Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зышықәсқәа зыбжьы ргәылыҩуа

Арҵаҩы-ааӡаҩ,  ари  ажәа  ахаҭа  иаҳәоит  иарбан  ҭакҧхықәроу  ауаҩы  иднаҵо.  Ишдыру  еиҧш,  абаҩхатәра  ахала  ахы  цәырнагоит.  Ауаҩы  даныхәыҷу  инаркны  лассы-лассы  дазхәыцлар  иаҧхьаҟа  иалихуа  азанааҭ,  ҳәарада,  уи  аусаҿ  иҽҧишәар,  изанааҭгьы  иқәманшәалахоит. 

  Арҵаҩы –  ари  ажәа  аҵарадыррахь  уназго  мҩахәасҭоуп.  Убри  амҩахәасҭа  ылызхыз  дреиуоуп  акыршықәса  инарзынаҧшуа  аҿар  реиҵааӡараҿ  злагала  шьарда  ирацәоу,  иахьа  тәанчара  иҟоу  Заур  Кәыти-иҧа  Агәхаа.

   Заур  Кәыти-иҧа  диит  март  6  1946  шықәса  рзы  Ҕәада  ақыҭан.  Ашколтә  қәра  даҵанакуа  даныҟала,  дҭалеит  Ҕәадатәи  ихарҭәаам   абжьаратә  школ.  Анаҩс  иҵара  иациҵон   Џьгьардатәи  абжьаратә  школ  аҟны.  1965  шықәса  рзы  абжьаратә  ҵара  даналга  ашьҭахь  дцоит  аҧсадгьыл  аҿаҧхьа  иуалҧшьа  анагӡарахь.  Аррамаҵзура  дахысуан  Германиа  артилериа  иатәыз  архәҭаҿы.  Аполк  аҟны  еиҿкааз  акомандаҟаҵаратә  школ  дҭалоит,  уи  даналга  авзвод  акамандирс  дҟарҵоит,  нас  асержант  еиҳабы  ичын  аҟынӡа  днеиуеит.  Ҩышықәсеи  бжаки  далгахьан  еиҧш,  1968  шықәсазы   Чехословакиа  иҟалеит  аидысларақәа.  Иара  дызлаз  архәҭа  уахь  идәықәырҵеит.  Ирыдыз  ауалҧшьа  нагӡаны  ноиабр  мзазы  игьежьуеит  Германиаҟа.  Декабр  мза  1968  шықәса  рзы  Заур  Кәыти-иҧа   хьыӡла-ҧшала  ирратә  уалҧшьа  ихганы  Аҧсныҟа  дхынҳәуеит.

   Заур  Агәхаа  1969  шықәса  рзы  аусура  далагеит  Ҕәадатәи  ақыҭсовет  амаӡаныҟәгаҩыс.   Уаҟа  аус  иуан  1971  шықәсанӡа.   Убри  ашықәс  азы  абжьаратә  школқәа  рҿы  аиҳабыратә  классқәа  рҵаҩцәа  рзы  апрограмма  иалагалан   аррамаҵзура  иазку  амаҭәар.   Убри  инамаданы  акурсқәа  рхысраз  Қарҭҟа  ирышьҭуаз  аҿар   дрылан  Заургьы.  1972  шықәса  рзы  еихьӡара  шьахәла  иҵара  хыркәшаны  аусура  далагеит  Ҕәадатәи  абжьаратә  школ  аҿы.  Иара  убри  ашықәсан  дҭалоит  Аҟәатәи  арҵаҩратә  институт,  аҧсуа  бызшәеи  алитературеи  рфакультет,  латәарадатәи  аҟәша.  Иреиҳау  аҵараиурҭаҿы  иҵара  хыркәшаны дхынҳәуеит  ашкол  ахь.  Аиҳабыратә  классқәа  рҟны аҧсуа  бызшәеи алитературеи  амаҭәар  изацҵан,  1984  шықәсазы  аҵара  аҟәша  аиҳабыс  диаргоит,  уаҟа  аус  иуан  Аҧсны  аџьынџьтәылатә  еибашьра  иалагаанӡа.  Аибашьра  анцоз  Заур  Кәыти-иҧа  далан  ашьхарахьтәи  аршьаҟауаа  рхысратә  баталион. 

    1998  шықәса  инаркны 2016  шықәсанӡа  Заур  Агәхаа  аус  иуан  Қь. Агәмаа  ихьӡ  зху  Ҕәадатәи  абжьаратә  школ  адиректорс.   Инеиҧынкыланы   45  шықәса  инареиҳаны  дызнысыз  арҵаҩратә  усҧшьа  атәы  игәаларшәо   иазгәеиҭоит,  иара  иаҧсҭазаараҿ  арҭ  ашықәсқәа  ирыҵаркуа  акыр  ишырацәоу,  урҭ  изынрыжьызгьы  шмаҷым.   «Аҿар  рааӡара,  урҭ  рымҩақәҵара   еиҳау  насыҧ  ыҟам»,-  иҳәоит  иара.  Заур  Кәыти-иҧа  инапы  иҵижьыз  аушьҭымҭацәа  хыҧхьаӡарала  акырӡа  ирацәаҩуп.  Урҭ  реилазаараҿ  иаҳҳәозар  иҟоуп  иахьа  иара  игәы  зладуу,  дызхыҽхәо  аҵарауаа,  еиуеиҧшым  азанааҭқәа  рыла  амаҵурақәа  ирхагылоу-   аҳақьымцәа,  анџьнырцәа,  азиндырҩцәа,  ачынуаа,  арҵаҩцәа дуқәа  уҳәа  Иара  изы  уи  насыҧуп.   

   Ашкол  анапхгаҩык  иаҳасабала    Заур  Агәхаа     есқьынагь  хшыҩзышьҭра  аиҭон  инапы  аҵаҟа  аус  зуаз  аҧышәа  змази  ҿыц  иалагази  арҵаҩцәа  рыбжьара  аҧышәеимадара  рыбжьаҵара,  еиуеиҧшым  амаҭәарқәа  рыла  акружокқәа  реиҿкаара,  иара  убас  дазҿлымҳан  аҵаҩцәа  аџьа  аус  рылааӡара уҳәа жәпакы аусқәа.  Иҳәатәуп  уи  инапы  злакыз   аусҧшьа  ашкол  ашҭеи  ахыбреи мацареи ишырҭеимыгӡоз.   Иара  илаҧш  хаа  рхын  иҵаҩцәа  ахьыҟазаалак, урҭ  раҧхьаҟатәи  рҧеиҧш,  рлахьынҵа  дазҿлымҳан. 

   Заур  Кәыти-иҧа  иуаҩреи  иаҧсуареи  ҳаракын,  дрызҿлымҳан  есқьынагьы  аҧсуа  аҵасқәеи  ақьабзқәеи.  Урҭ  аҿар  иахьрылаиааӡашаз  дашьҭан.  Ус  ауп  иахьагьы.  Иара  Ҕәада  ақыҭа  анхацәа  нагақәа  дыруаӡәкуп.  Исасгәашә  ҭбаауп,  иажәеи  иуси  еимадоуп,  еицырдыруа  уаҩуп.   Ажәа  дазҟазоуп,  иҳәатәу  шҳәатәу  идыруеит,  иажәа  ҧшӡоуп,  иҧхоуп,  иҧшьоуп. 

   Заур  Кәыти-иҧа  аҭаацәара  аганахьалагь  насыҧ  змоу  уаҩны  ихы  иҧхьаӡоит.  Аҧсҭазаараҿ  иара  илахьынҵахаз  иҧшәмаҧҳәыс  Рима  Адлеиҧҳаи   иареи  иаҧырҵеит  иҭәы-иҧха  иҟоу  аҭаацәара   еиқәшәа.  Уаҟа  иит,  ирызҳаит  х-ҩык  ахшара  шьахәқәа.  Урҭ  зегь  аҭаацәарақәа  аҧырҵахьеит  ирызҳауеит  быжьҩык  амаҭацәа.  Иахьагьы  дтәаӡам  Заур  Агәхаа.   Уи  аҕьараҳәа  инхамҩа  ҭбаа  дахагылоуп.  Арҵаҩы-ааӡаҩ  иҭаацәараҿы  ианакәызаалак  аҳра  ауеит  аҳәоуеиқәшәареи   аилибакаареи. 

  Аҵаҩы  ҵарадыррала  дыҕәҕәаны,  иуаажәлари  иҧсадгьыли  рзы  даҧсаны  ишьақәгылара  иацназго  ҳамҭа  ҟалаӡом  арҵаҩ  изы, - иазгәеиҭеит  Заур  Кәыти-иҧа. 

   Абиҧарақәа  еиҵазааӡаз,  хыҧхьаӡара  рацәала  аҿар  знапы  иҵзыжьыз,  хымҧада  насыҧ  змоу  уаҩуп.  Уи  ибжьы  ашықәсқәа  иргәылыҩуеит. 


Алхас  Ҧсардиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me