Асаркьалых аҟазараҿ

Иван Кортуа ихьӡ зху арҿиаратә центр аусураҿы ихадоу ируакуп ашәаҳәара, акәашара, афольклор,жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рнаҩсгьы аҟазара знапы алаку, знапала еиуеиԥшым амаҭәарқәа аԥызҵо рыҭҵаара, рӡыргара.

Абри ацентр амчала еиуеиԥшым аамҭақәа рзы имҩаԥган, Гиви Смыр, Руслан Ԥандариа, Алексунина Ольга, Леонид Черқьезиа уҳәа рцәыргақәҵақәа. Иалкаан иазгәаҭатәуп ара еиҳарак азҿлымҳара шырзыруа апрофессионалцәа, академиатә ҵара змоу ракәымкәа, ауаа ргәы- рыԥсы азыҳәан ҟазарала иаԥызҵо арҿиаҩцәа. Убасеиԥш иҟоу дыруаӡәкуп ааигәа ацәыргақәҵа «Асаркьалых аҳәаақәа», еиҿызкааз Оксана Смыр-Чмеренко. Лара асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далымгеит, уи дзылгаз Азиндырреи аекономикеи азанааҭ ауп аха, лара абри аҟазара лгәы иалнахит.

Ацәыргақәҵаҿы иҟан 50-усумҭа. Урҭ аԥҵоуп асаркьа ԥҽыха иалхны, иҟоуп иара убас рахәыцла иқәҵаны иаԥҵоу асахьақәа.

Хыԥхьаӡара рацәала аҭааҩцәа змаз ацәыргақәҵа аартуа ацентр анапхгаҩы Нури Еремеи-иԥа Кәарҷиа иҳәеит автор ираԥхьатәиу, хаҭалатәи лцәыргақәҵа агәаҳәара ду шинаҭо, илзеиӷьеишьеит лаԥхьаҟа ақәҿиарақәа.

Асаркьалых аԥсы ахазҵо, анапҟаза Оксана ҳаиҿцәажәараҿы иазгәалҭеит: «Сара шықәсыки бжаки роуп иҵуа ари аҟазара хкы снапаҿы иаазгеижьҭеи. Ус асахьаҭыхра бзиа избон саныхәыҷыз аахыс. Арҭ аҭыхымҭақәа абжеиҳарак асаркьа ԥҽыхеи, ацәеи (смола) еиларшьышьны ауп ишыҟаҵоу. Зегь раԥхьатәи сусумҭа иахьӡуп «Аԥарԥалыкь». Сусумҭақәа абжакы иқәҵаны иҟаҵоуп. Урҭ рцәыргаразы дсыцхрааит Нури Еремеи-иԥа. Ауаа иргәамԥхозар сусура иацысҵомызт, аха ирацәаҩуп изгәаԥхо. Раԥхьатәи сҭыхымҭа аархәеит аҭаацәара қәыԥш. Иаԥысҵо асахьақәа зегьы сгәы-сыԥсы иалнахыз роуп». Оксана Смыр лҭыхымҭақәа реиԥш иаԥызҵо макьана имаҷҩуп ҳ-Аԥсны. Ирацәоуп улаԥш зыдхало асахьақәа.

 Ацәыргақәҵаз игәаанагара дазааҭгыло асахьаҭыхҩы Евгении Власов иҳәеит: «Ҳара Аԥсны ҳашьцылоуп даҽа хырхарҭак итрадициатәу. Аӡәы иҟаимҵац ҟауҵарц азы иаҭахуп адырра, агәаӷьра абаҩхатәра. Ари имариам хырхарҭоуп. Излазбо,асахьаҭыхҩы лусумҭақәа рынагӡашьа агәра ҳнаргоит ҳара ҳҿы аҟазара знапы алаку еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла арҿиара шрылшо. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аҭааҩцәеи, аиҿкааҩцәеи». Аҟазараҭҵааҩы Анзор Сақаниа, автор еиуеиԥшым атематикала аҭыхымҭақәа аԥҵара шлыллыршаз, азгәаҭо  илзеиӷьеишьеит лаԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа.

Аҭыхымҭақәа убла хызкуа, напҟазарыла иаԥҵоу жәбар шәылшоит арҿиаратә центр ацәыргақәҵатә залаҿы, амза 31 рзынӡа. Ишәгәаԥхо аҭыхымҭа аахәаразгьы алшара шәоуеит.


Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me