Агәалашәара амш

Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш.

Арепрессиақәа миллионҩыла акгьы зхарамыз Асовет Еидгыла ауааԥсыра  рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Аԥсуа жәлар ракәзар, уи акыр ааха ду рнаҭеит. XX ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы быжь-нызықьҩык инареиҳаны арепрессиа иалаӡит. Арепрессиақәа ирықәшәаз рсиа аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭқәа, азанааҭқәа ирыҵанакуа ауаа, урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса зхыҵуаз ракәын. 

XV Аԥсуа партконференциа ахь иалхыз Қырҭтәыла Акоммунисттә Партиа Аԥснытәи аобком 51-ҩык алахәылацәа рҟынтәи лаҵарамза,  1937шықәсазы арепрессиақәа ирықәыршәан, анаҩсгьы иреихсны ишьын 39-ҩык. 1936 шықәсазы иалхыз Аԥсны ЦИК 120-ҩык алахәылацәа рҟынтәи арепрессиақәа ирықәыршәын  78-ҩык.  1937 шықәса инаркны 1942 шықәсанӡа Аԥсны анаукатәии арҿиаратәии аинтеллегенциа ахаҭарнакцәа реиҳараҩык ҭархан.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Иара убасҟан иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа ирықәшәаз рреабилитациа азы акомиссиеи еихьӡылоу  ассоциациеи. Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа Аҟәа ақалақь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы  ишьақәыргылан жьҭаарамза, 2011 шықәса рзы  адаҷ зкәыршоу Амонумент  ахаҳә ду асахьа амоуп. Абаҟа автор –  асахьаҭыхыҩ Зураб Ҭыжәба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me