Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизараҿы

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Адепутатцәа аусура иалагеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәанчаҩратә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет» азакәан аиҭакрақәа ралагаларала. Уи инақәыршәаны Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы  Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы ҧшькатегориак ирыҵаркуа атәанчаҩцәа ирызшәахоит 28 миллион мааҭ инарзынаҧшуа аҧара.

Жәлар Реизара адепутат Беслан Ҳалуашь иажәақәа рыла, ари азакәанапроект актәи аҧхьарала ианрыдыркылоз адепутатцәа агәаҳәара аадырҧшит ацхыраара зҭаху ауаа даҽа ҩ-категориак рацҵаразы. «Убри азы имҩаҧаагеит аилак аилатәара, ишьақәҳарҕәҕәеит азҵаара.  Иара убас 25 миллион мааҭ зыҧсҭазаара иалҵхьоу атәанчаҩцәа рыуацәа рыла изакәанымкәа иамхыз аҧарақәа рхарҭәааразы Урыстәыла Атәанчаҩратә фонд ашҟа идәықәҵахоит. Абарҭқәа зегьы арбоуп афонд абиуџьет аҟны. Арҭ азҵаарақәа зегьы ӡбахоит афонд еиднакылаз ахатә ҧарақәа рыла», – иҳәеит адепутат.

Жәлар Реизараҿы аҵыхәтәантәи аҩбатәи аҧхьарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә кодекс апроект «Аҧсны Аҳәынҭқара Аҳазалхратә кодекс азакәанмчы аҭаразы» азакәанапроект рыдыркылеит. Уи иҳәаақәнаҵоит аҳазалхратә ҳәаа аҟны атауарқәеи атранспорттә хархәагақәеи риагара, урҭ рышәҟәҭагалара амҩаҧгара, иара убас хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атауарқәа рганахьала аҳазалхратә усқәа рымҩаҧгара. Ари апроект инақәыршәаны аҳазалхратә уси аелектронтә усшәҟәқәеи рганахьала азинмчы змоу Аҧсны Аҳәынҭқарра аусбарҭа автоматизациа зызу аинформациатә система иадҳәалоу Аҳазалхратә кодекс аҧҟарақәа азинмчы роуеит ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны.

Жәлар Реизара аилатәараҿы Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы афонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит. Афонд абиуџьет 101 миллиони 780 нызқь мааҭ инарыцны аныхтәқәа рыла иахьеиҳахаз азы ахарџьқәа дәықәҵан Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара аиҿкаара ашҟа. Афонд ахантәаҩы Енвер Чамагәуа иажәақәа рыла,    баҟақәа реиҭашьақәыргылара, афырхацәа рҳаҭгәынқәа ирхагылоу абаҟақәа рырҽеира, асасцәа рыдкылара уҳәа аныҳәамш иадҳәалаз аусмҩаҧгатәқәа ирықәырхарџьын. «Гәылрыҧшь араион Дранда ақыҭан иҟоу ахәыҷбаҳча азбжак ауп аус зуа. Уахь иныҟәоит ҳџьынџьуаа рхәыҷқәагьы. Аҭыҧантәи ауааҧсыра иҟарҵаз аҳәара  инақәыршәаны ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргылара нап аркуп, уи аиҭашьақәыргылара иартәоит 37 миллион мааҭ инареиҳаны», – иҳәеит Енвер Чамагәуа.

Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аҧхьарала 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет аиҭакрақәа аларгалеит. Аҧсны Аҳәынҭқарратә биуџьет азеиҧш шәага-зага ахашәалақәа рыла 13 миллиарди 615 миллиони 933,9 нызқь мааҭ рҟынӡа азҧхьагәаҭоуп. Аныхтәқәа рыла – 15 миллиарди 932 миллиони 206,8 нызқь мааҭ. Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит иартәоит 2 миллиардки 316 миллиони 272,9 нызқь мааҭ.

2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет аныхтә хәҭа ашәага-зага убасҵәҟьа аизырҳара аганахьала 720 миллиони 018,3 нызқь мааҭ рыла иацҵаны ириашаны ишьақәырҕәҕәоуп.

Адепутатцәа актәи аҧхьараҿы «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәанапроект рыдыркылеит. Уаҟа изларбоу ала аҳәаанырцәтәи атәылауаа анхаразы ирыҭоу аршаҳаҭга азинтә ҿҳәара хәышықәса рҟынтәи жәашықәса рҟынӡа ацҵара азҧхьагәаҭоуп. Иара убас ишьақәыргылазарц Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорт усбарҭеи территориала уи аҟәшақәеи ирырҭауа адокументқәа реиқәыҧхьаӡа. Урҭ шьақәдырҕәҕәозар ауп шықәсыла шаҟа аҭаху Аҧсны иахьаҵанакуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа иааиҧмырҟьаӡакәа рынхара.

Аҧсны жәлар реизара аилатәараҿы амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа хәба адгьыл азоужьра иадҳәалан. Аграртә политикеи, аҧсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Беиа адгьылқәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагара азҵаарақә ахылаҧшра ҕәҕәа рыҭазарц ажәалагала ҟаиҵеит. «Адгьылқәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь риага иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа ҳауаажәлар акыр иаргәамҵуеит. Иазгәаҭатәуп   имҳәа-имырза маӡала шьоукы адгьылқәа рыҭира ишаҿу. Ҳара иахьа ара категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагаразы азин ҟаҳҵоит, аха анаҩс иҳаздырӡом уи адгьыл хархәарас иаиуа. Сара сгәанала ари азҵаараҟны аҧсахрақәа ралагалара хымҧадатәны исыҧхьаӡоит», – иҳәеит адепутат. Ҭемыр Беиа иара убасгьы ажәалагала ҟаиҵеит амшын аҧшаҳәа аҟынтәи 200-метра иахьаҵанакуа иҟоу адгьылқәа ахархәара рыҭараз аморатори алагаларазы.


Шарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me