Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵарашықәс алагамҭазы

Сентиабр 1 азы – адыррақәа рдунеи ахь

Мышқәак роуп иаанхаз – аҧхынра ииасуеит,ишаҧу еиҧш, иааит ҭагалан. Уи инамаданы – иҳамбаӡакәа аҵарашықәс алагамҭагьы. Ақалақь аҩныҵҟа ацәажәарақәа ыҟоуп ахәыҷқәа сентиабр аказы ашкол ахь ицаӡом, октиабр мзазы ауп ҳәа. Уи ҵабыргны ирҳәоу, мамзаргьы ус цәажәароу, насгьы Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны ашколқәа аҵарашықәс алагара иахьынӡазхиоу еилаҳкаарц ҳлыҿцәажәеит Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиаҧҳа.

Уи излаҳалҳәаз ала , Аҧсны ашколқәа азхиоуп аҵарашықәс алагара, нанҳәамза 20 раахыс арҵаҩцәа ашкол ахь иныҟәоит, ирыгу - ирыбзоу иалацәажәоит, акласстә уадақәа аадыртуеит, аҳауа цқьа ҩнадырсуеит. Сынтәа актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара наӡоит инықәырҧшны ҩнызқьи бжаки рҟынӡа. Иазгәалҭеит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа 16 школ шыҟоу, урҭ рахьтә 6-школк рҟны аҵаҩцәа даара рхыҧхьаӡара шырацәоу. Убри азы ҩ-мшҧҵәак рыла ишышьақәгылоу аурок сааҭқәа. Уи ҵаҵҕәыс иамоу ахәыҷқәа рынхарҭа ҭыҧқәа иахьаҵанакуа ашкол аҟны иҭалом, ирцәыхаразаргьы ақалақь иазааигәоу ашколқәа рахь иахьаауа ауп.

Иара убас иҳалҳәеит, иҳаҩсыз ашықәс азы Аҧсны ашколқәа зегьы актәи акласс инаркны аабатәи акласс аҟынӡа арҵагатә шәҟәқәа шроуз, егьырҭ иаанхаз аклассқәа рзы арҵагатә шәҟәқәа роураны иҟоуп цәыббрамза анҵәамҭазы. Дазааҭгылеит сынтәа Урыстәыла аҳәынҭзаказ ала иҭалоз иреиҳау аҵараиурҭақәа ртәгьы. Урҭ раҕьырак дара иахьырҭахыз азанааҭқәа рахь иҭалеит, уаанӡа аекономисти азиндырҩи рзанааҭқәа еиҳа аҧыжәара арҭозҭгьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы иахьатәи ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо атехнологиа аганахь ала азанааҭқәа ралхра иалагеит.

Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрреи дареи ирыбжьоу аимадарақәа ирыбзоураны Аҧсны аҿар алшара рымоуп Шәачеи Адлери иаарту «Сириус» захьӡу аҵараиурҭа аҭалара. Уи еиҳараӡак изызку аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа роуп. Насгьы иуҳәар ауеит, лимитла мацара акәымкәа, ус Аҧсны ашкол иалгаз аҿар дара рхатәы дыррақәа рыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ишҭалаз еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла.

Аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ даҩымсит ашколқәа рҟны ишыҟоу аклассқәа 30-ҩык аҵаҩцәа инареиҳаны иахьтәоу,уи иашам, избанзар арҵаҩы лзы даара иманшәалаӡам, ицәгьоуп аҵаҩцәа хаҭа-хаҭала адырра рызнагара, уи адагьы асанитартә нормақәа ирықәшәом. Лара лгәаанагарала, аҵаҩцәа руада ҭбаазароуп, илашазароуп, ажәакала иманшәаланы арҵаҩи аҵаҩи рзы иҟазароуп. Ачымазара ыҟамзаргьы, иара убас иахәҭоуп. Иазгәалҭеит раҧхьаҟа ргәы ишҭоу аиҳабыратә классқәа рҿы амедицинатә урокқәа ралагалара.

Аганахь иаанымхеит ахәыҷ баҳчақәа рызҵаара. Урҭ рхыҧхьаӡара даара имаҷуп, ахәыҷқәа ирызхаӡом, избанзар агәыҧқәа рҿы даара ирацәаҩӡаны ахәыҷқәа тәоуп. Илҳәеит ишыргылатәу ахәыҷ баҳчақәа, уи зегьы афинансқәа рацәаны ишаҭахугьы изҵаара хаданы иқәгылоуп иахьатәи ҳаамҭазы.

Лажәақәа рыла, Аҧсны ашколқәа азхиоуп аҵарашықәс ҿыц алагара, аҵаҩцәа алшара рымоуп еснагь еиҧш, цәыббрамза акы инаркны ашкол ахь ацара. Убри аан иазгәалҭеит ашколқәа зегьы рҟны аснитартә нормақәа инарықәыршәаны аҧҟарақәа ишрықәныҟәало.

С.Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me