Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҧсны асахьаҭыхҩцәа»

Октиабр 17 рзы ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иӡырган аҟазараҭҵааҩ  Аза Аргәын ахҧатәи лышәҟәы «Аҧсны асхьаҭыхҩцәа» захьӡу. Уахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа, аҵарауаа, ақалақь ауааҧсыра.

Ацәыргақәҵа аартуа  Ельвира Арсалиа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит еизаз зегьы. Уи илҳәеит асахьаҭыхҩы Аза Аргәын акырӡа аџьабаа шазылбахьоу аҧсуа ҟазара аҭҵаара, уи адагьы аиҳәшьцәа Бубноваа рфонд напхгара шазылуа. Иара убас, илҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны, лара илыбзоураны иҭыҵхьоу ашәҟәқәа аҧсуа ҟазараҭҵаара даараӡа ишханарҭәаауа. Избанзар, иахьатәи аамҭазы аус зуа аҟазацәа роума, 20-тәи ашәышықәса актәи азбжазы аус зуаз роума, зегьы аарҧшуп иҭлыжьхьоу ашәҟәқәа рҿы.

Анаҩс ажәа иман аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә  голлереиа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа. Иара иҳәеит лара лҟазара ахә шҳараку, рхы ишадырхәо русураҿы. Иҭабуп ҳәа реиҳәеит ашәҟәы аҭыжьраҿы ацхыраара ҟазҵаз аҳәынҭқарра Ахадара, амобилтә еимадара «Аквафон» аилазаара. Иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи ашәышықәсазы иааизакны асахьаҭыхҩцәа рбиографиақәа, русумҭақәа, рҟазара  зегьы ашәҟәы анҵараҿы илылларшаз шырацәоу. Лара лоуп раҧхьаӡакәны асахьаҭыхцәа ирызкны иҭзыжьхьоу арҭ ашәҟәқәа. С. Сақаниа агәаҳәара ааирҧшит ахаҵгылара аиоурц, урҭ зегьы еизганы акны иҭыжьзарц ҳәа. Иазгәеиҭеит убасгьы Аза Аргәын акыр зҵазкуа аҟазараҭҵаараҿы аус дуӡӡа дшаҿу, уи аголлереиа аҿы иҵәахны иҟоу, ақьаад иану-ианым ацәыргақәҵахь ирызцәырымго аусумҭақәа ааидкыланы ркаталог.

Иара убас амобилтә еимадара «Аквафон» аилазаара аҟынтә Ҭемыр Гәыргәылиа иҭабуп ҳәа леиҳәеит Аза Аргәын. Иҳәеит, дара еснагь азҿлымҳара шарҭо асахьаҭыхцәа рпроектқәа,избанзар Аҧсны асахьаҭыхҩцәа рзы мацара адагьы,уи аҧсуа адоуҳатә культура ашьҭыхраҿгьы ицхыраагӡа дууп. Агәаҳәара имоуп асахьаҭыхҩцәа Аҧсны адагьы, уи анҭыҵгьы рҟазара ахә ҳаракны иршьаларц аҟаҵаразы.

Анаҩс ажәа лыман ашәҟәы «Аҧсны асахьаҭыхҩцәа» автор Аза Аргәын. Иҭабуп ҳәа ралҳәеит еизаз зегьы, анаҩс дазааҭгылеит ахҧатәи лышәҟәы, егьырҭ иҭлыжьхьоу ҩ-шәҟәык реиҧш ишанылаз еиуеиҧшымыз аамҭақәа рзы аус зуаз асахьаҭыхцәа русумҭақәа. Иара убас еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны Аҧснынтә ицаз русумҭақәа. Урҭ иреиуоуп: Диана Воуба, Рауф Барцыц,Сериожа Сангалов, Ахра Аџьынџьал.

Иҭабуп ҳәа ралҳәеит  ашәҟәы аҭыжьраҿы ацхыраара ду лызҭаз Аҧсны Ахадара, аҧхьа днаргыланы Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба. Иара убас изныкымкәа лышәҟәқәа иҭлыжьхьоу рҿы ацхыраара ду лызҭаз амобилтә еимадара «Аквафон» аиҳабы Алхас Аргәыни уи ицнагаҩ Светлана Конџьариеи.

Иҭабуп ҳәа иалҳәоит убасгьы ашәҟәы аредактор Кетеван Исаев, иара убас ашәҟәҭыжьырҭа «Три квадрата», Аҧсны Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ажәакала, ашәҟәы аҭыжьраҿы илывагылаз зегьы.

Ашәҟәы аӡыргара инамаданы мышктәи ацәыргақәҵа аартын асахьаҭыхцәа рзал хадаҟны.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me