Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Арҵаҩра уалҧшьак илзаҩызоуп

«Урҵаҩхарц  азы идурҵо амаҭәар бзиа иубар ауп», – лҳәоит иахьатәи сажәабжь ҩынҩажәи жәаба шықәса аус зухьоу 1942 ш. Очамчыра араион Аҭара ақыҭан ииз Маро Андреи-иҧҳа Кәыҵниа. Аҭыҧантәи абжьаратәи  ашкол даналга анаҩс дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет. Лҵара аныхлырқәша ашьҭахь дрышьҭит Аҭараҟа, лышкол гәакьаҿы иааиҧмырҟьаӡакәан аус луит жәибжь шықәса.

«Саргьы даара исҭахын аҵара ахьысҵоз сышкол ахь сгьежьыр рҵаҩыс, саармышьҭыргьы смуӡеит. Араҟа аусура салагоит 1965 ш.   – лҳәоит арҵаҩы-ааӡаҩы.

Маро Андреи-иҧҳа лажәақәа рыла, арҵаҩра лара лзы ус баша заанаҭны иҟаӡамызт, ахәыҷқәа аус рыдулара даналага раҧхьатәи амшқәа инадыркны лхы аус адылулон, уаҵәтәи аурок лҽадцаланы лҽазыҟалҵон. «Исҭахын сҵаҩцәа амаҭәар бзиа ирбарц, иазҿлымҳахарц. Уи азыҳәан  ихымҧадатәны исыҧхьаӡон  урҭ ирзымариахартә,  ирзеилкаартә  рзеиҭаҳәара» ҳәа азгәалҭоит лара.

Арҵаҩы сынтәа илхыҵит ҧшьынҩажәи акы шықәса. Ҩынҩажәи жәаба шықәсатәи лырҵаҩратә усура иалагӡаны  еиҵалааӡаз рахьтә   аӡәырҩы   ҳтәылаҿы  еицырдыруеит. Урҭ  рыбжьара   иҟоуп   иналукааша  аҵарауаа,  аинтеллигенциа   рхаҭарнакцәа, Аҧсны  афырхацәа.  Есышықәса   Маро Кәыҵниа  лоушьҭымҭацәа  лирамш лыдырныҳәалоит.  Сынтәа рырҵаҩы  лымшира   лыдырныҳәалеит   ҩынҩажәи жәаба  шықәса раҧхьа  ашкол  иалгаз   лоушьҭымҭацәа.

Ҧшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы  Маро Кәыҵниа аҭаацәара далалоит, лыҧшәма Кәтолтәын. Уи нахыс  диасуеит Кәтолтәи абжьаратәи ашкол ахь усура. Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи фба шықәса инадыркны ҩнызқьи жәиҧшь шықәса рзынӡа ашкол аҿы афизикеи аматиматикеи длырҵон, дыҟан акласстә напхгаҩыс, лырҵаҩратә усура ашықәсқәа рыҩныҵҟа еиҵалааӡеит шәҩыла аҿар.  Лҵаҩцәа  гәыблыла илыхцәажәоит. Ирҳәоит рырҵаҩы лгәыбылра иахьагьы ишрыцу. Маро Кәыҵниа изныкымкәа лыӡбахә рҳәахьан Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьарази,  «Ахьӡ-аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара лыҭареи рзы, аха       лара урҭ мап рцәылкит.

Рырҵаҩы ҧшьынҩажәи акы шықәса лхыҵра  лыдырныҳәаларц  азы еиҿкааз аиҧыларахь имҩахыҵыз Маро Андреи-иҧҳа ҩынҩажәи жәаба шықәса раҧхьа иоулышьҭыз раҧхьатәи лҵаҩцәа рбара лара лзы гәырҕьара дуун. Имаҷымкәан ашықәсқәа шцахьоугьы, арҵаҩы лҵаҩцәеи лареи аимадара рыбжьоуп. Маро Андреи-иҧҳа лакәзар, лоушьҭымҭацәа зегьы лгәалашәоит, еснагь рыӡбахә дазҿлымҳауп. Илзеиҿкааз  аныҳәатә еиҧылара иалагаанӡа лара лҵаҩцәа лыцны ашәҭқәа шьҭарҵеит аибашьраан иҭахаз  Аҭараа рбаҟа амҵан. Арҵаҩы илҳәоит еснагь лыбла ишыхгылоу, лхәыцрақәа шрызку Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә  еибашьраҿы иҭахаз лҵаҩцәа.  «Иахьа иааиз  раҧхьатәи скласс  ҩеижәыхәҩык рҟынтә ҧшьҩык рдунеи рыҧсаххьеит», – лҳәеит Маро  Кәыҵниа лылабжыш лыблақәа ирхыҳәҳәыло.

 «Ллеишәагьы џьбаран, аха алеишәа анаҩсгьы ҳара ҳалцәыҧхашьон, пату лықәаҳҵон,  бзиа даҳбон  рҳәоит аиҧылара иалахәыз раҧхьатәи лҵаҩцәа. Дара иргәалашәоит, Маро Андреи-иҧҳа шаҟа ҭакҧхықәрала дазнеиуаз лҵаҩцәа ирылҭоз адырра.  Руаӡәк  изеилымкаазшәа анылбалак уи аурокқәа рышьҭахь даанкыланы, ҿыц изеиҭалҳәон, еиликаанӡагьы доулышьҭӡомызт.

Аҧҳәыс-аҳкәажә ҳәа ззырҳәо арҵаҩы-ааӡаҩы аҧсҭазаараҿы имаҷымкәа агәаҟрақәа лхылгахьеит. Маро Андреи-иҧаҳа лыҧшәма  идунеи аниҧсах ашьҭахь хабарда дыбжьаӡуеит лҧазаҵә. Лара илҳәоит  лааигәа ишыҟоу лгәырҩа лхазыршҭуа лашьцәеи лаҳәшьцәеи рыхшара, иара убасгьы лыҧсҭазаара зегьы ззылкыз лҵаҩцәа. Маро Кәыҵниа  лзанааҭ лымылдеит лаҳәшьаҧҳа, иахьазы лара Ҧақәашьтәи абжьаратәи ашкол аҿы аматеиматика  длырҵоит.

Аҭара ақыҭан, Маро Кәыҵниаҧҳа дахьииз иахьлызҳаз, лаб игәараҭаҿы имҩаҧысит агәырҕьаратә еиҧылара ахыркәшара. Асасцәа  илзеиҕьаршьон аҧсуа иқәранҵыра ду.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me