Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи арҵаҩцәа рзы

Аҵара Аминистрра, Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵарадырреи анаукеи Рминистрра, Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аспециалистцәа, еицынарыгӡо апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәеи аурыс бызшәеи алитературеи, абҩарҵәыреи рырҵаҩцәа рзы азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа мҩаԥыргоит.

Нхыҵ-Кавказтәи Ауниверситет азиндырратә Институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Жуков апроект далацәажәо иазгәеиҭеит: «Ари апроект ус баша ицәырымҵӡеит. Ҳара Аԥсни Урыстәылеи рҵарадырра асистемақәа реишьашәалара иазкны Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵарадырреи анаукеи Рминистрра адҵа наҳагӡоит. Аԥсны аҵара Аминистрреи ҳареи  абар шьҭа жәы-шықәса ирылагӡаны хра злоу аусеицура ҳабжьоуп. Иарбоу аамҭа иалагӡаны Аԥснытәи арҵаҩцәеи аҳәынҭқарратә маҵурауааи рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы планла ишьақәыргылоу апрограмма анагӡара мҩаԥысуеит. Акурсқәа иахьа ихацыркхеит, ҩымш урҭ Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит, ҩымш – Гәдоуҭа. Иара убас Очамчыра ақалақь аҿы. Акурс апрограмма аилкаара ашьҭахь, азыӡырҩцәа иалкаау ахыдҵақәа нарыгӡоит, азшьа арҭоит, анаҩс акурсқәа ишырхысыз ала асертификат роуеит».

 Алеқсандр Жуков иажәақәа рыла, Нхыҵ Кавказтәи Афедералтә Университет аспециалистцәа ҩаԥхьа Аԥсныҟа иаауеит абҵарамза 13 рзы. Урҭ усҟантәи раара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә маҵурауаа рзы азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа мҩаԥыргоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me