Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аалыҵқәа рџьармыкьа

Гагра ақалақь аҟны ақыҭанхамҩатә дгьылҵакырақәа рырҿиаразы ПРООН еицырзеиҧшу апрограмма инақәыршәаны имҩаҧысит Аҧсны иаадрыхуа, иагьҭрыжьуа аалыҵқәа рқыҭанхамҩатә џьармыкьа. Уи аҧсуа фермерцәа алшара рнаҭоит раалыҵ ацәыргаразы, аҭиразы, Аҧсны ауааҧсыреи асасцәеи ракәзар, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа раахәара, аинтерес роур, ҳаҧхьаҟагьы аусеицуразы аарыхыҩцәа рҟны ишиашоу аимадарақәа рышьақәыргыларазы.

Аџьармыкьахь инаган аҭыҧантәи ашәырқәа, ауҭраҭыхқәа, аҩны иҭарҭәо аҩы, аҵәарҩақәа, аӡыхаақәа, ахштә аалыҵқәа, аҟазацәа рнапкымҭақәа. Аџьармыкьа аҭааҩцәа ргәалаҟазаара шьҭнахуан ҷыдала иазырхиаз амузыкатә программа. Ахәыҷқәагьы ргәы ҿыҕьуамызт, хазы ирзеиҿкаан апрограмма. Аџьармыкьа еиҿнакааит зхала иҟоу икоммерциатәым аиҿкаара «Ақыҭа нхамҩа арҿиара Ацентр».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me