Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 ш. ахыҵра иазкны

Дырмит ГӘЛИА,

Аԥсны жәлар рпоет

 

АБРИ СОУП САРА

Харантә иааз сасра,

Икарандашь кны дсазҵааит сара:

– Суҳәоит исоуҳәаразы, узусҭада уара?..

– Сара адунеи ду аԥа соуп,

Иара убри алагьы сара сыҽхәаҩуп.

 

Еилырганы иуасҳәап: сара саԥсыуоуп!

Аԥсуа жәлар рԥа соуп сара,

Ажәытәӡа зны аџьамцәеи арабцәеи

Кавказ иқәцаны иказцаз иреиуоуп дара.

 

Сара саԥсыуоуп, стәыла хәыҷ ала сыҽхәоит.

Сара бызшәала сырзааигәоуп, срашьоуп

Аедыгьқәа, ачерқьезқәа уҳәа.

Сара срашьоуп ажәларқәа зегь – адунеиаҿ инхауа.

 

Сара сырԥоуп абылра, аццышә иалҵыз.

Сара сырԥоуп ԥхьаҟа ицо ажәларқәа.

 

Сара саԥсыуоуп.

Сҭоурых – Ажәытәӡа иалоуп...

Сара – исашьоу иашьа соуп!

Сара – саԥсыуоуп! –

 

Сышьха шлақәа сырԥоуп,

Стәыла саԥоуп.

Сабдуцәеи урҭ рабдуцәеи

Анышә иахьамоу саԥоуп!..

 

Исашьоу – срашьоуп,

Ақьиацәа зегьы –

Сара сыуацәа роуп!

Миха ЛАКРБА

 

УШНЕИУА УНЕИ!..

Дырмит Гәлиа ихьӡынҩыланы

Ушнеиуа унеи!..

Уус гәырҩагаз,

Уаҟәымҵын, уашьҭаз, инагӡа!

Иуцәыхьанҭоугьы – мчыла уаҵаз,

Узхьымӡо – цасҳәа уҽахьыгӡа!

 

Уус хьанҭоуп, – аха иус дууп!

Имаҷҩым иақәыӡхьоу жәлара...

Уазнеи! Уҽақәырӡ! Ипатууп

Уи еиԥш аус азын аԥсра!

 

Урцәымшәаӡан иахьа иуиааиуа,

Ухы уамеигӡан, уҽҵакы!

Уаԥыл ахақәиҭра иааиуа!

Иарба убираҟ! Иҳаракы!

 

Уԥшишь! Иубоума, амра гылоит!

Уажәнатә ицәывҵаҷҷоит иара...

Убас хәыҷы-хәыҷла иҿыхоит,

Ҳара ҳазҽеихар, ҳ-Аԥсынра!

 

Узқәылаз амҩа – хараӡазааит,

Уахьнеиша унеиуеит, ихаҵа!

Уус узҵалаз – хьанҭаӡазааит,

Ичҳа, егьугым, инагӡа!..

 

Аԥсны ала хҩоуп, алымҳа дагәоуп,

Лашарак зааиуам, илашьцоуп...

Иазылухт амҩа, – маҷӡак угыуп,

Лашарас иааиша рацәаӡоуп!..

 

Уаӡәуп, ихнымҳәкәа, ус инеиуа,

Макьана иҳамоу хырҽхәарас,

Уаӡәуп еҵәас иаҳзышеи-шеиуа!

Уаӡәуп иҳамоу гәыӷырҭас!

 

Ушнеиуа унеи!.. Уус гәырҩагаз,

Уаҟәымҵын, уашьҭаз, инагӡа!

Иуцәыхьанҭоугьы – мчыла уаҵаз,

Узхьымӡо – цасҳәа уҽахьыгӡа!

 

Иуа КОӶОНИА

 

САРА СЫМҨА

 

Сымҩа маҷым, ихароуп,

Сгәы иҭақәоугьы крырҭахқәоуп.

Сыгәҭыхақәа рацәаӡоуп,

Саҟәыҵыргьы ԥхашьароуп.

 

Сааигәа-сигәа ацәашьқәа акуеит.

Саԥхьа сымҩа лашауеит.

Схи сыхшыҩи сныҟәырцоит,

Сымҩа схымҟьоушәа сдырбоит.

 

Сымҩахыҵыр, саанхаӡоит,

Сҳәа саҟәыҵыр, ԥхашьароуп.

Сыздыруагьы рацәаӡоуп,

Сызрыхәамԥшуа саанхаӡоит.

 

Сҽыззыскызгьы ома аҭахуп,

Саналагах, инагӡатәуп.

Сыгәҭыхақәа зегь ҩтәуп,

Дара урҭгьы рацәаӡоуп.

 

Сҩызцәа-сԥызцәа жәпаҩӡоуп,

Са сазызкуа рацәаҩуп,

Сгәы азкаршәны сеихалап,

Сымҩа сықәыз, ԥхьа сцалап…

 

Ашәҟәы бӷьыцқәа аасырҳәлап,

Сгәы иҭашәоугьы зегь сыҩлап,

Сымҩа сықәыз, ԥхьа сцалап,

Сгәы меиҵажәкуа снеихалап.

Леуарса КӘЫҴНИА

 

АԤСНЫ

 

Ушьха дуқәа са сырҟәыгазааит,

Ушәҭқәа, урҩаш урҭ сымбозааит,

Убаҳча сыҵа уа снеиҩеиуа,

Умшын схыԥшыла, амра хцеиуа,

Уаҟа стәамзааит, о, Аԥсны! –

 

Сгәы ушҭац уҭоуп уԥшӡаран,

Сылаԥш уахь ихоуп гәазҳаран,

Сықәуп сныҟәо урха ҭбаара,

Ԥхыӡлагь салоуп Аҟәа хаара,

Хашҭра уқәым, о, Аԥсны!

 

Леонти ЛАБАХӘУА

 

АИАША

 

Бжьы ҩныҩуамызт, бжьы

                             ҩнаҩуамызт,

Слампа аарла илашауан.

Сыгәҭыхақәа уԥсшьа ҳәа рҳәомызт,

Схәыцра мшынха еилашуан.

 

Исыцран уи мцабз-қьоуқьадха,

Сҳәыҵәы-ҳәыҵәуа амца скуан.

Астол игылаз саԥхьа иқьаадха

Уигьы смыхәо сӷьазкуан...

 

– Нан, бабаҟоу, нан, бҿыха...

– Нан, иухьзеи, нан, аӡыжә!

Насгьы уақәтәа, нан ҳҽыхәа,

Ҳаи, сагандаз уан анышә!

 

Адәы унықәлап, ԥшак науурсып,

Ухәыцра ухашҭып, сгәацаԥха.

Уаҩ иҷкәынраз, ааи, абасоуп...

Нан, уареи амреи шәеицыԥха!..

 

Са сыгәҭыха иснаҭом ҭаха,

Адунеи сзықәу иазҵаауеит...

Сгәеилгара уи атахҳәа

Иасуеит, иасуеит, сгәы еицҳауеит...

 

Сара исҳәашам: напыла алым

Икасыжьроуп иԥах, иҳәынҷ...

Са сзыргәаҟуа ԥарам, малым –

Сгәы касыршәхьеит уиаз ҭынч!..

 

Са сзыргәаҟуа имцабз-қьоуқьадха

Исыцроуп – ицәарцгьы ҟалом:

Саԥхьа иқәу абарҭ ақьаадқәарҿ

Аиаша аҳәарцазын скалам!

 

Амца ацреиҵон аӡә ича рхны

Ожә са сзыҳәан ирымҳәарц,

Иҟамларцаз, ааи, иччархәны,

Иашәымҭарцгьы сџьа аҩарӡ... –

 

Абри сыгәҭыхоуп, иснаҭом ҭаха –

Адунеи сзықәу иазҵаауеит,

Сгәеилгара уи атахҳәа

Иасуеит, иасуеит, сгәы еицҳауеит!..

 

Шалуа ҴӘЫЏЬБА

 

АКӘАРА

 

Ахьхьа-хьхьаҳәа акәара леиуеит,

Ашәа аҳәоит абжьы нҭганы.

Иӡырҩуеит абна, алымҳа кыдҵа,

Гәахәас ашәа ҟаҵаны.

Аҵлақәа, инасҭха-аасҭханы,

Иарҭоит амҩа иццакуа.

Урҭгьы ирдыруазаап, убама,

Уи амшын ахь ишцауа!

Қьаазым АГӘМАА

 

АСАЛАМ АҞӘАҞА

 

Сара избоит, ԥаса сыҟан,

Убаҳча сыҵан, сыԥсы шьо…

Иуахәаччоушәа уаԥхьа, анаҟа,

Амшын – уҿықәан еилыҽҽо.

 

Аӡын дуқәа аԥхын баҳчеиԥш

Ашәаԥыџьаԥ рхашьшьын…

Ахаҵарашәа аниҳәоз ахьча

Ухьӡ еиҭеиҳәон, дузыԥшын.

 

Сара узбом, уа уҿы сыҟам –

Уажәахә сымоуп уи бласы,

Аиааира сыман нас Аԥсныҟа

Саргьы снеиуеит уахь лассы.

 

Сара сеигӡом сшьа икаҭәоугьы,

Сыԥсадгьыл иасҭеит аҭоуба,

Иаҭаххозар, сыԥс иҭоугьы,

Раԥхьа ишасҭо агәра га!

 

Снеиуеит ааԥын аҿа ангыло,

Ҳтәыла иақәлаз дҭарханы.

Сыԥс еиԥш избо сара стәыла

Ахәра иамоу ҿаҳәаны!..

 

Ҷиҷико ЏЬОНУА

 

СЫМШЬАМБА

 

Са сгәы уақәшәоит, сымшьамба!

Убри азами аӡәгьы уимҭо,

Сцәа-сжьы узаду. Нас сеибыҭо

Абзабаа цқьа исырба!

 

Зны усыҵоуп, зны усықәуп,

Зны суҵоуп, сымшьамба!

Абзабаа цқьа исырба,

Уахгьы-ҽынгьы амҩа сықәуп.

 

Аисра салоуп, аԥса еилышьра,

Асакараҿ хыбра змам,

Ахьҭа цәгьами, уи мариам,

Аха исылшоит, о, ахысра!

 

Аӷа дахьыҟам са сраҳаҭуп,

Уи даԥырхуа сцоит умбои,

Акыр зычҳаз акыр имбои,

Сцәа-сжьы иаду, ушаҳаҭуп...

 

Аԥса еилышьра иахьа иубама,

Ашьа ануқәҭәа иумычҳаи!

Уи са исцәуӡон, иумаҳаи

Зны исоуҳәоз: иҟоу убама,

 

Ҳусқәа убасӡа ицарым,

Ҽнак ҳанылар Аԥсынра,

Уӡбахә расҳәап уа жәлара,

Ахҭыԥ иунугьы зӡахрым.

 

Ашьа шуқәҭәоу сызқәа укыдҵан,

Уа снеи-ааиуа усырҽхәап,

Убасҟан еиҳагь бзиа узбап –

Сыԥсы хаара уара иудҵан!

 

Аха убраанӡа, сымшьамба,

Зны усыҵоуп, зны усықәуп,

Зны суҵоуп, амҩа сықәуп,

Абзабаа цқьа исырба!

 

Баграт ШЬЫНҚӘБА,

Аԥсны жәлар рпоет

 

АХРА ИАЛИААЗ

 

Ажәҩан иаҵәа иалакнаҳа,

Ус иакушәа џьара мчык,

Храк агәаҿы, амахә раҳа,

Иаҿагылоуп ҵла хәыҷык!

Ишԥаҿиааи ахаҳә кәамԥа?

Иназгазеи уаҟа абри?

Зыҭра зҳауаз ашьха уарба

Иаҿыҵшәазар ҟамлари?

 

Зегьы иџьаршьоит уи злагылоу,

Ахаҳә дацла еиҟәырҷҷо,

Иаҳа-иаҳа ирҵауло

Иалнацәцәаауеит уи злачо!

 

Ашьанҵара, ахаҳә ҵәцара,

Алҩа еиԥш аԥҭа анаҿачу,

Уи аҵла хәыҷ амацара

Қәԥароуп, хыхьчароуп изҿу!

 

 Аԥша анкылҟьо уа шьхатәыла,

Наанытә аџьқәа анхыжәжәо,

Уи аҽахьчоит аҳәаҭыхла,

Ахра аҽадкыл, агәы мшәо!

 

Аԥса ҳарак гәыдымӡала

Иҵҩыр ашәыб ианаго,

Иҟоуп аҵла, ишыҟац ала,

Амчи алшареи рыгәра го!

 

Иазҵаатәума уи злабӷамлаз,

Ма изламгьежьыз аблахаҵ?!

Ахра агәы амоуп ахра иалиааз,

Ахра иаласоуп адац!

 

Кьыршьал ЧАЧХАЛИА

 

ИСХАРОУЗЕИ?

(Ашәа)

Лассы-лассы бысгәалашәоит,

Шаҟа схәыцра балоузеи!

Амацәыс еиҧш бысҿалашоит,

Шаҟа ба блашароузеи!

 

Бзиа бызбоит, ишҧасҳәари...

Уаҳа ҳәашьас иамоузеи?

Ба бҿы исымҳәар иабасҳәари,

 Ишсабҳәара, исхароузеи?

 

Ааҧын ааит! Иҧшӡарахеит,

 Амш шаҟа иҧхарроузеи!

 Бысзалымхуа сгәы балахеит,

Ишҧазури, исхароузеи?

 

Ашәҭқәа ҿалеит ибыбышӡа,

Шьыри, шаҟа иҧшӡароузеи!

Ҧхыӡла бызбоит схы анықәысҵа,

Ишҧасҳәари, исхароузеи?

 

Быда ихәарҭам сыҧсҭазаара,

Ишҧазури, бҳәаруазеи?

Ба боуп, сымыш, са смазара,

Иҳәа, мшәан, исхароузеи?!

 

Алықьса ЏЬОНУА

 

АҼЫРХӘМАРҨЫ

 

Ирашь шьапышьҭа анышә еизадаҿ

Дамыҕ сахьан иазынхо,

Ахәда хырхәа, иҽырба-ҽырбо,

Аҽарҽеиуашәа икәашо,

Агәчама ҧсыла, аҧшшәы џьоуҳарха,

Аҧырцә дуқәа еилаҧсо,

Икәеикәеиуа акәадыр иақәу

Араӡныш ҟәынақәа аныҧхо,

Насгьы иақәтәоу дҽыбҕаҟазан,

Аҽыбҕа далиаазшәа данцо,

Ишьхәа арбашьа, иҟамчы аҟьашьа,

Иаҕәра кышьа, зегь еиқәшәо,

«Чоу» аниҳәа, иаҳәа ҭкәыцәаа,

Ирмацәысуа уи дыкшо,

Раҧхьа иҩеиуа ҧсыуа ҽҟазоуп,

Аҽырыҩраҿ ахьӡ зго!

 

Иван ҬАРБА

 

БАРА БЫДА СЦОМ АҞӘАҞА

 

Са сандәықәла Аҟәаҟа

Агәҭацәыра згома, нас?

Сыламысгьы саҟаҟап –

Бара бныжьны сцома, нас?!

 

Амшын хықәаҿ сымала

Агәҿыӷь саго стәома, нас?

Бсахьа сыла ихгылалап,

Ҭынч аԥсшьара збома, нас?

 

Џьарак ҳҩыџьагь ҳаҟазар,

Бсыдымгыло бтәома, нас?

Ҳцәашьы азыркуа ихахаӡа

Сара схала соума, нас?

 

Аус иаауаҿ – ҩызара

Ибеиӷьны иныҟәызгода, нас?

Ҳамҩа аҽашар ҩыџьара –

Ҩаԥхьа ҳақәызҵода, нас?..

 

Са сандәықәла Аҟәаҟа

Агәҭацәыра згома, нас?

Сыламысгьы саҟаҟап –

Бара бныжьны сцома, нас?!

 

Алықьса ЛАШӘРИА

 

* * *

Даниуа зегь иеигәырӷьоит ауаҩы,

Аԥсабара иаԥхьа ихырхәоит асаара.

Аха ирзырҳәахьоузеи нас шаҟаҩы:

Дмиӡар еиӷьын ҳәа хара?

 

Мап!

Ауаҩы дыҟанаҵ мрашәа дыԥхалароуп,

Амра еиԥш ихы-иҿы цқьаӡа,

Даныԥсуаҵәҟьагьы,

     иԥсы мраҵас          иҭашәароуп,

Жәлар ргәаҿы дынхартә длашаӡа!

 


Гьаргь ГУБЛИА

 

ҦХЫНҶКӘЫНТӘИ АМРА

 

Геи шьхеи ирыбжьала иасуеит

                                      аҧшақәа,

Ашәаҧыџьаҧ реилаҳәага абыҕьқәа,

Хыхьынтә аттаҳәа иаҿуп акаҧсара,

Иҩежь-еилыҕраа ишьҭалоит асаара.

 

Аҧсаҵлақәа роуп изымҧсахыз

                                           зхаҿра,

Акала иҩашьом рсахьа, рыҧшра.

Ахәы ҳарак рҽамада наҟ инаскьоит,

Ҧхынҷкәынтәи амра рыкәа

                                        иҭаҧхоит.

 


Кәымф ЛОМИА

 

АӠЫН АХӘЫЛԤАЗ

 

Ажәҩан ӡлагарахеит,

Иланашьҭуеит асы.

Зегьынџьара ԥшӡарахеит,

Амахәқәа шьҭассы.

 

Ԥшахьк аабжьалан,

Инеи-ааиуеит маӡа.

Иарҵысуеит ԥшьаала

Ашәаԥыџьаԥ рԥаҵа.

 

Амш еилабыџуеит,

Ахәларахь еихоит.

Аҵаа аҭра иҭыҵуеит,

Амч арӷәӷәоит.

 

Омашәа ишԥеиԥшу

Аԥсабара уаха

Акасыш зхаршәу

Иадмыртыц абаҟа.

 


Владимир АНҚӘАБ

 

БЗИА ИЗБОИТ САРА

АҦСНЫ

 

Бзиа избоит лымкаала,

Сгәыбылра азышьҭыҵ,

Бзиа избоит Аҧсны-ауҧшәыл –

Кавказ ахышәҭыц!

 

Бзиа избоит, избанзар

Сыҧсҭазаара иаҧашәуп.

Иара агәы салиааит,

Сшьа иалоу иара ажәоуп...

 

Бзиа избоит сара Аҧсны,

Сыҧсадгьыл ауп, насгьы,

Исызҳаит сан дсымамкәа:

Убри сан лцынхәрасгьы!

 

Бзиа избоит, избанзар

Зқьы, ҩ-нызқь шықәса зхыҵуа

Сабдуцәа рыбаҩқәа

Абри адгьыл ихәыҵоуп!..

 

Бзиа избоит, избанзар

Сиит сара араҟа.

Сгәы-сыҧс иара иатәуп,

Сагьҧсыроуп араҟа!

 

(Икьыԥхьуп иаазыркьаҿны)

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me