Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Наныкьара

1938 шықәса алагамҭаз, Габлиа Спардан Лӡаа ақыҭан иҩыза Агрбак иҿы дсасуан. Рҩыџьегь аҵх агәҭанынӡа еидтәалан. Ишьҭаларц агьрыгымкәан, Спардан иқыҭантә амилициа дишьҭахх дизааит.

– Жваниа уиҭахуп, – иҳәеит амилициа.

– Ҟаи! – ҿааиҭит а-Габлиа. –Жваниа Мхьел (Михаил) сиҭахызар, ашьыжьымҭан уа сҟамлои!

Амилициа дзышьҭаз ауаҩ игәраганы данца, Спардан уамак Лӡаа ақыҭан днымхеит. Иҽааибиҭан, иҽы кәадыр дҩақәтәан Калдахәараҟа ихы ирхеит. Ус ахьӡын усҟан Бзыԥҭа ақыҭа. Амилициа аҭыԥ иахьа ибазма, иҽы џьара инықәҿеиҳәан, амилициа аиҳабы иусуратә уада дныҩнашылеит. Иара иеиԥш изыԥхьақәаз ԥыҭҩык хырқәақәо итәан. Рлахьынҵа шыцәгьахоз рымдыруази. Спардан деиҵамхаӡакәа дыԥан Жваниа  иҿаԥхьа астол днықәԥалан, иааҭирҟьеит:

– Оҳо-о, уа наныкьара-а!..

– Уа-а! – Жваниа иибоз ааџьеишьеит. – Закәытә уааԥсыроузеи?! Ҳара иахьыршьыша идәықәаҳҵоит, дара ашәа ҳәаны икәашоит.

Бзыԥҭантә иҭаркыз шәи жәибжьҩык рҿынтә, жәибжь шықәса рышьҭахь, Сибрантә дхынҳәит Габлиа Спардан заҵәык.

Ан

Счара ашьҭахь, саб иҩнаҭа сзышьцылаз аизыҟазаашьақәа анызымба, сыҽӡа амҩаду сазкылсын, сқыҭахь схы сырхеит. Аԥша лылалазшәа дҟалан, сан лхы лыхьуан, дықәиан. Дагьсхамҵгылеит.

– Баазгеи? – ԥышәырччарак лҿықәӡамкәа, дсызҵааит.

– Сааит, сҳәеит. – Сааӡеит, – ҳәа нацысҵеит.

– Банцоз бсызҵаама? – сан лылаԥш цәгьан. – Бахьнанагаз банаалароуп! Уи бара быҩноуп шьҭа. Баб иҩны бхаршҭ! Ара, бандәылҵ инаркны, бсасуп. Даҽазны, ак бгәамԥхеит ҳәа, ара баауа бсымбароуп. Бусқәа уа ибыӡблароуп. Уа быԥсыроуп. Абыржәыҵәҟьа быҩныҟа бца!

Смеидагәидаха саахынҳәын, сҿыц нхарҭахь амҩа сықәлеит. Ԥсрак-бзарак рзы сабраа сырзымаауазар, заҟа уахь схы смырхарыз.

Гыц Асԥа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me