҿы иҟоу апроблемақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра анарҭо амш ауп» ҳәа азгәеиҭеит. «Анаука – ауаҩы иусура иуадаҩу аформақәа ируакуп, адырра амазаара адагьы, адырра ҿыцқәа рыԥшаара зылшо ауаа ирыдҳәалоуп. Зегьы шьахәла ирдыруеит анаука ада аҳәынҭқарра аҿы аума, ауаажәларра рыҩныҵҟа аума изеиԥшразаалак аҿиара шыҟамло. Иахьа иҳамоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны иаҳҳәозар, ҳара иҳамоуп идуӡӡоу анаукатә ҭынха –  адунеи аҳәынҭқарра дуқәагьы зхыҽхәартә иҟоу аинститут. Ҳара ари аҭынха шьахә ҳҭоурых иуадаҩӡоу апериод азы иҳауит»,  иҳәеит Роман Дбар.

Анаҩс дықәгылеит аҭоурыхҭҵааратә наукақәа рдоктор, Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа антрапологиеи аетнологиеи Ринститут Кавказ аҟәша анаукатә усзуҩ, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент Иури Анчабаӡе. Уи иқәгылараҿы: «Ҳара аиашазы аԥсуа наука, уи аҭоурых, атрадициақәа ҳрызгәдууп. Сара Урыстәылатәи арегионалтә академиақәа аус рыцурагьы сақәшәахьеит.  Агәра шәсыргоит, ҳара ҳ-Академиа акала еицәаны иҟам, уимоу, ҳара Урыстәыла арегионалтә наукатә центрқәа рыҩаӡараҿы ҳаҟоуп. Араҟа иахьа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазкны акыр зҵазкуа ажәақәа рҳәеит. Сара сгәаанагарала ҳаԥхьаҟа ҳара еиҳа аимадара ҳабжьалароуп, еиҳа ҳусумҭақәа ҭыжьлатәуп. Еиуеиԥшым аконференциақәа, асеминарқәа, мҩаԥгалатәуп, аҵыхәтәантәи ҳаҭҵаарақәа рӡыргара алыршалатәуп. Уи зегьы Академиа аусураҿы акыр аҵанакуеит», – иҳәеит иара.   Иури Анчабаӡе иазгәеиҭеит убасгьы аҿар Аԥсны анаукатә ԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ароль шынарыгӡо.

Амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Европатәи иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемик,  Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик Зураб Амқәаб   анаука иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа уи арҿиаразы  даара имаҷуп ҳәа азиԥхьаӡоит. «Сара Узбекьысҭан аконференциа ду схы аласырхәуан,  уаҟа избаз даара иџьасшьеит. Хыԥхьаӡара рацәала ахәышәтәырҭақәа, аклиникақәа, амедицинатә центрқәа ыҟоуп, аха анаукатә хшыҩҵак ыҟаӡам. Ҳара ҳҿы акәзар даҽакала иҟоуп. Ҳара ҳнаука аҿиара иаҿуп ҳҳәоит, аха шәааи аинститутқәа зегьы ҳарҭааны ҳахәаԥшып уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа, аусқәа рцашьа гәаҳҭап. Уаҟа алабораториақәа, ареактивқәа, иахәҭоу аиқәыршәагақәеи амаругақәеи уҳәа разымхара шыҟоу – иҳәеит апрофессор. «Институтцыԥхьаӡа иҟоу аҭагылазаашьақәа еиԥшуп, зехьынџьара апроблемақәа маҷымкәа ыҟоуп. Сара схы здыруеижьҭеи, акагьы аҽаԥсахӡом. Абри ҳзаламцәажәари?» – ҳәа азҵаара ықәиргылеит Зураб Амқәаб.

 Анаҩс Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәылацәа Академиа апрезидент иалхра апроцедура ахь ииасит. Имаӡоу абжьыҭирала Зураб Џьапуа еицҿакны ҩаԥхьа анауақәа Ракадемиа апрезидентс далырхит. Академикцәа ирҭаз агәрагара азы уи иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара Аԥсны анаука аҿиаразы аринахысгьы илшо зегьы шыҟаиҵало азгәеиҭеит.

Зураб Џьапуа,  Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҿыц алахәылацәас иҟалаз адипломқәа ранеишьеит.  Академикцәаны иҟалеит Лили Ҳагба, Алеқсеи Касланӡиа, Зураб Амқәаб, Анатоли Марколиа, алахәыла-корреспондентцәаны Валериа Бигәаа, Аслан Аҩӡба, Омар Маан. Зураб Џьапуа иара убас Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор идиплом ианеишьеит азиндырратә наукақәа ркандидат Георги Колбаиа.

 Ламысцқьала рмаҵуратә уалԥшьа анагӡаразы Аԥсны анауақәа Ракадемиа Апрезидиум ахьӡала аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьахеит ААР Аботаникатә Институт аусзуҩцәа: Џьакониа  Елена, Багаҭелиа Кристина, Сангәлиа Алина, Титов Иван, Қриа Индира, Марко Наталиа, Гуланиан Татиана, Лакоба Евдокиа, Папазиан Ирина.

Шықәсырацәала инеиԥынкыланы ламысцқьала рмаҵуратә уалԥшьа анагӡаразы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент ихьӡала аџьшьара рыҭахеит ААР ақыҭанхамҩа Аинститут анаукатә усзуҩцәа: Гьаргь Ҳәатышь, Надежда Лакоба, Анелиа Ҭарба, Алла Кочурина, Светлана Гадлиа, Лиудмила Ҭарба, Наҭелла Читаиа, Фиодор Ҭарба, Нели Заровнаиа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me