Уахь инеит, ашәҟәы ҭзыжьыз аинститут аҵарауаа реиԥш, ашәҟәыҩҩцәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аибашьра аетеранцәа, ҷыдала – амедеҳәшьцәа, лҭаацәара, аҿар, адоуҳатә культура ҳаҭыр ззақәу маҷҩымкәа. Аиқәшәара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Л. Ашәба, уи ихаҭыԥуаҩ Ф. Аҩӡба, Аԥсны Ауаажәларратә палата аиҳабы Гә. Кьычба уҳәа егьырҭгьы.
Аиашаз, амшынҵақәа реизга Шь. Џьапуа лхаҭа дызлагылаз, лабҿаба илбоз-илаҳауаз аҵабырг ауп, ахьааи агәырҩеи ацуп, игәыҭшьаагоу ахҭысқәа дырзааҭгылоит. Афырхаҵара иацын аԥсҭбарақәагьы, аибашьраҿы даҽакала изыҟалом. Аибашьра аҭоурых аҭҵаараҿы, даараӡа ицхыраагӡоу анҵамҭақәа оумакала хәарҭара рылоуп, насгьы иаԥхьо идеилнаркаауеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирхыргаз. Аизга ажәыларақәа раан аибашьцәеи амедеҳәшьцәеи ирылдыршоз, ахьанҭарақәа ишыриааиуаз, ауадаҩрақәа ирыцәхьамҵуаз, згәы еиҭамԥоз агәымшәақәа ирыхьӡынҩылоуп.
Аԥсуа ԥҳәызба аибашьраан ишәарҭоуп ҳәа аган иавамгылаз дреиуоуп, итрадициатәу аԥсуа ҩнаҭаҿы ииз, иааӡаз даҽакалагьы лхы лзымҩаԥгарымызт. Дызлаз агәыԥ аҟны, лҩызцәа амедеҳәшьцәа реиԥш, ахәра зауаз аибашьцәа раԥхьатәи ацхыраара ахьрырҭоз акырӡа аҵанакуан. Шаҟаҩы рыԥсы еиқәдырхазеи, аха шаҟаҩгьы рыхәра рызхымгакәа рнапаҿы рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәазеи. Еҳәшьаҵас дыззыҟаз, ешьаҵас илзыҟаз шаҟаҩы Аиааира Амш изахьымӡазеи. Урҭ ргәаларшәара хьаауп лара лзы. Аха иахьа ҳажәлар ирымоу ахақәиҭреи ахьыԥшымреи данрызхәыцуа, маҷк лгәы еиқәылҳәалоит. Урҭ рыԥсқәа зыхҭынҵоу Аиааира абзоурала иахьа ҳажәлар рыдгьыл гәакьаҿы аԥшәмара ранашьоуп, ари зегьы иреиҳауп. Убри аҟнытә, афырхаҵара аазырԥшыз еснагь ргәаларшәара ахәҭоуп, урҭ ззықәԥоз башамхеит, Аԥсны ихьԥшым, азхаҵара амҩа иану ҳәынҭқарроуп.
Аԥсадгьыл ахьчараан раԥхьатәи амшқәа инадыркны дызлагылаз, имҩаԥысуаз ахҭысқәа аамҭак анаалоуаз ақьаад ианылҵон. Акыр шықәсагьы ицәырылгомызт. Аха лаҳәшьа, Аԥсны Афырхаҵа Ҭали Џьапуа аԥхьа днаргыланы, лыкәша-мыкәша иҟаз аӡәымкәа-ҩыџьамкәа рабжьагарақәа рыбзоурала ицәырылгеит. Уи нахыс, аӡыхь шныҵхәраауа еиԥш, амҩа ылнахит, аԥхьаҩ иҟынӡагьы иааит. Ҳәарада, иахаҵгылаз, иазааԥсаз зегьы ирыбзоуроуп амшынҵақәа реизга адунеи ахьабаз.
Ашәҟәы аӡыргараан ргәаанагарақәа рҳәеит, акыр рзеиӷьашьарақәа лзыркит: А. Ашәба, А. Аҩӡба, Д. Бжьаниа, Г. Аламиа, А. Лагәлаа, Б. Кобахиа, Р. Смыр, Гә. Кьычба, Н. Ашәба, Л. Чамагәуа, М. Беиа, Гә. Џьыкырба, М. Амҷба, Ц. Гәынба, М. Џьынџьал, М. Ԥлиа уҳәа егьырҭгьы.
Аҵыхәтәан ажәа лыман Шьазина Џьапуа. Лышәҟы аӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәауа, иналымҩатәны иазгәалҭеит аизга иахцәажәаз ргәаанагарақәеи, ражәалагалақәеи, рзеиӷьашьарақәеи лара лзы акырӡа шрыҵаркуа, хәарҭара ду шрылоу.
В. Абаӷба