Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәытә – азхьаҧшра, аиқәырхара Аҧшьгамҭа бзиа

Ааигәа Аҧсны акультура Аминистрра аҧшьгарала 70-тәи ашықәсқәа рзы еиҿкааз абыргцәа ретнографиатә хор «Нарҭаа» ҩаҧхьа ахацыркра, ҿыц аиҭашьақәыргылара азгәаҭан. Уи анагӡара – «аетнографиатә хор» аиҿкаара, напхгара аҭара лнапы ианырҵеит Аҧсны жәлар рартист, аҭыҧҳацәа рансамбль «Гәында» асахьаркыратә напхгаҩы Роза Расим-иҧҳа Чамагәуа.

Аҧсны жәлар рартист Роза Чамагәуа-ҧҳа лбаҩхатәра, лымалагьы лакәымкәа, лхатәҩыза – Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Анри Ферзбеи лареи, аҟазара агәадура, абаҩхатәра бзиа змоу рҧа, аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба уҳәа Ферызаа рҭаацәара шҟазарауаау ззымдыруа шамахамзар дыҟам.

Ҳара изныкымкәан ҳамҩахыҵхьеит Роза Чамагәуа-ҧҳаи Анри Ферзбеи рҭаацәара ссир ахь. Ҩаҧхьа, аредакциа аҟнытә хаҭала, адҵа ансоу урҭ рахь амҩахыҵра гәахәарала сақәшаҳаҭхеит. Ари аҭаацәара рбаҩхатәра еицакра шақәым еиҧш, Аҧсуарагьы ныҟәыргоит, рысасдкылара ҭбаауп. Аҧсуара, ҳҵас, ҳқьабз, ҳатрадициақәа зегьы ари аҩнаҭа аҟны уаҩы иҧылоит, ибоит. Иаарту уаауп, ражәа ҟәышуп, ихшыҩрҵагоуп. Хаҭала инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, еилых шрымам, аҿар ишырзааигәоу, ишрызҿлымҳау, ишымҩақәырҵо. Аиашазы, знык ари аҭаацәарахь имҩахыҵыз, урҭ «рыҧхарра» дашьҭуам. Даара иҿырҧшыгоуп аҭаацәа рыпатуеиқәҵашьа, алаф ҳәо, инеимда-ааимдо асас ишидтәало, уаҩ дазыҧшӡамкәан аишәа дырхиоит, рчеиџьыка ҭбаауп.

Иахьа аҧсуа жәлар иҳацәмаҷхаз, иаҳцәыӡуа иалагаз ҳмилаҭтә ҟазшьа бзиақәа, зегь раҧхьагьы – ауаа рзааигәара, урҭ рыбзиабара, реиҷаҳара ари аҭаацәараҿы аҧыжәара шамоу еиҧш иҟазҭгьы, аҧхьаҟа иҳаҧгылаз ауадаҩрақәа зегьы риааира ҳалшон.

Ҳзызнеиз атемахь ҳаниасгьы, ҳаиҿцәажәара хацыркуа лхы ӡырымго, лажәа абас дналагеит Аҧсны жәлар рартист:

– Иван Кортуа, Константин  Ченгелиа рџьабаа рацәоуп абыргцәа рхор аиҿкаареи аӡыргареи рҿы. Абаҩхатәра злаз аҟазарауаа, аҧсуа хацәа рышьҭахь, ари аҭыҧаҿ хаҵак дгылазар, напхгара аиҭозар еиҕьын ҳәа расҳәеит, аха акультура аминистр Даур Ақаҩба, дара абыргцәагьы еицҿакны анапхгара сыдыргалеит. Даҽакала хымҩаҧгашьа сымамызт, исырҭаз агәрагаразы иҭабуп ҳәа раҳәаны сақәшаҳаҭхар акәхеит…

Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, «аетнографиатә хор» еиҿкаахоит ажәытә ашәақәа рынагӡарала мацара акәымкәа, акәашарагьы алагаланы. Убри аҟнытә акәашара ақәыргыларазы днаҧхьоуп Аҧсны зҽаҧсазтәыз ар-тист Анри Ферзба. – «Аетнографиатә хор» анакәха, ажәытәан ашәа шырдыруаз, ишырҳәоз еиҧш иныжьтәуп, ишыҟоу еиқәырхатәуп, акәашарагьы убас иазнеитәуп, аҧсахра аҭахӡам. Аус зыдулатәу урҭ еиҧшны ирҳәартә иахьаангылатәу еицаангыло, еицалаго, иагьеицхдыркәшо аҟаҵара ауп. Акәашара акәзар, уигьы дара ирдыруа, ишырдыруа инарыгӡалароуп «аиҭаҵрақәа», аус зыдулатәу акәашара ақәыргылашьа, ацәырҵшьа, ахыркәшашьа уҳәа роуп.

Абас «аетнографиатә хор» иаҵанакуа, уи акәама-ҵамақәа иаҵоу шмаҷым, насгьы даара ҭакҧхықәрала изызнеитәу, изыхӡыӡааны, изеиҷаҳаны еиқәырхатәу, иара уи аамҭазгьы, ажәлар ирыларҵәатәу, аҧсҭазаара зҭатәу акәны ишыҟоу ҳзеиҭалҳәон Роза Чамагәуа.

Уи лажәақәа рыла, Аҧсны ақыҭақәа рҟны хаҭала апроект «Алаф ашҭа» абзоурала аҭыҧҳацәа рансамбль «Гәында» ақәгыларақәа раан, иара убас ус ирдыруази издыруази рыла еигәныҩны «аетнографиатә хор» аҟны ашәа зҳәо қәрала 65 шықәса иреиҵам абыргцәа 25-ҩык еидыркылеит, Аҧсны еиу-еиҧшым араионқәеи ақыҭақәеи рҟнытә.

«Макьаназы мызкы ахьтә ҩынтә ҳаиқәшәоит. Аҭагылазаашьа рыҭатәуп, зегь раҧхьаӡагьы Аҧсны еиуеиҧшым араионқәеи ақыҭақәеи рҟнытә иаауа абыргцәа рцареи-раареи еиҿкаатәуп, аформақәа рзыӡахтәуп, аҧсуа кәымжәы акаба ркьаҿны ишырӡахуа акәымкәан, ажәытәан ишыҟаз еиҧш иауны, ишахәҭоу ала. Ажәакала, макьана иӡбатәу азҵаатәқәа ыҟоуп, афинанстә ҭагылазаашьа, ацхыраара ҳақәдыргәыҕит Аҧсны акультура аминистрра ҳагьазыҧшуп» – лҳәеит уи.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, «Аетнографиатә хор» анапхгаҩы иазгәалҭеит, макьаназы 25-ҩык еидызкыло абыргцәа рхор иалои лареи знык ада ишеиқәымшәац аха раҧхьатәи реиқәшәарагьы ус баша цәажәарала ишымҩаҧымсыз.

«Ҳанааибадырқәа ашьҭахь, «актәи, аҩбатәи абжьқәа змоу досу шәҭыҧқәа рҟны шәнагыл» – сҳәан, досу иахьихәҭаз днагылеит. «Иарбан ашәоу ишәҳәарц ишәҭаху «Озбақь иашәа» шҧажәбо анысҳәа, сажәа ҩбамтәкәан, руаӡәк «Озбақь ахаҵа» ҳәа иааҭирҟьеит, егьырҭ инацдырҕызит. Уи акәхеит, анаҩс, «Данаҟаи иашәа», «Ачаракәашарашәа», «Ҧшькьаҿ-иҧа Манча иашәа», «Аҽцәа рашәа», «Аиба Хәаҭхәаҭ иашәа», «Нарҭаа рашәа», «Кьаразаа рашәа» уҳәа рҽыззыҟарҵашаз ашәақәа нарасҳәан ҳааиҧырҵит. Август 26 рзы аҩбатәи ҳаиқәшәара азгәаҭоуп» абас лажәа даалгеит Аҧсны жәлар рартист.

Аиашазы, Роза Чамагәуа аусура напы алыркхьеит, уи дарҕьажәҩаны длывагылоуп аҧсҭазаараҿ еиҧш аҟазараҿгьы лхатә ҩыза Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Анри Ферзба. Ҳәарада, ҩ-баҩхатәра нагак русеицура алҵшәа бзиа шаиуа мҩашьарада уаҩы агәра игартә иҟоуп. Агәыҕрагьы ҳамоуп, аҧсуа быргцәа рансамбль «Нарҭаа» 70-тәи ашықәсқәа раан, Аҧсны аеиҧш, анҭыҵгьы идырҳахьаз ахьӡ иацлап ҳәа.

Иҟалап аетнографиатә хор ажәытә хьӡы «Нарҭаа» азырхынҳәхаргьы.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me