Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵарадырратә цәыргақәҵа

Абҵарамза 1 инаркны абҵарамза 3, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы II Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵарадырратә цәыргақәҵа мҩаԥысраны иҟоуп.

Уи мҩаԥгахоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳараж́әҳәарҭеи Аԥсны аҵара Аминистрреи русеицура абзоурала.

Ацәыргақәҵа ахықәкы хаданы иҟоуп иреиҳаӡоу аҵараиура аганахьала аихьӡарақәа рӡыргареи  Урыстәылатәи аҵаратә программақәа рахь ауаажәларра разҿлымҳара ашьҭыхреи . Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа  Реиҩызара иаку аинформациатә ҵарадырратә ҵакыра аԥҵара,  Урыстәылатәи Аԥснытәи  аҵараиурҭатә еиҿкаарақәа рыбжьара аусуратә еимадарақәа рышьақәыргылара, иара убас аҭыԥантәи ашколқәеи аҵараиурҭақәеи Урыстәылатәи Афедерациа  аҵаратә усхк аҿы иҟоу ихадоу ахырхарҭақәеи аҭагылазаашьақәеи деилыркаара.

Ацәыргақәҵа рхы аладырхәраны иҟоуп Урыстә́ылатәи  иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа жәаҩа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Г. Р. Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет; Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет; Н.И.Пирогов  ихьӡ зху Урыстәылатәи Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Медицинатә Университет; Ааглыхратә технологиақәеи адизаини рзы Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә Университет  уҳәа убас егьырҭгьы. Иаарту аиҿцәажәарақәа  рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, алахәылацәа зегьы  аҵараиурҭақәа рхаҭарнакцәа хаҭала  ирыҿцәажәартә еиԥш алшара рзаԥҵахоит. Иара убас, ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны  рымҩаԥгара  азԥхьагәаҭоуп алекциақәа, иреиҳау  аҵараиурҭақәа  рырҵаратә программақәа рӡыргарақәа уҳәа  ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me