Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абаҩхатәра ицәырнагаз арҿиамҭақәа

Шьалодиа Аџьынџьал диижьҭеи 90 ш. аҵра иазкны

Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шьалодиа Аџьынџьал  диижьҭеи 90  ш. ҵит.

Аҧсуа милаҭтә литератураҿы имҩашьауа зышьҭа аанзыжьыз ашәҟәыҩҩы ирҿиара ахәшьара бзиагьы аиуит, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1984), В.Маиаковски ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиа иаҭәашьан (2010), Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан, «Ахьӡ-Аҧша аорден II аҩаӡара ианашьан.

Шь.Аџьынџьал 1990-тәи ашықәсқәа раан аҧсуа литература иаҵагылаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа дреиуан. Аханатә иааҧшит абаҩхатәра ҷыда шилаз. Иқәлацәа реиҧш, ашәҟәыҩҩы  ишьақәгылара мҩаҧысуан Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы. Акыр аҧынгылақәа шизцәырҵуазгьы, ихықәкы дацәхьаҵуамызт.

Шь.Аџьынџьал диит 1932 ш. август 1 азы Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭан. Абжьаратә ҵара анхиркәша аусура далагоит Тҟәарчалтәи  ашахтаҿы. Аха аҵаралашарахь имаз агәацҧыҳәара ицәыӡуамызт. Убри иабзоураны Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет дҭалоит. 1961 ш. қәҿиарнала иреиҳау аҵара хиркәшоит, аусурагьы дрыдыркылоит аҧсуа газеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы, аҧхьа корреспондентс, ашьҭахь аҟәша аиҳабыс диаргоит.

Еиуеиҧшым  аамҭақәа раан аус иуан иара убас Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла афонд аиҳабыс, апартиа Аҧснытәи аобком аҟәша аиҳабыс, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» адиректорс, акьыҧхь азы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс. 2005  ш. нахыс Аҧсны Ауаажәларратә палата далан, насгьы аҧсуа бызшәа арҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы акомиссиа. Аус ахьиуазаалакгьы, ишьҭа аанижьит. Идырреи иҧышәеи еснагь ихәарҭан.

Амаҵурақәа маҷымкәа ишибахьазгьы, аҧхьаӡа иргыланы Шь.Аџьынџьал дызлеицырдыруаз ирҿиаратә баҩхатәра иабзоураны иаҧиҵаз аҩымҭақәа рыла ауп.

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт данҭаз ҷыдала алитература дазхьаҧшит, ибаҩхатәрагьы есааира  аҽцәырнагон. Ажурнал «Алашара» аҟны икьыҧхьыз(1955)  раҧхьатәи исатиратә жәабжь «Амаҳә» аҧхьаҩцәа ирылаҵәеит. Уи нахыс акьыҧхь аҟны ицәырҵуаз иҩымҭақәа ирызҿлымҳахеит. Ашәҟәыҩҩы даманшәаланы иааирҧшуан дызлагылаз аамҭа ицәырнагоз  аҟазшьақәа, урҭ рахьтә иҟан, иҵоуроу реиҧш, иҵоурамгьы. Аҧсҭазаара иазааигәан, ахҭысқәа аҧхьаҩ игәникылартә раарҧшра илшон.

Ашәҟәыҩҩы ихьӡ еиҳагьы аҧхьаҩцәа еицырдырит раҧхьатәи иажәабжьқәа  еидызкылаз ашәҟәы «Агәахәтәы» (1960)  анҭыҵ нахыс. Шь.Аџьынџьал уи ашьҭахь ирҿиара есааира аҽарҭбаауан. Иажәабжьқәеи, иповестқәеи, идраматә ҩымҭақәеи, ироманқәеи згәылалаз ашәҟәқәа 25 инареиҳаны иҭыжьын, урҭ иреиуоуп: «Хырбза-кәырбза», «Ашәахсҭа, «Амзаҿа ангыло», «Алахьынҵа», «Аҳәа зыҟәну аџьныш», «Ахьтәы хаҧыц», «Иҟалаз шәаҳама», «Дыцәаны данааҧш», «Ақәыџьма-кәашара», аҵыхәтәантәи ироман «Шаҟа дуцәыхарахаз аҟара дузааигәахон».

Шь.Аџьынџьал аҧсҭазаара акырӡа дагәылаҧшны иаҧиҵоз аҩымҭақәа рымҽхак есааира аҽарҭбаауан. Аповест «Амзаҿа ангыло» акәзар, изызку аамҭа  иақәшәоз ахаҿсахьақәа рыла аибыҭара илшеит. Урҭ рыла  аҧсуа қыҭаҿы имҩаҧысуаз аиҭакрақәа ааирҧшуеит, аҧсуа ибзазашьа шьахәла излаидыруаз ала, ахаҿсахьақәа амилаҭ-цәа рыҟәнуп. Зехьынџьара ипроза иаҵубаауеит изырлахҿыхуа асатиреи аиумори.

Шь.Аџьынџьал ишәҟәқәа, аҧсышәала еиҧш, аурысшәа, алатыш уҳәа абызшәақәа рахь еиҭаганы иҭыҵхьеит: «Избранное», «Корни», «На обрыве», «Белый партфель»,  «В ночь на новолуние», «Дьявол с мечом», «Зуб мудрости» уҳәа егьырҭгьы.

Иажәабжьқәеи иповестқәеи аурысшәахь еиҭаганы иркьыҧхьхьан Урыстәылатәи ажурналқәа: «Дружба народов», «Крокодил», агазеҭқәа «Литературная газета», «Советская культура» уҳәа.

Ароман «Аҳәа зыҟәну аџьныш» акәзар, урысшәала ианҭыҵ аӡәырҩы ақәҿырҭит, ргәаанагарақәа акьыҧхь ианылеит, ахәгьы ршьеит. 1930-тәи ашықәсқәа раан ҳажәлар иреиҕьыз рҵеицәа харада ахара рыдҵаны  иандырӡуаз аамҭа хьанҭақәа ирыцыз арыцҳарақәа хҭысла ишьақәырҕәҕәаны асахьаркыратә рҿиамҭа аҧиҵеит, егьиқәҿиеит.

Арҿиаҩы ихьӡ ибзианы ирдыруа иҟалеит адраматургиеи акиносценариеи ржанрқәа рҟынгьы. С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәыргылан аспектакльқәа «Аӡыхь абжьы», «Март 4», «Апартфел шкәакәа», Шә. А.  Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аҟны акәзар, идраматә рҿиамҭақәа акымкәа-ҩбамкәа ахәаҧшцәа иддырбахьеит. Акиностудиа «Мосфильм» иҭнахит икиносценариақәа ирылху асахьаркыратә фильмқәа: «Амзаҿа ангыло ауха», «Иҧшьоу ажьирҭа асаркьал», Зегьеидгылоутәи асатиратә киножурнал аҟны иҭыхын зметраж кьаҿу афильм  «Перекресток».

Ашәҟәыҩҩы аҵыхәтәантәи ироман «Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон» аҩра даналага иқәрахь днеихьан, аха ега ус акәзаргьы,  иҧышәа ду ихы иархәаны иҭаххеит Аҧсны Аџьынџьтәылтә еибашьраан (1992-1993) ҳажәлар зҭагылаз арыцҳара иацыз ахьааи агәырҩеи, аҧсҭбареи афырхаҵареи инарҭбааны иааирҧшырц. Ажәа азҟаза аибашьра, Аҧсадгьыл ахьчара атема инарҵауланы дазнеит. Аҩымҭа ахықәкы хада гәылирҭәааит иҵоуроуи иҵоурами афырхацәа рыла. Урҭ еилыхха аҧхьаҩ иҿаҧхьа ицәырҵуеит. Хәҭа-хәҭала еиларсу ароман, хымҧада, аҿахәы нагӡаны иҳәоуп автор ибзоурала. Цәаҳәа ҟаҧшьны иагәылсуеит, ажәлар рыҿиара аҭоурых аҟны, ега рыцҳара иҭагыларгьы Аҧсадгьыл ахьчарала, ахеиқәырхара шрылдыршо еилыхха иаазырҧшуа аҩымҭа. 2015  ш. рзы ароман Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыжьын. Автор даараӡа иҭахын уи аҭыҵра дахьӡарц, аха лахьынҵала иаҭәашьамхеит, маҷк заа идунеи иҧсахит. Ега ус акәзаргьы, ҟәадак еиҧш иқәиҵаз дахьӡеит, ароман аҩра хиркәшеит, аҭыжьырҭахьгьы амҩа азылихит. Ихаҭа дзахьымӡазаргьы, арҿиамҭа баҟаҵас иаанижьит.

СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи, СССР-и Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз ашәҟәыҩҩы хатәра  2012 ш. рзы Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. Асовет аамҭазы «Аҳаҭыр дырга» аорден ианашьан.

Жәашықәсала Шь.Аџьынџьал иҩымҭақәа арҵага шәҟәқәа иргәылоуп, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны ирхысуеит.

Шь.Аџьынџьал диижьҭеи 90 ш. аҵра аҳаҭыр азы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашәҟәы нанашьҭит Аҟәа ақалақь ахада Б.Ешба иахь, ашәҟәыҩҩы дахьынхоз аҩны аҟны имемориалтә ҕәы акыдҵаразы. Уи ақалақьтә Еизарахь инаишьҭыз ашәҟәы адепутатцәа ахаҵгылеит, еицҿакны аӡбамҭагьы рыдыркылеит. Игәалашәара  аҳаҭыр азы хара имгакәа амемориалтә ҕәы кыдҵахоит ашәҟәыҩҩы дахьынхоз аҩнаҿы.


В.Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me