Аслан Бжьаниа Аҟәа далсны ибеит

Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҟәа ақалақь аҟны аусуратә ныҟәарақәа мҩаԥигеит. Аныҟәарақәа ирылахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба.

Аныҟәарақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Арӡынба имҩаду аҟны Агәмааи Титови рымҩақәа еимаздоз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит.

 Беслан Ешба амҩадукәа рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ақалақь ахадара ахарџь ала ишцо, ашықәс анҵәамҭазы иагьшхыркәшахо атәы иҳәеит.  «Амҩа даара аҭагылазаашьа бааԥсын. Ауаа рацәаҩны инхоит, иԥҽыз амҩа иҭамҳарц азы амҩа иахыкәшан ицалар акәын», – иҳәеит Беслан Ешба.

Иара убас, аҳҭны-қалақь ахада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, арҿыцратә усурақәа анцоз аамҭазы аӡымҩангагақәа ԥсахын, ари аусурахкы иартәеит 38 млн.мааҭ. «Аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп  амҩа акаҭран ақәырҭәара, уи иақәхарџьтәхоит 15-18 млн.мааҭ. Аԥара ҳамоуп. Ацрыҵмҩангара иадҳәалаз аус цәгьан,  аԥырхага азҭоз рацәан», -  иҳәеит иара. Беслан Ешба ԥхынгәымзазы излагаз аусурақәа  жәамш рыла ишхыркәшахо иҳәеит.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада ибеит Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҟны имҩаԥысуа аусурақәа. Урҭ рымҩаԥысшьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит Беслан Ешба. «Индоевропатәи ателеграф 12 ҭоурыхтә шьаҟа ареставрациа рзаҳуит. Иаарласны 80 цыра атәарҭақәа  ҳаргылоит», - иҳәеит иара.

Амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, апарк аҟны иҟоу аӡыршә аиҭашьақәыргылара уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит.  «Аусурақәа цонаҵы аӡыршә иамаз раԥхьатәи ахаҿра аиқәырхара ҳашьҭан. Аусурақәа  абҵарамза 17-нӡа ихыркәшахоит», -  иҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.

Беслан Ешба, иааиуа ашықәс азы апарк аҟны аҳәыҷқәа рзы акьанџьа дуқәеи ауаргьалеи шыҟало иҳәеит.

Анаҩс Аслан Бжьаниа даҭааит Басла аӡиас иху ашьапыламҩатә цҳа. Беслан Ешба иҳәеит, ацҳа ахи-аҵыхәеи рҟны алифтқәа раҭара ргәы ишҭоу. «Апандус ахьамам иахҟьаны, зымаха-зышьаха зыхьуа ауаа ацҳа изықәсӡом, иара убас ахәыҷтәы колиаскақәеи амаланыҟәақәеи змоу ашьаҟауаа рзы иманшәалаӡам», -  иҳәеит Ешба. Аслан Бжьаниа алифтқәа рышьақәыргылара дақәшаҳаҭхеит, атәылауааи асасцәеи рзы акырӡа ишаҭаху азгәаҭаны. Ацҳа ҿыц аҟны алифт шьақәыргылахоит 2024-тәи ашықәс алагамҭазы.

Аҳәынҭқарра Ахада илаԥш иҵашәеит Басла аӡиас инаваршәны анышьтә станциа акыр иажәхьоу ахыбрақәа. «Урҭ хымԥада еиҭашьақәыргылатәуп. Ус иҟамлароуп. Анышьтә станциа рымазар рҭахума? Ус акәзар, уи аҭеиҭыԥш арҽеирагьы рылдыршааит! Ас еиԥш аҭагылазаашьа змоу астанциақәа ҳара иахьа иаҳҭахӡам», – иҳәеит иара.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Ацҳа Ҟаԥшь дахәаԥшны ибеит. Ақалақь ахадара аиҳабы иҳәеит, арҿыцратә усурақәа раԥхьа араҟа аҭыџьтә кәырша шамамыз. Иахьатәи амш азы аусурақәа зегьы хыркәшоуп, амаакырақәа еиҭашьақәыргылоуп.

 Анаҩстәи аныҟәарақәа ирыцҵан аԥшырҭатә ҭыԥи Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аӡыршәи рҟны.  Асҭамыр Ԥиԥиа Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит актәи аԥшырҭатә ҭыԥ аҟны аусурақәа шцо. «Ахыб  аевкалипт ҵла ақәҳаит, уи апроблема аԥаҳхит, уажәшьҭа аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит», - иҳәеит иара, убри аан иазгәеиҭеит абҵарамза анҵәамҭазы  актәи аԥшырҭатә ҭыԥ аҟны аусурақәа зегьы шхыркәшахо.

Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршә ааха ӷәӷәа шамаз, аха аиҭашьақәыргылара шрылшаз. Аӡыршә арҿыцра, иара иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшахоит, апарк акәзар идырԥшӡоит, еиҿыркаауеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас, Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны аусурақәа рцашьа гәеиҭеит. Ара Агрба имҩаду апарк хадаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, ишьҭаҵан атротуартә хаҳәцәқәеи акаҭрани, еиҭашьақәыргылан ауаажәларратә транспорт аангыларҭақәа.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәатәи аихамҩатә вокзал даҭааит. «Аԥснытәи аихамҩа» анџьныр хада    Леонид Ҟәыруа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы.   «Авокзал аҩныҵҟеи адәахьи ҳрыцқьеит – агәам-сам дәылаҳгеит. Ашә ҿыцқәа шьақәҳаргылеит, аԥенџьырқәа ҿаҳҵеит, абагьырқәа ҳарҿыцит», – иҳәеит Леонид Ҟәыруа.

Иара убас уи иҳәеит аибашьра аахыс ахыбра ахыб абжа шамам. Иазԥхьагәаҭоуп авокзал ахыбра 2024 шықәса аԥхынранӡа аиҭашьақәыргылара, апассаџьырцәа рымҩангара иалагаанӡа азыԥшырҭа зал аиҭашьақәыргылара. «Авокзал ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ирыҵанакуеит аҟнытә, аусурақәа зегьы акультура Аминистрра абжьгарақәа рықәныҟәарала имҩаԥысуеит», - иҳәеит иара.

Леонид Ҟәыруа аихамҩатә платформа «Ԥсырцха» аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит: «Аусурақәа уаҟа ахыркәшарахь инеиуеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иара убас имҩаԥысуеит Гагра ақалақь, аихамҩатә платформа «Абаҭаа» аҿгьы. Ҳара урҭ аԥхынра алагамҭазы рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», –  иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҟәатәи авокзал аиҭашьақәыргылара – иҿио ауаажәларра символра шазнауа.  «Ари иара авокзал мацара иахьазеиӷьу адагьы, ҳтәылауаагьы ргәы иахәоит. Уи ҳуаажәларра рыҿиара иасимволуп. Шәара аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса раахыс абгара иаҿыз аобиект аиқәырхара шәылшеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари азы», - ҳәа иҳәеит иара.


Акьыԥхь иазирхиеит Б. Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me