Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы

Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы

Ашәахьа, август 8 азы Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы иргәаладыршәеит 2008 шықәса август азы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ақәылара аан иҭахаз. Убарҭ ахҭысқәа игәаларшәауа, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев ҷыдала иаҵишьит хьыӡҳәала Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны Аахыҵ-Уаҧстәыла ажәлар ишрылшаз ақәылаҩ ҕәҕәала иҿагылара, иҧхьацара. «Традицианы иҟалахьеит, есышықәса август 8 азы ацҳаражәҳәарҭаҿ ҳаизоит, Аахыҵ-Уаҧстәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз ҳгәалаҳаршәаларц азы. 14 шықәса ҵит, 2008 шықәса август 8 ауха Михаил Саакашвили инапхгарала Қырҭтәыла афашисттә режим анҳақәлаз аахыс», – иҳәеит Боциев.

Ақырҭцәа рқәылара аан иҧыххаа иқәҵан аҭынч уааҧсыра рыҩнқәа 745, 200 инареиҳаны анаплакқәеи аиҿкаарақәеи дырҳәит, еимырҵәеит. Аахыҵ-Уаҧстәыла ахьчаҩцәа хыҧхьаӡара рацәаҩыла иҭахеит. Аха ақалақь хьаҵуамызт, амчқәа еиҟарамызт, гәыҕырҭасгьы ирымаз Урыстәыла дуӡӡа ацхыраара акәын, уигьы ааит. Аҕа деилаҧыххаан, Аахыҵ-Уаҧстәыла далцан, – иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ.

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иаҵишьит Урыстәылатәи Афедерациа аешьаратә жәларқәа шахьчауа.


Иара убри аҽны Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба ацҳаражәҳәарҭа даҭааит, хәымш ицоз аибашьраан иҭахаз ргәалашәаразы. Иара убас уахь инеит Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, Зураб Қаџьаиа, Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаа Беслан Џьопуа, Кристина Озган, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҧсны иҟау Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ахаҭарнак Гарри Кәыпалба.

«Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит августтәи атрагедиа иампыҵахәхаз. Жәаҳәарада, ари Қырҭтәыла амчрақәа еиҿыркааз ишьаарҵәыроу хҭысуп, Аахыҵ-Уаҧстәыла ажәлар рҭоурых иалалоит ауаҧс жәлар рхаҵареи, рхачҳареи, рхамеигӡареи ирышаҳаҭны. Қырҭтәыла ҳаргьы иҳабашьит, уи иацыз ауадаҩрақәа зегьы ҳахҭаагеит, иаҳдыруеит аҭынчра зыҧсоу. Аахыҵ-Уаҧстәыла ажәлар ирзеиҕьасшьоит аманшәалара, ажәҩан цқьа, аизҳазыҕьара», – иҳәеит Бадра Гәынба.

«Ақырҭцәа иҟарҵаз ақәылара иахҟьаны шәҩыла аҭынч уааҧсыра ҭахеит. Иахьа Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи рзы гәалашәаратә рыцхәуп. Урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», – иҳәеит Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа.

Иара убас августтәи аибашьра ианалагаз аахыс 14 шықәса аҵра инамаданы Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ-Уаҧстәыла Апарламент ахантәаҩы Алан Тадтаев ашәҟәы изишьҭит.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адашшылара шәҟәы дәықәнаҵеит Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me