Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа ақалақь актив рҧылара: Ашықәсбжазтәи аусура аихшьалақәа

 

Август 4 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит Аҟәа ақалақь актив. Уи иалахәын атәыла Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба 2022 шықәса актәи ашықәсбжазтәи русуразы аҳасабрба ҟаиҵеит. Абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа Аҧсны араионқәа зегьы рҟны имҩаҧысхьеит, Гал араион аалхны.

«2022 шықәсазы Аҟәа абиуџьет рыдыркылеит 1 миллиардки 178 миллиони 400 нызқь мааҭ. 5-мзтәи абиуџьеттә ҟаҵарбақәа аплантә ҟаҵарбақәа иахьреиҳахаз, иара убас 2022 шықәса ианвар 1 азы ииасуа ацәынха 117 миллион мааҭ ахьаанхоз аҟнытә, абиуџьет еиҭахәаҧшын, иагьазырҳан ахашәалақәа рганахьала 1 миллиардки 196 миллиони 438 нызқь мааҭ, ахарџьқәа рганахьала – 1 миллиардки 46 миллиони 850 нызқь мааҭ. Абиуџьеттә дифицит иартәоит 264 миллиони 412 нызқь мааҭ, иагьыхҩахоит ианвар 1 азтәи ацәынхақәеи абиуџьетбжьаратәи атрансфертқәеи рыла, убрахь иналаҵан ауалафахәы аганахьала Урыстәылатәи ацхыраарақәа 92 миллиони 200 нызқь мааҭ, Аҧсны Ахада ирезервтә фонд аҟнытә – 39 миллиони 50 нызқь мааҭ», – иҳәеит Ешба.

2022 шықәса актәи ашықәсбжазы Аҟәа ақалақь абиуџьет ахашәалатә хәҭа нагӡоуп 113% рыла. Планла иарбаз 571 миллиони 471, 3 нызқь мааҭ рҭыҧан иаланагалеит 645 миллиони 598,7 нызқь мааҭ, ари 74 миллиони 127 нызқь мааҭ рыла еиҳауп аплан аасҭа.

«Аҟәа Ахадара ақалақьтә шәахтә маҵзуреи ҳареи ҳҽеимаданы ауалқәа рылхразы аусурақәа мҩаҧаагоит. Ҳаамҭазтәи ашәахтә хшәаатәқәа рганахьала ауалқәа ҟалап ҳәа уаҩы дақәгәыҕуам», – иҳәеит Аҟәа ахада.

Иара убас Беслан Ешба иқәгылараҿы аекономикатә ҟаҵарбақәа инарываргыланы, далацәажәеит агәабзиарахьчареи, аҵареи, акультуреи рҟны аусқәа рҭагылазаашьа. Аҳҭнықалақьтәи абиуџьет аҟны агәабзиарахьчара аганахьала иазҧхьагәаҭоуп 210 миллиони 980 нызқь мааҭ. Аҟәа иҟоуп амедицинатә усҳәарҭақәа бжьба, урҭ русзуҩцәа бжьаратәла руалафахәы иартәоит 10 нызқь мааҭ.

Ақалақь ахада иаҳасабрба даназыӡырҩ ашьҭахь, атәыла Ахада уи азҵаарақәа ииҭеит. Бжьаниа интересс иҟаиҵеит Ахада Иусбарҭа аҿаҧхьа иҟоу асквер. Ешба иҳәеит уаҟа ишазгәаҭоу амшын иалалауа акәара Басла ацҳа ахҵара ргәы ишҭоу, Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәеи ҧасатәи асанаториақәа рыдгьылҵакырақәеи реимадаразы.

«Ажәалагала ҟаҵан уаҟа «Анасыҧ ацҳа» хҵазарц. Имазеиуп адизаин-проект. Уажәы абна ахә акырӡа ишьҭыҵит, иара убас егьырҭ аргылагатә маҭәахәқәагьы. Асквер иагу-иабзоу аҟаҵара иаҭаххоит амалқәа. Ацҳа иаҵадыргыло аихатә шьаҟақәа мазеиуп. Хыхь аҕәы ықәрыҧсоит. Ҵыҧх ианаҳаҧхьаӡа иаҭахыз 4 миллион мааҭ ракәын, уажәы – 10 миллионк мааҭ. Аиааира Амш азы ацҳа ҟаҵахоит», – иазгәеиҭеит ақалақь ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәатәи ашьха азҵаара ирҭеит. Ажәлар уи афуникулиор ҳәа азырҳәоит. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ари азҵаара дшазыҧшымыз. «Сара иахьынӡеилыскаауала, ашьха ахәҭак иҧсабаратәым ргыламҭоуп. Анышә ықәыҧсан иҟаҵоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы адгьыл ҳәазо иалагеит. Иаҭахуп ахырҕәҕәаратә усурақәа рымҩаҧгара, аха убригьы имаҷымкәа аҧарақәа ақәырӡтәуп. Ақалақь амч ақәхаӡом. Ҳара иаҳҭахын ари аҭыҧ иагу-иабзоу ҟаҵахарц, аха ааигәаӡатәи ҩышықәса рыла уаҟа иаҭаху зегьы ҟаҵахоит ҳәа аҳәара – ҭакҧхықәрадарахоит. Зегьы зхьыҧшу ҳалшарақәа роуп, рыцҳарас иҟалаз», – аҭак ҟаиҵеит Ахада.

Беслан Ешба иҳәеит ианаамҭаз уаҟа аӡцарҭақәа шыҟаҵаз, аха урҭ аус рымуеижьҭеи акырӡа шҵуа. «Ашьха ҳцәымӡырц азы аус дырутәуп аинститутқәа, иҭҵаатәуп уи аҭагылазаашьа. Аҟәатәи ашьха ақалақьуааи ҳасасцәеи ҧаса аиҧш бзиа ирбауа ҭыҧны иҟаларц азы имаҷымкәа амалқәа аҭахуп. Ҳазну ашықәс азы уаҟа қ миллион мааҭ рыхә аусурақәа нагӡоуп. Уажәы еицырдыруа ауаа анышә иахьамадоу апантеон ҳаҿуп. Уи еиҭашьақәыргылахоит. Иҟоуп ирласны иӡбатәу азҵаарақәа, ҳара ҳнапы злаку, егьырҭ азҵаарақәа алшарақәа шыҟалауа аиҧш, рҭыҧ иқәаҳҵалоит», – иҳәеит Ешба.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ацхыраара аҳәара ҳақәшәаргьы ҟалап ҳәа иҳәеит. «Ҳаамҭазтәи Аинвестпрограмма шьҭа иузалаҵаӡом Аҟәатәи ашьха, аха иааиуа ашықәс азы иалшар ауеит. Ари аамҭа иаусуп», – иҳәеит иара.

Азал аҟны азҵаара ҟаҵан ауалафахәқәеи апенсиақәеи рзы. «Абри аганахьала Аҧсны Урыстәылатәи Афедерациа иабанӡахьыҧшу, ҳҳәынҭқарра иалшауама иара атәылауаа апенсиақәеи ауалафахәқәеи рызшәара?», – дҵааит аиҧылара иалахәыз руаӡәк. «Уи аҩыза алшара ҟалароуп, мышкызны ус ҳақәгәыҕуеит. Аха иахьазы Урыстәылатәи ацхыраара ада иаҳцәыуадаҩхоит. Анкьа Аҧсны иҟаз азауадқәеи еиуеиҧшым анаплакқәеи рҟны ауаа аус руан, уажәы урҭ аус руӡом, ҳекономикатә лшарақәа ракәзар, рацәак ыҟам. 2025 шықәсазы ҳара ҳкылсроуп Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу ауалафахәқәа рыҩаӡарахь. Аҭагылазаашьа аҽаҧсахырц азы еиҭашьақәыргылатәуп анаплакқәа, азауадқәа, афабрикақәа. Аҧсны имҩаҧгалатәуп апроект дуқәа. Ҳхала аарыхырҭақәа жәпакы ҳзышьақәыргылаӡом. Иҳарҭо ацхыраара азхом. Иалархәлатәуп аинвестициақәа», – аҭак ҟаиҵеит аҳәынҭқарра Ахада.

Иара убас арратә шәарҭадара азҵаара шьҭыхын. Аслан Бжьаниа иҳәеит Аҧсны арратә шәарҭадара шыхьчоу Аҧсны Арбџьар Мчқәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар Мчқәа иузырҟәымҭхауа аҽрымаданы. Ҳара ҳаидгыланаҵы, ҳаицнаҵы ҳзыцәшәо ҳәа егьыҟам. Аҧсны иҟоуп абжьбатәи арратә база, Аҧсны Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа, ари иаанаго убри ауп, иааиҧмырҟьаӡакәа зықьҩыла абџьар иаҵагылоуп. Абри даара акраҵанакуеит, урҭ ыҟамызҭгьы, аҭагылазаашьа лахьеиқәҵагахар ауан. Аӡәы ҳицәшәоит ҳәа акәӡам, ҳара ҳиашоуп. Аха адунеи аҟны зҽызыҧсахуа рацәахеит, ареваншисттә гәалаҟазаарақәа шыҟац иҟоуп. Қырҭтәыла атәылахьчаратә биуџьет ҳара ҳҳәынҭбиуџьет аасҭа еиҳауп. Қырҭтәыла мап ацәнамкӡацт атерриторатә акзаара аиҭашьақәыргылара, иара агәы ишаанаго аиҧш. Адунеи шәарҭаданы иҟамлеит. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала ҳара иаҳҧылоит арратә мчы ахархәара азҵаарақәа аҧыжәара шрымоу. Абри аҩыза аҿырҧшы ҳзырбаз США ауп. Иахьакәым уи аныҟалаз. Иаадыруеит Ирак Египет иҟалақәахьоу. Иабыку урҭ амч рхы иахьадмырхәаз, абар уажәы ҿымҭ-ҧсымшьа ҳҳәаақәа рҟынӡагьы иааӡеит. Шәара агәра ганы шәыҟазарц шәылшоит, ҳшәарҭадара алыршара азҵаара ҕәҕәала ишыӡбоу», – иҳәеит Ахада.

Атәыла Ахада аилацәажәара иалахәыз иреиҳәеит иара игәы ишҭоу аҵарауаа, аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа еизигарц, «Аҧсуа ҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аетап: ашәарҭарақәа, урҭ раҧыхшьа амаҩақәа» атемала аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаҧигарц. «Аспециалистцәа еидтәалааит, ргәаанагарақәа еибырҳәааит, аҭагылазаашьагьы иаҳа еилкаахоит, иара убас ауааҧсыра ирымазаауеит ҳаамҭазтәи адунеи аҟны Аҧсны ианнакыло аҭыҧ аганахьала ихаҭәаау, иашоу аинформациа. Ари ҳарҭ зегьы ҳзызхәыцша зҵаароуп. Сгәы иаанагоит, абри аҩыза аусмҩаҧгатә еиҿкаатәуп ҳәа сентиабр азы», – иҳәеит Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә идеологиа шьаҭас иамазароуп Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭақәа рырҕәҕәара. Ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа еиқәҳархалароуп, убри азы еиқәҳархароуп ҳҳәынҭқарра. Ҳҳәынҭқарраҿы иҵегьы аус ааулароуп уи арҕәҕәареи арҿиареи рзы, – иазгәеиҭеит Бжьаниа. – Ҳаҿиалароуп. Ҳхыҧхьаӡара еиҳахароуп, ҳбызшәа еиқәҳархароуп. Ҳара ҳаартызароуп убасҵәҟьа иҳазныҟәауа, ҳазхазҵауа рзы».

Жәлар Реизара афбатәи ааҧхьара адепутат, аҳақьым Алхас Џьынџьал интересс иҟаиҵеит агәабзиарахьчара аганахьала ареформақәа. Аслан Бжьаниа аҭак ҟаиҵеит аусқәа рҭагылазаашьа иаргьы ишигәамҧхауа. «Сара агәабзиарахьчара аминистр сиацәажәахьеит, ажәалагалақәа ааигараны дыҟоуп агәабзиарахьчара асистема аиҭакразы», – аҭак ҟаиҵеит Ахада. Ираҩымсит аҳәынҭдача «Ҧицунда» азҵаарақәагьы. Аҟәаа интересс иҟарҵон Урыстәылатәи Афедерациа иахатәмалны аҳәынҭдача аҭара азҵаара иҵабыргыҵәҟьаны Апрезидент Путин игәиргылама ҳәа. «Владимир Владимир-иҧа уахь хынтә дымҩахыҵхьеит. Ҳара ҳзы акырӡа рыҵаркуеит абарҭ аимадарақәа ҳаҧхьаҟагьы рыцҵалара, Урыстәыла анапхгара абри аҭыҧ бзиа ирбауа аҟалара. Сгәаанагарала, ари акраҵанакуеит. Аҳәынҭдача аҭаразы аиқәшаҳаҭра еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны ратификациа азымухар, уи иҵоурам аҭагылазаашьа аҧнаҵоит. Убас иҟалеит, Урыстәылатәи аган ашҟа иҟаҳҵо аҳәарақәа еиҳахеит, дара иҟарҵо аасҭа. Дара иҟарҵо адгыларала ҳара зҭыҧ иқәаҳҵауа апроблемақәагьы еиҳаны иҳамоуп. Аиқәшаҳаҭраҿы иануп аргыларатә усурақәа зегьы аҧсуа ган шрықәыршаҳаҭхауа», – иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аекологиатә дҵақәа ирыҵаркуа акәзар, Бжьаниа иажәақәа рыла, урҭ аӡәгьы иаҧимхӡац. «Сара убраҟа ҩымчыбжьа схызгахьеит. Уаҟа иарбанзаалак аҵла аномер ҷыда амоуп. Аҵиаақәа зегьы ашәҟәы ҷыда ианҵоуп. Уи иахылаҧшуеит. Аҳәынҭдача иахьаҵанакуа Ҧицундатәи аҧсаҵлақәа рҭагылазаашьа акырӡа еиҕьуп, уи анҭыҵ аасҭа», – иациҵеит Ахада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me