Аматематикатә олимпиада «Ассара»

Жьҭаарамза 23 инаркны 27-нӡа Маиҟәаԥ ақалақь, Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысит аӡӷабцәа рзы аматематикатә олимпиада "Ассара".

  Ари аолимпиада рхы аладырхәит Аԥснытәи ашколхәыҷқәагьы. Урыстәылатәи 15 регион рҟынтә. Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла уҳәа зынӡа 50-ҩык ашколхәыҷқәа 6-10-тәи аклассқәа рҟны аҵара зҵо, аматематиказы ирымоу адыррақәа рыла еиндаҭлон.

Ареспублика Адыгьеиа аладатәи ахәҭаҿы иҟоу ашьхаҳаракыра Ассара ахьӡ зху аолимпиада апрограмма хәымш ирҭагӡан. Аолимпиада алахәцәа ҩ-турк рзыԥшын, аиааира згаз ақәратә категориақәа ҩба рыла иалкаахон: аиҵбыратә лига, аиҳабыратә лига ҳәа. Урҭ иранашьахоит адипломқәа 1,2,3, аҩаӡарақәа, иара убас арҽхәабӷьыцқәеи аҳамҭақәеи аҵыхәтәантәи аетап аҟны зхы бзиаӡаны иаазырԥшыз рзы.

Ажиури аилазаара иалалеит Жәларбжьаратәи аматематикатә олимпиада, Китаитәи аҳәса рматематикатә олимпиада уҳәа рҿы аиааирақәа згахьоу. Ажиури ахантәаҩыс дыҟоуп Жәларбжьаратәи ашколхәыҷқәа рматематикатә олимпиада аҿы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ, Адыгьеиатәи аҳәынҭқарратә Университет аматематика арҵара атехнологиақәа рлабораториа анапхгаҩы Кирил Сухов.

"Аӡәгьы изы имаӡаӡам аматематикатә аолимпиадакәа рҿы аҷкәынцәа еиҳа рхы шаладырхәуа аӡӷабцәа раасҭа. Аха аҭҵаарадырра хьаас иамам дыҷкәыноу дыӡӷабу, ҳәа акрызҵазкуа уара ишуҳасабуа ауп,'' – иҳәеит Кирил Сухов.

Аолимпиада аетапқәа рыдагьы алахәцәа ирзыԥшын игәылҭәаау аҵарадырратә ,акультуратә программақәа: аҽазыҟаҵарақәа, арҿиаратә мастер-классқәеи  алекциақәеи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me